https://sputnik-abkhazia.info/20250514/vladislav-arynba-dyrgaladyrsheit-alada-eshyra-1054920632.html
Владислав Арӡынба дыргәаладыршәеит Алада Ешыра
Владислав Арӡынба дыргәаладыршәеит Алада Ешыра
Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба – аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аԥсны раԥхьатәи ахада. Диит 80 шықәса раԥхьа, 1945 шықәса лаҵара 14 рзы. 14.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-14T12:41+0300
2025-05-14T12:41+0300
2025-05-14T12:43+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/0e/1054918843_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_46761de26e630928d33e03439fc122d9.jpg
АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik. Алада Ешыра Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵараз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит. Владислав Арӡынба ҭоурыхла иаҳзаанижьыз аҭынха ду ахьчареи аизырҳареи аус аҟны аџьабаа дуӡӡа азаҳбароуп ҳәа иҳәеит атәыла ахада Бадра Гәынба. "Иахьатәи абиԥара роума, уаҵәтәи аҳәынҭқарра амаҵ азызуа роума ашьаҿақәа инаҳагӡо зегьы иара имҩа дызнысыз ԥхьагәаҭара азуны ахымҩаԥгашьа ҳақәшәап ҳәа сгәы иаанагоит", — ҳәа иҳәеит иара.Гәынба иҳәеит Аладатәи Ешыра ақыҭан Владислав Арӡынба имузеи шаԥҵахо. Иара Аԥсны раԥхьатәи ахада имемориалтә комплекс иахәҭакны иҟалар акәын, аха аргылара макьана иалыршамхеит. "Ҳара иалшо зегьы ҟаҳҵоит, ари акомплекс хаҭәааны иҟаларц азы, досу зегьы алшара роурц иара иԥсҭазаараҿы дызныруаз артефактқәеи, амаҭәарқәеи, ашәҟәқәеи, аҭоурыхтә хҭысқәеи рбарц азы", — ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба.
https://sputnik-abkhazia.info/20250514/vladislav-arynba-iazhei-iaamei-1045759768.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/0e/1054918843_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_a432ba524fa2dffe5ff1bddf6f4946bb.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Владислав Арӡынба дыргәаладыршәеит Алада Ешыра
12:41 14.05.2025 (ирҿыцуп: 12:43 14.05.2025) Владислав Арӡынба – аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аԥсны раԥхьатәи ахада. Диит 80 шықәса раԥхьа, 1945 шықәса лаҵара 14 рзы.
АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik. Алада Ешыра Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵараз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы дыргәаладыршәарц уахь инеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа.
Владислав Арӡынба ҭоурыхла иаҳзаанижьыз аҭынха ду ахьчареи аизырҳареи аус аҟны аџьабаа дуӡӡа азаҳбароуп ҳәа иҳәеит атәыла ахада Бадра Гәынба.
"Иахьатәи абиԥара роума, уаҵәтәи аҳәынҭқарра амаҵ азызуа роума ашьаҿақәа инаҳагӡо зегьы иара имҩа дызнысыз ԥхьагәаҭара азуны ахымҩаԥгашьа ҳақәшәап ҳәа сгәы иаанагоит", — ҳәа иҳәеит иара.
Гәынба иҳәеит Аладатәи Ешыра ақыҭан Владислав Арӡынба имузеи шаԥҵахо. Иара Аԥсны раԥхьатәи ахада имемориалтә комплекс иахәҭакны иҟалар акәын, аха аргылара макьана иалыршамхеит.
"Ҳара иалшо зегьы ҟаҳҵоит, ари акомплекс хаҭәааны иҟаларц азы, досу зегьы алшара роурц иара иԥсҭазаараҿы дызныруаз артефактқәеи, амаҭәарқәеи, ашәҟәқәеи, аҭоурыхтә хҭысқәеи рбарц азы", — ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба.