https://sputnik-abkhazia.info/20250516/afestival-ldzaa-fest-magakhoit-gagra-araion-laa-ayan-1054946513.html
Афестиваль "Лдзаа Fest" мҩаԥгахоит Гагра араион Лӡаа ақыҭан
Афестиваль "Лдзаа Fest" мҩаԥгахоит Гагра араион Лӡаа ақыҭан
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 16 – Sputnik. Афестиваль "Лдзаа Fest" мҩаԥысуеит Гагра араион Лӡаа ақыҭан лаҵара 17 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аиҿкааҩцәа иреиуоу Софиа... 16.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-16T11:20+0300
2025-05-16T11:20+0300
2025-05-16T11:20+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/06/18/1051448906_0:160:3071:1887_1920x0_80_0_0_fd4fdb0466f3fcfa3c023084a854e832.jpg
АҞӘА, лаҵара 16 – Sputnik. Афестиваль "Лдзаа Fest" мҩаԥысуеит Гагра араион Лӡаа ақыҭан лаҵара 17 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аиҿкааҩцәа иреиуоу Софиа Дбарԥҳа."Ари аҩыза апроект раԥхьаӡа акәны имҩаԥаҳгоит. Аҭыԥқәа рацәахоит, аха урҭ зегьы аекологиа атема иадҳәалахоит. Ҳара Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи идҳарбар ҳҭахуп аекологиа ҳаԥсҭазаара аганқәа зегьы ишрыдҳәалоу", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Дбарԥҳа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/06/18/1051448906_171:0:2900:2047_1920x0_80_0_0_c6a6cce8241786a92c20a10b43522d72.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Афестиваль "Лдзаа Fest" мҩаԥгахоит Гагра араион Лӡаа ақыҭан
АҞӘА, лаҵара 16 – Sputnik. Афестиваль "Лдзаа Fest" мҩаԥысуеит Гагра араион Лӡаа ақыҭан лаҵара 17 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аиҿкааҩцәа иреиуоу Софиа Дбарԥҳа.
Апрограмма иаҵанакуеит аҭҵаарадырра-сахьаркыратә цәыргақәҵақәа, аԥсуа милаҭтә чысқәа рыҟаҵара иазку аҟазара-классқәа, анышәаԥшьлыхқәа рыҟаҵара, аефирхәшақәеи агидролатқәеи роура, анапҟазацәеи ақыҭанхамҩаарыхҩцәеи рцәыргақәҵақәа.
ААУ аректор ихаҭыԥуаҩ Роман Дбари Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра адиректор инапынҵақәа назыгӡо Сабина Лободеи аекологиа иазку алекциақәа ирыԥхьоит.
Аԥснытәи ауниверситет абиологиатә факультет арҵаҩцәа ашколхәыҷқәа рзы адәынтәи алабораториа аадыртуеит.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә копеллеи Лӡаа ақыҭантәи жәлар рмузыкатә рҳәагақәа рансамбль "Аԥхьарцеи" аконцертқәа мҩаԥыргоит.
"Ари аҩыза апроект раԥхьаӡа акәны имҩаԥаҳгоит. Аҭыԥқәа рацәахоит, аха урҭ зегьы аекологиа атема иадҳәалахоит. Ҳара Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи идҳарбар ҳҭахуп аекологиа ҳаԥсҭазаара аганқәа зегьы ишрыдҳәалоу", — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Дбарԥҳа.