https://sputnik-abkhazia.info/20250517/asni-aakhy-uastylei-rtylauaa-urystyla-atylauara-irmariany-irourazy-ausa-napaaup-1054960292.html
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылауаа Урыстәыла атәылауаҩра ирмарианы ироуразы аусԥҟа напаҵаҩуп
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылауаа Урыстәыла атәылауаҩра ирмарианы ироуразы аусԥҟа напаҵаҩуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Владимир Путин инапы аҵаиҩит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы ироуразы аусԥҟа. 17.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-17T13:22+0300
2025-05-17T13:22+0300
2025-05-17T13:22+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/16/1053868344_0:0:3157:1776_1920x0_80_0_0_58e90efb15e272eb8d0b135515db9abf.jpg
АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Владимир Путин инапы аҵаиҩит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы ироуразы аусԥҟа. Уи роур рылшоит 18 шықәса инеиҳаны изхыҵуа нанҳәамза 26 2008 шықәса рзы ареспубликақәа разхаҵара аныҟала аамҭазы Аԥсны ма Аахыҵ Уаԥстәыла ртәылауаҩра змаз, Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы арзаҳал аналарҵоз аҽны уи зцәымӡыз атәылауаа. Ареспубликақәа рҿы инхо атәылауаа арзаҳалқәа аларҵар рылшоит урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭақәа рҿы, Урыстәыла инхо арзаҳалқәа аларҵар рылшоит иахьҭаҩу ма фактла иахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра усбарҭаҿы. Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара алшоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи. Аусԥҟа амч аиуеит уи анкьыԥхьыз аҽны инаркны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/16/1053868344_190:0:2919:2047_1920x0_80_0_0_e1d9eedd6df7c2449f8932d8ba6dfa58.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Владимир Путин инапы аҵаиҩит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы ироуразы аусԥҟа.
Уи роур рылшоит 18 шықәса инеиҳаны изхыҵуа нанҳәамза 26 2008 шықәса рзы ареспубликақәа разхаҵара аныҟала аамҭазы Аԥсны ма Аахыҵ Уаԥстәыла ртәылауаҩра змаз, Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы арзаҳал аналарҵоз аҽны уи зцәымӡыз атәылауаа.
Ареспубликақәа рҿы инхо атәылауаа арзаҳалқәа аларҵар рылшоит урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭақәа рҿы, Урыстәыла инхо арзаҳалқәа аларҵар рылшоит иахьҭаҩу ма фактла иахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра усбарҭаҿы.
Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара алшоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи.
Аусԥҟа амч аиуеит уи анкьыԥхьыз аҽны инаркны.