https://sputnik-abkhazia.info/20250520/akhya-rdispanserizatsia-ialakhyz-aaymtsa-aayrt-bytsei-amedalei-ranashan-1054995491.html
Ахәыҷқәа рдиспансеризациа иалахәыз аҳақьымцәа аҳаҭыртә бӷьыцқәеи амедалқәеи ранашьан
Ахәыҷқәа рдиспансеризациа иалахәыз аҳақьымцәа аҳаҭыртә бӷьыцқәеи амедалқәеи ранашьан
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 20— Sputnik. Аԥсны амедицина аҿиараҿы рлагалеи, ахәыҷқәа ргәаҭареи иалахәыз аҳақьымцәа аҳаҭыртә бӷьыцқәеи амедалқәеи ранеишьеит атәыла... 20.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-20T18:24+0300
2025-05-20T18:24+0300
2025-05-20T18:25+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/14/1054983849_0:0:1920:1080_1920x0_80_0_0_ea684a352830c6da8a71a0a01bbff599.jpg
АҞӘА, лаҵара 20— Sputnik. Аԥсны амедицина аҿиараҿы рлагалеи, ахәыҷқәа ргәаҭареи иалахәыз аҳақьымцәа аҳаҭыртә бӷьыцқәеи амедалқәеи ранеишьеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.Быҭәба инаҵшьны иазгәеиҭеит, дара хымз рыҩнуҵҟа атәыла араионқәа зегьы рҟны ааԥсарада аус шыруаз. Уи иабзоураны апрофилактикатә гәаҭарақәа ирхыжьын 27-нызқьҩык ашколқәреи ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа.Ареспубликаҿы иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра амедицинатә усзуҩцәа аҳаҭыртә шәҟәқәа рырҭеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/14/1054983849_240:0:1680:1080_1920x0_80_0_0_8bb1d5e84a9579facd41a4879814116c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Ахәыҷқәа рдиспансеризациа иалахәыз аҳақьымцәа аҳаҭыртә бӷьыцқәеи амедалқәеи ранашьан
18:24 20.05.2025 (ирҿыцуп: 18:25 20.05.2025) АҞӘА, лаҵара 20— Sputnik. Аԥсны амедицина аҿиараҿы рлагалеи, ахәыҷқәа ргәаҭареи иалахәыз аҳақьымцәа аҳаҭыртә бӷьыцқәеи амедалқәеи ранеишьеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Быҭәба инаҵшьны иазгәеиҭеит, дара хымз рыҩнуҵҟа атәыла араионқәа зегьы рҟны ааԥсарада аус шыруаз. Уи иабзоураны апрофилактикатә гәаҭарақәа ирхыжьын 27-нызқьҩык ашколқәреи ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа.
"Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистррақәеи, "Жәлар рфронти", Ахәыҷқәа ргәабзиаразы амилаҭтә медицинатә центри Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд ацхыраарала еицырзеиԥшу аусура алҵшәа бзиақәа аанагеит, уи иааиуа ҳабиԥара ргәабзиара ахьчара иацхраауеит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.
Ареспубликаҿы иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра амедицинатә усзуҩцәа аҳаҭыртә шәҟәқәа рырҭеит.