https://sputnik-abkhazia.info/20250520/akhyty-araa-zauz-asny-atylauaa-aiuristt-tskhyraara-ryarazy-ausurat-gy-aoup-1054988820.html
Ан лмал зауз Аԥсны атәылауаа аиуристтә цхыраара рыҭаразы аусуратә гәыԥ аԥҵоуп
Ан лмал зауз Аԥсны атәылауаа аиуристтә цхыраара рыҭаразы аусуратә гәыԥ аԥҵоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 20— Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩра зманы, Урыстәылатәи Афедерациаҿы ахәыҷтәы ԥарақәеи ан лмали зауз Аԥсны атәылауаа аиуристтә цхыраара рыҭаразы... 20.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-20T14:08+0300
2025-05-20T14:08+0300
2025-05-20T15:39+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/1c/1050292244_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_0b7545572b6f4cba61abecca831e939b.jpg
АҞӘА, лаҵара 20— Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩра зманы, Урыстәылатәи Афедерациаҿы ахәыҷтәы ԥарақәеи ан лмали зауз Аԥсны атәылауаа аиуристтә цхыраара рыҭаразы аусбарҭабжьаратәи аусуратә гәыԥ аԥҵоуп.Абри атәы Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы иҳәеит аԥыза-министр Владимир Делба.Делба иажәақәа рыла, аусуратә гәыԥ аҭакԥхықәрақәа иреиуоуп атәылауаа ацхыраара рыҭара, азакәан еилагарақәа ирызку адыррақәа реизгареи анализ рзуреи.Мышқәак раԥхьа Аԥсны Жәлар Реизара аҿы иалацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаҩрақәа змоуи, Урыстәыла ахәыҷтәы цхыраагӡеи "Ан лмали" зауз атәылауаа зықәшәаз азинтә уадаҩрақәа. Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥснынтәи аҳәса Урыстәыла ахәыҷқәа рзы аԥаратә цхыраагӡеи егьырҭ ашәарақәеи закәаншьаҭада роура иахҟьаны ашьаусқәа рганахьала ахара рыдҵара иаҿуп ҳәа адыррақәеи ааԥхьарақәеи ыҟоуп. Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵара инақәыршәаны, ахәыҷқәа рзы аԥаратә цхыраара аиуразы азин рымоуп Урыстәылатәи Афедерациаҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо урыстәылауаа. Азыҳәаҩи ахәыҷи амзартә шықәс аҩнуҵҟа 180 уахи-ҽни инареиҳаны аҳәаанырцә инхозар, урҭ ацхыраара аиураз азин рцәыӡуеит. Ани ахәыҷи Урыстәыла инхо-инҵуа ргәаҭара мҩаԥысуеит, ахәыҷқәа арегион аҿы иҟоу ашколқәраҟынӡатәи аусбарҭақәеи амедицинатә усбарҭақәеи рҿы ашәҟәы иҭагалоу-иҭагаламу аилкаарала.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/1c/1050292244_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_0eacf878a3c81d3eb341838a1060b1c2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
АҞӘА, лаҵара 20— Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩра зманы, Урыстәылатәи Афедерациаҿы ахәыҷтәы ԥарақәеи ан лмали зауз Аԥсны атәылауаа аиуристтә цхыраара рыҭаразы аусбарҭабжьаратәи аусуратә гәыԥ аԥҵоуп.
Абри атәы Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы иҳәеит аԥыза-министр Владимир Делба.
Аусуратә гәыԥ наԥхгара аиҭоит асоциалтә еиқәыршәара аминистр Руслан Аџьба, иара убасгьы иалахәхоит: адепутатцәа Дауҭ Хәытабеи Рашида Аиԥҳаи, аиустициа аминистр Анри Барцыци, апрокуратура хада аусеилыргаратә ҟәша аиҳабы Ҭамила Бигәааԥҳаи, Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алхас Чычбеи.
Делба иажәақәа рыла, аусуратә гәыԥ аҭакԥхықәрақәа иреиуоуп атәылауаа ацхыраара рыҭара, азакәан еилагарақәа ирызку адыррақәа реизгареи анализ рзуреи.
Мышқәак раԥхьа Аԥсны Жәлар Реизара аҿы иалацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаҩрақәа змоуи, Урыстәыла ахәыҷтәы цхыраагӡеи "Ан лмали" зауз атәылауаа зықәшәаз азинтә уадаҩрақәа.
Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥснынтәи аҳәса Урыстәыла ахәыҷқәа рзы аԥаратә цхыраагӡеи егьырҭ ашәарақәеи закәаншьаҭада роура иахҟьаны ашьаусқәа рганахьала ахара рыдҵара иаҿуп ҳәа адыррақәеи ааԥхьарақәеи ыҟоуп. Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵара инақәыршәаны, ахәыҷқәа рзы аԥаратә цхыраара аиуразы азин рымоуп Урыстәылатәи Афедерациаҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо урыстәылауаа. Азыҳәаҩи ахәыҷи амзартә шықәс аҩнуҵҟа 180 уахи-ҽни инареиҳаны аҳәаанырцә инхозар, урҭ ацхыраара аиураз азин рцәыӡуеит.
Ани ахәыҷи Урыстәыла инхо-инҵуа ргәаҭара мҩаԥысуеит, ахәыҷқәа арегион аҿы иҟоу ашколқәраҟынӡатәи аусбарҭақәеи амедицинатә усбарҭақәеи рҿы ашәҟәы иҭагалоу-иҭагаламу аилкаарала.