Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаа хылаԥшра ззыруа ахырхарҭақәа шьақәырӷәӷәоуп
© Sputnik / Томас Тхайцук Кабинет Министров Абхазии

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 20— Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаа хылаԥшра ззыруа ахырхарҭақәа шьақәырӷәӷәоуп.
Аԥыза-министри уи ихаҭыԥуааи рыбжьара аҭакԥхықәрақәа реихшаразы лаҵара 15 рзы адҵа инапы аҵаиҩит аиҳабыра рнапхгаҩы Владимир Делба.
Владимир Делба аусура ҳәаақәиҵуеит:
Афинансқәа рминистрра,
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра,
Атәылахьчара аминистрра,
Аиустициа аминистрра,
Агәабзиарахьчара аминистрра,
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра,
Аҵара аминистрра,
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы,
Акапиталтә ргыларатә маҵзура,
Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа.
Џьансыхә Нанба аусура ҳәаақәиҵуеит:
Аекономика аминистрра,
Аенергетика аминистрра,
Акультура аминистрра,
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы,
Ацифратә ҿиареи, аимадареи, амассатә коммуникациақәеи рзы аҳәынҭқарратә еилакы,
Астандартқәеи, ахархәаратәи атехникатәи хылаԥшреи рзы аҳәынҭеилакы,
Аҳәынҭқарратә статистикатә еилакы,
Аҳәынҭқарратә мазара анапхгареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә еилакы,
Аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рыхьчаразы аҳәынҭқарратә усбарҭа.
Роберт Кьиут аусура ҳәаақәиҵуеит:
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистрра,
Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура.
Ҭарашь Ҳагба аусура ҳәаақәиҵуеит:
Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы,
Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы.
Вараздат Миносиан аусура ҳәаақәиҵуеит:
Ақыҭанхамҩа аминистрра,
Аԥсны Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра,
Атуризм аминистрра,
Аекологиеи аԥсабара ахархәареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы,
Абнанхамҩатә аҳәынҭқарратә усбарҭа,
Адгьылхархәареи акадастри рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа,
Архитектуреи ақалақьтә ҿиареи рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа
Аҳәынҭқарратә ветеринартә маҵзура,
Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа.
Аминистрцәа реилазаара аилазаашьа шьақәирӷәӷәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба мшаԥы 18 рзы.