00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:34
26 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:33
27 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:34
16 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:34
16 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Апрокурор хада Адгәыр Агрба аколлектив дыдирдырит Жәлар Реизара лаҵарамза 20 рзы имҩаԥгаз аилатәараҿы ишьақәнарӷәӷәеит Агрба икандидатура. 2019-2024 шықәсқәа рзы Агрба азинхьчаратә усбарҭа ахадас дыҟан."Хәышықәсатәи шәусеицура алшара шәнаҭоит Адгәыр Нугзар-иԥа иусқәеи изанааҭтә ҟазшьақәеи реилкааразы. Агәра ганы сыҟоуп, аусураҿы уаанӡа иҟаз ауадаҩрақәеи агхақәеи зегьы, аԥышәа ҳасаб азуны, ишыриашахо", — ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахада ҿыц Дмитри Дбар аколлектив дыдирдырит Гәынба иазгәеиҭеит Дбар уажәаԥхьа АШәМ аҟны аус шиухьаз."Шәара шәус хықәкыла — ҳҳәынҭқарра аиқәырхареи, ашәарҭадара ахьчареи ирзырхоуп. АШәМ аколлектив есымшагьы рҿаԥхьа иқәыргылаз ахыдҵақәа зегьы ҳаракыла инарыгӡон, ԥхьаҟагьы ус иҟалоит ҳәа сақәгәыӷуеит", — иҳәеит Гәынба.
Лаҵара 21 рзы Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара амш азгәарҭоит.Иахьа Аԥсны имҩаԥгахоит агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.Асааҭ 13:00 рзы — Борис Ашәба ицәыргақәҵа "Ҩ-ԥшаҳәак рыбжьара" аатит Асааҭ 19:30 рзы — Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа аҟынтәи Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз рбаҟа аҟынӡа аҿар рныҟәара алагоит.Асааҭ 20:00 рзы — Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара.Асааҭ 20:30 рзы имҩаԥгахоит— агәалашәаратә цәашьы "Ашьамаҟа", ар рымцеиқәҵара, ашәҭырқьақьақәа аӡы рыхҵара.Иара убас, лаҵара 23 рзы Аҟәа ақалақь аҿы атлетика ласы азы "Нарҭаа реиԥхныҩлара ду" мҩаԥысраны иҟоуп.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Роман Џьниа ишьра инадҳәаланы азыӡба рыланаҳәеит.Ларик Џьниа ауаҩшьреи, закәаншьаҭада абџьар аахәареи, аҵәахреи, аныҟәгареи рзы ахара идҵан. Иара 10 шықәса зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы ҭакрала ихигарц иқәҵоуп, уа иҟазаара аамҭа данааныркылаз 2022 шықәса ԥхынгәы 14 инаркны иԥхьаӡоуп ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.Аӡбарҭа Ҭамаз Аџьба ауаҩшьраҿы ацхыраара ҟаиҵеит ҳәа ахара идҵаны, зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы 7,5 шықәса аҭакра иқәнаҵеит. Аколониаҿы иҟазаара аҿҳәара данааныркыла – 2023 шықәса цәыббра 7 инаркны иԥхьаӡахоит.
Очамчыра араион Мықә ақыҭан акриптовалиута арҳаразы амаругақәа жәаба рымырхит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.Араион аҩнуҵҟатәи аусқәа ашьаусԥшааратә ҟәшеи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә маҵзуреи русзуцәа амаругақәа рыԥшааит Иа Пачкориа дахьынхо аҭыԥ аҿы. Аԥсны акриптовалиута арҳареи амаининг хархәагақәа атәыла ралагалареи рзы азинҟамҵара аҿҳәара инахоуп 2026 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа.
Аԥсны хымш ԥсшьарамшқәоуп.Ахәашаҽны, лаҵарамза 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Ацқьа Симон Канатәи игәаларшәара амш.Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи — Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп. Аԥшьаҩырақәа ишырҳәо ала, I ашәышықәса азбжазы Аԥсныҟа дааит, Ԥсырӡха аӡиас аԥсҭаҿы ацҳаражәҳәаҩ агәаҟраԥсра идикылеит. Иара анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы IV ашәышықәсазы ихьӡала ауахәама дыргылеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0