00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Актуальный комментарий
14:33
8 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Такие обстоятельства
18:34
14 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Такие обстоятельства
21:34
14 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азгәарҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДень памяти жертв кавказской войны
День памяти жертв кавказской войны - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2025
Анапаҵаҩра
Адунеи зегь аҟны аԥсуа хылҵшьҭрақәа есышықәса Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш азгәарҭоит лаҵара 21 рзы. Аԥсны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра, Очамчыра, Гал.
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Аԥсны ақалақьқәа рҿы Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара амш азгәарҭеит.
Аҟәа амҳаџьырқәа ргәалашәара иазку аныҟәара иалагеит аԥшаҳәа аҟынтәи. Акциа алахәылацәа аԥсуеи адыгеи бираҟқәа, аҵәыџьмцақәа кны Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынтәи амҳаџьырцәа рбаҟа аҟынӡа инеит.
Амҳаџьырцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, атәыла аиҳабыра алахәылацәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа, ауаажәларра.
Анаҩс абаҟа аҿаԥхьа Ашьамаҟа рблит, итрадициатәу Нарҭаа рымца еиқәырҵеит. Агәаларшәаратә усмҩаԥгатә ахыркәшамҭазы, уи алахәылацәа ашәҭқәеи ашәҭрқьақьақәеи амшын ихырҵеит.
Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит Гәдоуҭа араион аҿгьы.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит араион анапхгара, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа, ауаажәларра.
Зыԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа мҳаџьырра ацара зықәшәаз Аԥсны ауааԥсыра ргәалашәара иазку амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Очамчыра ақалақь аҿы амҳаџьырцәа ргәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит. Уи иалахәын араион ахадара ахаҭарнакцәа, ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи. Дара амца еиқәырҵеит, ашәҭрқьақьақә амшын ихырҵеит. Ашколхәыҷқәа зыԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа ицаз амҳаџьырцәа ирызкны ҿырҳәала ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
Иара убас, Гагра Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз ргәаладыршәеит. Амҳаџьырцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара иазкны имҩаԥгаз аусмҩаԥгатә иалахәын атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, араион анаԥхгара, ашколхәыҷқәа, ауаажәларра.
Кавказтәи аибашьра 1864 шықәса лаҵара 21 азы ихыркәшахеит. Уи ашьҭахь зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Османтәи аимпериахь нхара ҳәа ииасыр акәхеит. Урҭ рахьынтәи ирацәаҩуп амҩан иҭахаз.
Экспозиция Родовое дерево, посвященная жертвам Кавказской войны, открылась в музее истории зарубежных абхазов имени Омара Бейгуаа в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2025
Аԥсны
Аҟәа Беигәаа ихьӡ зху амузеи аҟны иаатит "Ашьҭраҵла" ацәыргақәҵа
Ажәабжьқәа зегьы
0