https://sputnik-abkhazia.info/20250523/ab-ignati-kiut-apostol-simon-kananit-asnya-iaara-aaky-oup-1055036250.html
Аб Игнати (Кьиут): апостол Симон Кананит Аԥсныҟа иаара аҵакы ӷәӷәоуп
Аб Игнати (Кьиут): апостол Симон Кананит Аԥсныҟа иаара аҵакы ӷәӷәоуп
Sputnik Аҧсны
Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго дыргәаладыршәоит апостол Симон Кананит. Ацқьа Симон Кананит имш азгәаҭара аԥсуа иашахаҵаратә уахәама аныҳәа... 23.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-23T10:00+0300
2025-05-23T10:00+0300
2025-05-23T11:59+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/16/1055036378_0:0:3092:1739_1920x0_80_0_0_917db1ca1c945c160ee3b511dd87075c.jpg
Аб Игнати (Киут): апостол Симон Кананит Аԥсныҟа иаара аҵакы ӷәӷәоуп
Sputnik Аҧсны
Аб Игнати (Киут): апостол Симон Кананит Аԥсныҟа иаара аҵакы ӷәӷәоуп
Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго дыргәаладыршәоит апостол Симон Кананит. Ацқьа Симон Кананит имш азгәаҭара аԥсуа иашахаҵаратә уахәама аныҳәа хадақәа ируакуп, аҳәынҭқарраҿы ԥсшьарамшуп. Ари аныҳәа аҵакы, ақьырсиан динхаҵара ҳтәылаҿы ишышьақәгылаз дазааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҟны Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аб Игнати (Киут).Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.Қьырса ицҳаражәҳәаҩцәа зынӡа хҩык ршьапы ықәдыргылеит Аԥсны: Андреи Аԥхьанаԥхьа, Симон Кананит, иара убас Матфи. Адинхаҵараҿы излаԥхьаӡоу ала, дара доуҳала ироуз адырра рхы иархәаны, ажәларқәа Анцәа иажәа рызнаргон дасу излараҳашаз рхатәы бызшәала. Аԥсуаа ирацәажәон аԥсышәала. Ус анакәха, Симон Кананити ҳабдуцәеи еилибакаауан. Кавказ иахьаҵанакуа ақьырсианра ахы ахьакыз дгьылуп Аԥсны, хықәкылагьы ажәытә Питиунт ақалақь, IV ашәышықәса алагамҭазы ара аԥскәабаз иҭыԥ ылхны дтәахьан. 325 шықәсазы Пицундатәи аԥскәабаз Стратофил аурым император Константин I ирылеиҳәаз Раԥхьаӡатәи Ақьырсиан Еизара ду далахәын, Никеиа (иахьатәи Изниқ, Ҭырқәтәыла). Урҭ аамҭақәа инадыркны шәышықәсала Аԥсны идыргылон ақьырсиан ныхақәа.Иахьазы еибганы, ма зышьҭамҭа нханы иҟоу рхыԥхьаӡара 200 инарзынаԥшуеит, шамахамзар қыҭацыԥхьаӡа иуԥылоит. Ҳаамҭанӡа иааз ахаҳә иалху аныхабаақәа роуп, амҿы иалху аныхақәагьы ыҟазар акәхарын, аха урҭ рынҵыра усҟак иаухомызт. Ацқьа Симон Кананит ихьӡала аԥхьа иргылаз аныхабаагьы IV ашәышықәса иатәын, иахьа игылоу — X ашәышықәса иаҵанакуеит. Лаҵарамза 23 рзы ныҳәаны иазгәарҭоит ацьқьа игәалашәара амш.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/16/1055036378_244:0:2975:2048_1920x0_80_0_0_b21f1b9c8edd41cc75ec6a50785ab0ad.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго дыргәаладыршәоит апостол Симон Кананит. Ацқьа Симон Кананит имш азгәаҭара аԥсуа иашахаҵаратә уахәама аныҳәа хадақәа ируакуп, аҳәынҭқарраҿы ԥсшьарамшуп. Ари аныҳәа аҵакы, ақьырсиан динхаҵара ҳтәылаҿы ишышьақәгылаз дазааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҟны Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аб Игнати (Киут).
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Қьырса ицҳаражәҳәаҩцәа зынӡа хҩык ршьапы ықәдыргылеит Аԥсны: Андреи Аԥхьанаԥхьа, Симон Кананит, иара убас Матфи. Адинхаҵараҿы излаԥхьаӡоу ала, дара доуҳала ироуз адырра рхы иархәаны, ажәларқәа Анцәа иажәа рызнаргон дасу излараҳашаз рхатәы бызшәала. Аԥсуаа ирацәажәон аԥсышәала. Ус анакәха, Симон Кананити ҳабдуцәеи еилибакаауан.
Кавказ иахьаҵанакуа ақьырсианра ахы ахьакыз дгьылуп Аԥсны, хықәкылагьы ажәытә Питиунт ақалақь, IV ашәышықәса алагамҭазы ара аԥскәабаз иҭыԥ ылхны дтәахьан. 325 шықәсазы Пицундатәи аԥскәабаз Стратофил аурым император Константин I ирылеиҳәаз Раԥхьаӡатәи Ақьырсиан Еизара ду далахәын, Никеиа (иахьатәи Изниқ, Ҭырқәтәыла). Урҭ аамҭақәа инадыркны шәышықәсала Аԥсны идыргылон ақьырсиан ныхақәа.
Иахьазы еибганы, ма зышьҭамҭа нханы иҟоу рхыԥхьаӡара 200 инарзынаԥшуеит, шамахамзар қыҭацыԥхьаӡа иуԥылоит. Ҳаамҭанӡа иааз ахаҳә иалху аныхабаақәа роуп, амҿы иалху аныхақәагьы ыҟазар акәхарын, аха урҭ рынҵыра усҟак иаухомызт. Ацқьа Симон Кананит ихьӡала аԥхьа иргылаз аныхабаагьы IV ашәышықәса иатәын, иахьа игылоу — X ашәышықәса иаҵанакуеит. Лаҵарамза 23 рзы ныҳәаны иазгәарҭоит ацьқьа игәалашәара амш.