00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Анхаҩцәа рыкәашара" – атрадициеи ҳаамҭеи

© Sputnik / Томас ТхайцукКонцерт Еицыкуашоу в филармонии
Концерт Еицыкуашоу в филармонии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2025
Анапаҵаҩра
Аамҭақәа рҽырыԥсахуеит, аха атрадициақәа шыҟац иаанхоит, аамҭа аҽақәыршәаны ԥсахрақәак рыланагалозаргьы. Ушьа-уда иалоу ыӡшьа амаӡам, уи уара иуцит, уцәа иалоуп, ахала аҽунардыруеит ианаамҭоу. Избанзар уи уара уԥсҭазаара ахаҭоуп!
Жәлар рыкәашарақәа аԥызҵаз дара ажәлар рхаҭа роуп, урҭ иаадырԥшуагьы рыԥсҭазаара, рынхашьа-нҵышьа ауп, рмилаҭтә ҟазшьақәа. Зеиӷь аҭамкәа жәлар рынхашьа аазырԥшуа иреиуоуп "Анхаҩцәа рыкәашара". Иахьа шамахамзар, акәашаратә ансамбльқәа рҟынгьы уи имаҷны инарыгӡоит, "Ачара кәашарахь" ииасыз еиҳауп. Убри аан аџьа иазку акәашарақәа (ашәақәа реиԥш) зегь реиҳа ижәытәтәиқәоу рахь иԥхьаӡоуп.
Юбилейный концерт ансамбля Кавказ - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2023
Аԥсны
"Ашьац иламгыло ауаҩы": архаикатә ҟазшьа змоу аԥсыуа кәашарақәак рышьаҭа иазкны
"Анхаҩцәа рыкәашара" иаанарԥшуеит адгьылқәаарыхра атема. Иахьа издыруа маҷуп, аха ажәытәан уи амзартә циклқәа ирықәыршәаны инарыгӡон. Ааԥынразы – адгьылқәаарыхра напы анадыркуаз, аԥхынразы – уи аизҳазыӷьара, ҭагалан азы – ҽаҩраҭагалара ахыркәшара иасимволны.
Угәы иамыхәар залшом аҿар есааира рытрадициақәа иахьрызхьаԥшуа, рҭоурых аҟәыҵәақәа еизганы иҿыцны рыԥсы ахьырхарҵо, аиҳаракгьы уи ахәыҷқәа ианрыларааӡо.
2025 шықәсазтәи аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы иазкыз аушьҭымҭацәа рықәгыларақәа рҿы даҽа блак ала ирҿыцны аԥсы ахаҵаны иаарԥшын абри зыӡбахә сымоу "Анхаҩцәа рыкәашара". Уи нарыгӡеит Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ 4-тәи "А" акласс аҵаҩцәа. Ари акәашара аҵаҩцәа ирзықәиргылеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура ҵараиурҭа "Ахореографиа" аҟәша аушьҭымҭа, 2005–2012 шықәсқәа рзы Уасил Царгәыш ихьӡ зху Аԥсны Зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи Аҳәынҭқарратә ансамбль артист Алхас Ломиа.
© Foto / Валя Попова

"Анхаҩцәа рыкәашара" - инарыгӡоит Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ 4-тәи "А" акласс аҵаҩцәа

"Анхаҩцәа рыкәашара" - инарыгӡоит Б.У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ 4-тәи "А" акласс аҵаҩцәа - Sputnik Аҧсны
1/3

2/3

3/3

Азыҟаҵаҩ илшеит ари акәашара аҵакы изирҵоз рызнагара, дара кәашаҩцәаны ишыҟамызгьы уи аарԥшра рылшеит. Саргьы сахьахәаԥшуаз иаасгәаланаршәеит фольклортә материалк ацәаҳәақәа, уи акәхеит ари анҵамҭа аԥҵара иашьагәыҭхазгьы.
117 шықәса зхыҵуаз Ҭарқәықә Мажьагәа-иԥа Адлеиба абас дахцәажәеит аԥсуа кәашара:
"Хәажәкыншьҭахь, ааԥын ԥымкрыда ианаақәлашоз, агәылацәа аӡӷабцәа џьара рҽааизыргон. Иԥшӡаны рҽеиларҳәон. Аҷкәынцәа ирымбартә рыҽӡаны ӡыхьк иазцон. Дасу еилаџьгәаны иркуп каканк-каканк иаҟароу ацәа. Аӡыхь иакәшан иаагылоит. Рнапқәа еибаркны ашәа аацәырыргоит, аӡыхь иакәшо икәашоит. Нас еибарыҩны аӡыхь инхықәыххылоит. Ацәа ахәашақәа амырҷҷаны аӡыхь инҭарыԥсоит. Нас акәашара иналагоит… Ҳарҭ арԥарцәагьы урҭ ҳрызкылԥшуеит. "Зхәаша хнаҵаз" (ацәа ихырыԥсалаз руак аӡы ианҩанагалак. – Е.Ҭ.) данаардырлак, дара рахь ҳаацәырҟьоит. Аҳәсахәыҷқәа еимбӷьыжәааны иҩуеит, аха аӡә лаҟара дмышьҭыкәа даанаҳкылоит. Нас егьырҭгьы хынҳәуеит, ашәаҳәара ҳалагоит, акәашарагьы ҳарҿыцуеит", – абас абри ажәабжьҳәаҩ еиҭеиҳәоз асахьа уаԥхьа иаацәырҵуеит ари акәашара уанахәаԥшуа.
Ақәыргыламҭа ишунарбо ала, ааԥынтәи аҿиара, аизҳазыӷьара аазырԥшуа иазку "Анхаҩцәа рыкәашара" ауп ари. Иара аритмикагьы иаҵоу амузыкагьы ихиаала ҭынч ицоит, аԥсабара абжьы иацышьҭыҵуа. Ҳаамҭазы ас еиԥш ахәыҷтәы кәашара ақәыргылара ҳҭоурых ҳатрадициақәа рахь ҳхьазырԥшуа, ҳшьа-ҳда зырҿыхо акоуп.
Праздничный концерт ансамбля Афыртын - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2022
Аԥсны
"Ауапа зшьапы ықәҵыз дбылуеит": аԥсыуа кәашарақәак рыхҳәаа
Ажәабжьқәа зегьы
0