https://sputnik-abkhazia.info/20250524/aa-iaatit-xviii-arespublikat-ashkolt-spartakiada-1055053981.html
Аҟәа иаатит XVIII Ареспубликатә ашколтә спартакиада
Аҟәа иаатит XVIII Ареспубликатә ашколтә спартакиада
Sputnik Аҧсны
Аспартакиада мҩаԥысуеит лаҵара 24 инаркны рашәара 19 рҟынӡа, уи иалахәуп Аԥсны араионқәа зегьы рҟныти 1200-ҩык рҟынӡа ашколхәыҷқәа. 24.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-24T15:45+0300
2025-05-24T15:45+0300
2025-05-24T20:34+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аспорт
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/18/1055053636_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_3ae8bf46c9a6b400c0ce3562b677c8e0.jpg
АҞӘА, лаҵара 24 — Sputnik. Аҟәа ареспубликатә стадион аҟны иаатит XVIII Ареспубликатә ашколтә спартакиада. Иара азкуп Аиааира 80 шықәса ахыҵреи Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵреи. Аспартакиада аартра рхы аладырхәит Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба, уи ихаҭыԥуаҩ Вараздат Маносиан, аҵарадырра аминистр Хана Гәынԥҳа, Аҟәа ақалақь аҵараусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа. Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа ашколхәыҷқәа аспартакиада алагара рыдныҳәало ақәҿиарақәа рзеиӷьалшьеит. Аспартакиада иалахәуп Аԥсны араионқәа зегьы рҟныти 1200-ҩык рҟынӡа ашколхәыҷқәа. Дара еицлабуеит 14 спорттә хкқәа рыла. Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит лаҵара 24 инаркны рашәара 19 рҟынӡа. Иара еиҿнакааит Аԥсны аҵара аминистрра.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/18/1055053636_161:0:1121:720_1920x0_80_0_0_628a2e3b740282ab56eca986cc2e02a2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аспорт
ажәабжьқәа, аԥсны, аспорт
Аҟәа иаатит XVIII Ареспубликатә ашколтә спартакиада
15:45 24.05.2025 (ирҿыцуп: 20:34 24.05.2025) Аспартакиада мҩаԥысуеит лаҵара 24 инаркны рашәара 19 рҟынӡа, уи иалахәуп Аԥсны араионқәа зегьы рҟныти 1200-ҩык рҟынӡа ашколхәыҷқәа.
АҞӘА, лаҵара 24 — Sputnik. Аҟәа ареспубликатә стадион аҟны иаатит XVIII Ареспубликатә ашколтә спартакиада.
Иара азкуп Аиааира 80 шықәса ахыҵреи Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵреи.
Аспартакиада аартра рхы аладырхәит Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба, уи ихаҭыԥуаҩ Вараздат Маносиан, аҵарадырра аминистр Хана Гәынԥҳа, Аҟәа ақалақь аҵараусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.
"Шәара иахьа аспорт аҟны ишәымоу шәԥышәа, шәеихьӡарақәа, шәыгәаӷьра ҳшәырбоит. Сара исҭахуп иахьатәи амш ахҭыс лашақәа рыла ҳгәалашәараҿы иаанхарц, зегь раԥхьаӡа иргыланы аиҩызарала, аихьӡара ҿыцқәа рыла, шәеизыҟазаашьа бзиақәа рыла", — ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр Владимир Делба.
Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа ашколхәыҷқәа аспартакиада алагара рыдныҳәало ақәҿиарақәа рзеиӷьалшьеит.
Аспартакиада иалахәуп Аԥсны араионқәа зегьы рҟныти 1200-ҩык рҟынӡа ашколхәыҷқәа. Дара еицлабуеит 14 спорттә хкқәа рыла.
Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит лаҵара 24 инаркны рашәара 19 рҟынӡа. Иара еиҿнакааит Аԥсны аҵара аминистрра.