https://sputnik-abkhazia.info/20250526/aa-aala-akhada-ikhayua-yts-konstantin-arba-akollektiv-dyddyrdyrit-1055072242.html
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ ҿыц Константин Ҭарба аколлектив дыддырдырит
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ ҿыц Константин Ҭарба аколлектив дыддырдырит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ ҿыц Константин Ҭарба аколлектив дыддырдырит. 26.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-26T14:20+0300
2025-05-26T14:20+0300
2025-05-26T16:40+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/1a/1055069450_0:0:901:506_1920x0_80_0_0_ab3e73567da68cc171243b22704c3b66.jpg
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ ҿыц Константин Ҭарба аколлектив дыддырдырит. Ҭарба ақалақь акоммуналтә системеи ақалақь аргылареи ирыдҳәалоу зегьы хылаԥшра рзиулоит ҳәа азгәеиҭеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба. Ҭарба аусура далагеит 2009 шықәсазы аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныргылара" иатәу "Аҟәаргылара" аҟны махәҿалаусуҩыс. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы усуҩыс, аучасток аиҳабыс, "Аԥсныргылара" анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс, анапхгаҩыс дыҟан. 2015-2016 шықәсқәа рзы "Аԥсныҟәарахьчара" адиректор хадас дыҟан. 2016-2019 шықәсқәа рзы "Донелитстрои" адиректор хадас дыҟан. 2019 шықәса инаркны иахьанӡа "Главстрои" – адиректор хада.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/1a/1055069450_49:0:849:600_1920x0_80_0_0_e09f08b0c35e65f28c24fbc68583b694.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ ҿыц Константин Ҭарба аколлектив дыддырдырит
14:20 26.05.2025 (ирҿыцуп: 16:40 26.05.2025) АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ ҿыц Константин Ҭарба аколлектив дыддырдырит.
Ҭарба ақалақь акоммуналтә системеи ақалақь аргылареи ирыдҳәалоу зегьы хылаԥшра рзиулоит ҳәа азгәеиҭеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба.
"Константин Ҭарба занааҭла дыргылаҩуп, аԥышәа ду имоуп, аҳәынҭқарратә ргыларатә структурақәагьы уахь иналаҵаны. Уи аганахьала аус дуқәа ҳаԥхьа ишьҭоуп, иԥышәа алҵшәа бзиақәа аанашьҭуеит ҳәа сгәы иаанагоит", — иҳәеит Агрба.
Ҭарба аусура далагеит 2009 шықәсазы аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныргылара" иатәу "Аҟәаргылара" аҟны махәҿалаусуҩыс. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы усуҩыс, аучасток аиҳабыс, "Аԥсныргылара" анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс, анапхгаҩыс дыҟан.
2015-2016 шықәсқәа рзы "Аԥсныҟәарахьчара" адиректор хадас дыҟан. 2016-2019 шықәсқәа рзы "Донелитстрои" адиректор хадас дыҟан. 2019 шықәса инаркны иахьанӡа "Главстрои" – адиректор хада.