https://sputnik-abkhazia.info/20250527/1055089124.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
27.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-27T18:01+0300
2025-05-27T18:01+0300
2025-05-27T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/1b/1055088992_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_a9dffb05b19c4008d8cceb5bbe4cfdce.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аицлабра "Аԥсны акоманда" хацыркын Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин инапынҵала, уи азы аҳәара ҟаиҵеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Уи "Урыстәыла аԥхьагылаҩцәа" амодель ала инагӡан ҳәа азгәеиҭеит Ахылаԥшратә хеилак аилатәараҿы апрезиденттә платформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" адиректор хада Андреи Бетин."Ҳара ҳазгәдуны "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" аплатформа ашьаҭала иаԥаҳҵаз аметодикақәеи атехнологиақәеи шәымаадоит”, — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аицлабра "Аԥсны акоманда" аҿы аиааира згаз, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы Маиа Цыбулевскаиа анапхгараҭаратә ҟазарҭа "Сенеж" алахәхара ареспублика зегьы азы аҵак ду змоу зеиԥшыҟам лшараны иазгәалҭеит. "Ҳәарада, ҳара Ҳаԥсадгьыл аизҳазыҕьаразы аус аауеит, ус анакәха, иаҳҭахуп ҳтәыла аԥсҭазаара аиҕьтәра иазырхоу иаку амч, анапхгаратә ҟазшьақәа реидкылара, иҷыдоу астратегиақәа раԥҵара", - ҳәа азгәалҭеит Цыбулевскаиа. Аицлабра "Аԥсны акоманда" жәабранмза 12 рзы ихацыркхеит. 3 000-ҩык инареиҳаны азыҳәақәа ҟарҵеит.
Ҩышықәса ирылагӡаны афымцадәыӷба "Диоскуриа" амаршрут арҭбаауеит: Шәачеи Аҟәеи рҳаирбаӷәазақәа еиднакыло иҟалоит ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Лаҵара 1 азы Сириус аҟынтәи Аԥсныҟа ибжьало афымцадәыӷба "Диоскуриа раԥхьаӡа акәны имҩасит. "Ҳара агәыӷра ҳамоуп Шәачатәи аҳаирбаӷәазеи Аҟәатәи аҳаирбаӷәазеи реимадаразы ари адәыӷба амаршрут агеографиа арҭбаара ҳалшап ҳәа. Уажәы ҳколлегацәеи ҳареи аихамҩақәа ринфраструктура ареконструкциа анапалакра атәы ҳалацәажәоит. Сгәы иаанагоит шықәсыки бжаки ҩышықәсеи рыҩнуҵҟа арҭ аҩҳаирбаӷәазак еихамҩала еимаадап ҳәа", — иҳәеит Кавказтәи аинвестициатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны ТАСС иеиҭаз аинтервиу аҿы Гәынба.
Гәдоуҭатәи авокзал азааигәара авариатә ҭагылазаашьа аԥызҵаз амашьынарныҟәцаҩ аныҟәцаратә зин шықәсыбжак ҳәа имхуп. Жәандәрыԥшь ақыҭан инхо Амир Амҷба Ԥсоутәи ахырхарҭала ареспубликатә мҩаду аҿы аныҟәаратә ԥҟарақәа еилеигеит ҳәа аанацҳауеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аицлабра "Аԥсны акоманда" хацыркын Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин инапынҵала, уи азы аҳәара ҟаиҵеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Уи "Урыстәыла аԥхьагылаҩцәа" амодель ала инагӡан ҳәа азгәеиҭеит Ахылаԥшратә хеилак аилатәараҿы апрезиденттә платформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" адиректор хада Андреи Бетин."Ҳара ҳазгәдуны "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" аплатформа ашьаҭала иаԥаҳҵаз аметодикақәеи атехнологиақәеи шәымаадоит”, — ҳәа азгәеиҭеит иара. Аицлабра "Аԥсны акоманда" аҿы аиааира згаз, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы Маиа Цыбулевскаиа анапхгараҭаратә ҟазарҭа "Сенеж" алахәхара ареспублика зегьы азы аҵак ду змоу зеиԥшыҟам лшараны иазгәалҭеит. "Ҳәарада, ҳара Ҳаԥсадгьыл аизҳазыҕьаразы аус аауеит, ус анакәха, иаҳҭахуп ҳтәыла аԥсҭазаара аиҕьтәра иазырхоу иаку амч, анапхгаратә ҟазшьақәа реидкылара, иҷыдоу астратегиақәа раԥҵара", - ҳәа азгәалҭеит Цыбулевскаиа. Аицлабра "Аԥсны акоманда" жәабранмза 12 рзы ихацыркхеит. 3 000-ҩык инареиҳаны азыҳәақәа ҟарҵеит. Ҩышықәса ирылагӡаны афымцадәыӷба "Диоскуриа" амаршрут арҭбаауеит: Шәачеи Аҟәеи рҳаирбаӷәазақәа еиднакыло иҟалоит ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Лаҵара 1 азы Сириус аҟынтәи Аԥсныҟа ибжьало афымцадәыӷба "Диоскуриа раԥхьаӡа акәны имҩасит. "Ҳара агәыӷра ҳамоуп Шәачатәи аҳаирбаӷәазеи Аҟәатәи аҳаирбаӷәазеи реимадаразы ари адәыӷба амаршрут агеографиа арҭбаара ҳалшап ҳәа. Уажәы ҳколлегацәеи ҳареи аихамҩақәа ринфраструктура ареконструкциа анапалакра атәы ҳалацәажәоит. Сгәы иаанагоит шықәсыки бжаки ҩышықәсеи рыҩнуҵҟа арҭ аҩҳаирбаӷәазак еихамҩала еимаадап ҳәа", — иҳәеит Кавказтәи аинвестициатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны ТАСС иеиҭаз аинтервиу аҿы Гәынба. Гәдоуҭатәи авокзал азааигәара авариатә ҭагылазаашьа аԥызҵаз амашьынарныҟәцаҩ аныҟәцаратә зин шықәсыбжак ҳәа имхуп. Жәандәрыԥшь ақыҭан инхо Амир Амҷба Ԥсоутәи ахырхарҭала ареспубликатә мҩаду аҿы аныҟәаратә ԥҟарақәа еилеигеит ҳәа аанацҳауеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/1b/1055088992_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_49b4c03a0d01d254df3fd58589e81316.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио