Урыстәыла Аҳауахьчаратә мчқәа мчыбжьык ала украинатәи адронқәа 2 331 ҭадырхеит
© Sputnik / Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШкола обучения операторов БПЛА, производство FPV-дронов и самолетов типа камикадзе на базе добровольческого батальона имени П. Судоплатова

© Sputnik / Павел Лисицын
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Урыстәыла Аҳауахьчаратә мчқәа лаҵарамза 20 инаркны 27 рҟынӡа украинатәи адронқәа 2 331 ҭадырхеит, иара убас 1465 цыра арратә операциа ҷыда аҵакыра анҭыҵ ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Украинатәи адронқәа лассы-лассы Урыстәыла арегионқәа рҿы иҟарҵо ажәыларақәа рҭакс, Украина арратә базақәеи атәылахьчаратә ааглыхратә хыбрақәеи ааха рнаҭеит.
Лаҵара 20 рзы Житомиртәи аобласт аҿы аҳаирбаӷәаза Озиорное аинфраструктуратә хыбрақәа ааха рыҭан, Днепропетровсктәи аобласт аҿы – абџьаршьҭаҵарҭа ҭыԥқәа, арра-техникатә мазара ашьҭаҵарҭақәа еилаԥыххан;
Лаҵара 21 рзы — Сумтәи аобласт аҿы Украина Арбџьармчқәа рмеханизациатә бригада аамҭалатәи агыларҭа аҭыԥи аракета-артиллериатә бџьарқәа рҭыԥи;
Лаҵара 23 рзы Одессатәи амшынбаӷәазаҿы аџьаԥҳаны зҭаз аконтеинерқәа ахьгылоу аҭыԥ ракетала ажәлара мҩаԥган;
Лаҵара 24, 25 рзы – Киевтәи аобласт аҿы аракетатә бџьарқәеи ажәыларатә БПЛАқәи, арадиоелектроникеи, артҟәацгақәеи ҭзыжьуа Украина арра-ааглыхратә комплекс анаплакқәа, УкрАШәМ арадиотехникатә ԥшыхәра ацентри авиациа ацентри ааха рыҭан;
Лаҵара 26 рзы Хмельницкитәи аобласт аҿы иҟоу аеродром Староконстантиновка аинфраструктуратә хыбрақәеи, Харьковтәи аобласти ДЖәР рҿы ҩ-механизациатә бригадак рџьаԥҳанышьҭаҵарҭа ҭыԥқәа ааха рыҭоуп.
"Украина иҟанаҵо атеррористтә қәыларақәеи апровокациақәеи рҭакс урыстәылатәи аруаа ажәыларақәа шымҩаԥыргац имҩаԥыргалоит", — ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.