https://sputnik-abkhazia.info/20250528/1055101547.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
28.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-28T18:01+0300
2025-05-28T18:01+0300
2025-05-28T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/1c/1055101415_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_7d0eeb49ec98b8005a1f4b8f8b38b810.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Минеральные Воды имҩаԥысуа Кавказтәи аинвестициатә форум иаҭааз Аԥсны астенд иазҿлымҳауп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспублика аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб."Иазгәеиҭеит Аԥсуа стенд аҿы аҭыԥ хада шааннакылаз Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза амакет. Иара убасгьы хара имгакәа ареспубликаҟынтә аҳәаанырцәҟа зыҭира азгәаҭоу аалыҵқәеи ӡырган. Аԥснытәи астенд иаҭааит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустиниаԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки Урҭ дырԥылеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба.Амқәаб иажәақәа рыла, Урыстәылатәи ачынуааи дареи реицәажәарақәа рҟны – Нхыҵ-Кавказ арегионқәа рҟынтәи Аҟәаҟа аҳаиртә маршрут ҿыцқәа раартразы иҟоу алшарақәа ирзааҭгылеит.
Бадра Гәынба Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура иатәу Аԥсны иҟоу Аҳәаахьчаратә усбарҭа анапхгаҩы Сергеи Шьедрини аусзуҩцәеи Аҳәаахьчаҩцәа рымш рыдиныҳәалеит.Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа аԥснытәи рколлегацәеи дареи 16 шықәса инареиҳаны ареспублика аҳәаақәа шеицырыхьчо."Ишьақәгылаз аԥышәарақәеи ашәарҭарақәеи раамҭазы аҳәаахьчаратә усбарҭақәа рроль ахә ашьара уадаҩуп. Шәара аҳәынҭқарратә интересқәа шәыхьчоит, иҳараку азанааҭдырреи, агәымшәареи, ахачҳареи аашәырԥшуеит", — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы .Гәынба аҳәаахьчаҩцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, агәымшәара, Аԥсадгьыл амаҵ аураҿы ақәҿиарақәа.
Аԥсны раԥхьатәи ахада иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергениаԥҳа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи ҳамҭас иалҭеит Владислав Арӡынба инапҩымҭақәеи астационартә телефони.Амузеи аиҳабы Аркади Џьопуа иажәақәа рыла, Џьергениаԥҳа амузеи ҳамҭас иалҭеит актәи ахада ииҩыз ашәҟәқәа, урҭ амузеи афонд иахәҭакхоит.Ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диит 80 шықәса раԥхьа, 1945 шықәса лаҵара 14 рзы. Бадра Гәынба иӡбарала 2025 шықәса Владислав Арӡынба ишықәсны ирылаҳәоуп.
☎️Аԥсны Аминистрцәа реилазаара асоциалтә шәарақәа ахьроуаз азы Урыстәыла аҭакԥхықәра здырҵо ҳтәылауаа азинтә цхыраара рыҭаразы аимадара ҷыда аартуп.Аконсультациазы, абарҭ аномерқәа ылышәхыр шәылшоит 7 98 88 86; 7 58 88 55. Аиҳабырабжьаратә усуратә гәыԥ аилатәараҿы Урыстәыла ахәыҷқәа рзы ашәарақәеи ма "Ан лмали" зауз Аԥсны атәылауаа рзы аимадара ҷыда аԥҵаразы аӡбара рыдыркылеит.Урыстәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациаҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәыла атәылауаа роуп ахәыҷқәа рзы аԥаратә цхыраара заур зылшо. Азыҳәаҩи ахәыҷи амзартә шықәса аҩнуҵҟа 180 мшы инареиҳаны аҳәаанырцә инхозар, урҭ ацхыраара аиура азин рцәыӡуеит.
Астанциа маҷ "Гьачрыԥшь" лашарада иаанхоит лаҵарамза 29 асааҭ 13:00 инаркны 14:00 рҟынӡа.Уи ырцәахоит иазгәаҭаны ирымоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирхырҟьаны ҳәа адырра ҟарҵеит Аԥсны Аенергетика аминистрраҿы.
Минеральные Воды имҩаԥысуа Кавказтәи аинвестициатә форум иаҭааз Аԥсны астенд иазҿлымҳауп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспублика аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб."Иазгәеиҭеит Аԥсуа стенд аҿы аҭыԥ хада шааннакылаз Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза амакет. Иара убасгьы хара имгакәа ареспубликаҟынтә аҳәаанырцәҟа зыҭира азгәаҭоу аалыҵқәеи ӡырган. Аԥснытәи астенд иаҭааит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустиниаԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новаки Урҭ дырԥылеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба.Амқәаб иажәақәа рыла, Урыстәылатәи ачынуааи дареи реицәажәарақәа рҟны – Нхыҵ-Кавказ арегионқәа рҟынтәи Аҟәаҟа аҳаиртә маршрут ҿыцқәа раартразы иҟоу алшарақәа ирзааҭгылеит.Бадра Гәынба Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура иатәу Аԥсны иҟоу Аҳәаахьчаратә усбарҭа анапхгаҩы Сергеи Шьедрини аусзуҩцәеи Аҳәаахьчаҩцәа рымш рыдиныҳәалеит.Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа аԥснытәи рколлегацәеи дареи 16 шықәса инареиҳаны ареспублика аҳәаақәа шеицырыхьчо."Ишьақәгылаз аԥышәарақәеи ашәарҭарақәеи раамҭазы аҳәаахьчаратә усбарҭақәа рроль ахә ашьара уадаҩуп. Шәара аҳәынҭқарратә интересқәа шәыхьчоит, иҳараку азанааҭдырреи, агәымшәареи, ахачҳареи аашәырԥшуеит", — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы .Гәынба аҳәаахьчаҩцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, агәымшәара, Аԥсадгьыл амаҵ аураҿы ақәҿиарақәа.Аԥсны раԥхьатәи ахада иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергениаԥҳа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи ҳамҭас иалҭеит Владислав Арӡынба инапҩымҭақәеи астационартә телефони.Амузеи аиҳабы Аркади Џьопуа иажәақәа рыла, Џьергениаԥҳа амузеи ҳамҭас иалҭеит актәи ахада ииҩыз ашәҟәқәа, урҭ амузеи афонд иахәҭакхоит.Ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диит 80 шықәса раԥхьа, 1945 шықәса лаҵара 14 рзы. Бадра Гәынба иӡбарала 2025 шықәса Владислав Арӡынба ишықәсны ирылаҳәоуп.☎️Аԥсны Аминистрцәа реилазаара асоциалтә шәарақәа ахьроуаз азы Урыстәыла аҭакԥхықәра здырҵо ҳтәылауаа азинтә цхыраара рыҭаразы аимадара ҷыда аартуп.Аконсультациазы, абарҭ аномерқәа ылышәхыр шәылшоит 7 98 88 86; 7 58 88 55. Аиҳабырабжьаратә усуратә гәыԥ аилатәараҿы Урыстәыла ахәыҷқәа рзы ашәарақәеи ма "Ан лмали" зауз Аԥсны атәылауаа рзы аимадара ҷыда аԥҵаразы аӡбара рыдыркылеит.Урыстәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациаҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәыла атәылауаа роуп ахәыҷқәа рзы аԥаратә цхыраара заур зылшо. Азыҳәаҩи ахәыҷи амзартә шықәса аҩнуҵҟа 180 мшы инареиҳаны аҳәаанырцә инхозар, урҭ ацхыраара аиура азин рцәыӡуеит.Астанциа маҷ "Гьачрыԥшь" лашарада иаанхоит лаҵарамза 29 асааҭ 13:00 инаркны 14:00 рҟынӡа.Уи ырцәахоит иазгәаҭаны ирымоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирхырҟьаны ҳәа адырра ҟарҵеит Аԥсны Аенергетика аминистрраҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/1c/1055101415_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_770ab0398ca0da94f56e0e2920dab5ca.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио