https://sputnik-abkhazia.info/20250601/esyshysati-agyalalrat-aktsia-iiou-akartosh-khatsyrkup-1055144916.html
Есышықәсатәи агәыҳалалратә акциа "Иқьиоу акартош" хацыркуп
Есышықәсатәи агәыҳалалратә акциа "Иқьиоу акартош" хацыркуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 1 — Sputnik. Есышықәсатәи агәыҳалалратә усмҩаԥгатә "Иқьиоу акартош" хацыркхеит Аҟәа. 01.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-01T17:49+0300
2025-06-01T17:49+0300
2025-06-01T20:53+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/01/1055143180_8:0:1272:711_1920x0_80_0_0_851705d5ede19f77be23fdbb7a2acebc.jpg
АҞӘА, рашәара 1 — Sputnik. Есышықәсатәи агәыҳалалратә усмҩаԥгатә "Иқьиоу акартош" хацыркхеит Аҟәа. Раԥхьа акассаҿы игылан афонд адиректор, ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳаи, Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳаи, иара убас "Ашана" агәрагаратә хеилак алахәыла Азамат Багаҭелиа. Иааидкыланы иахьа акассаҿы игылазаауеит 24-ҩык, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп аҳақьымцәа, артистцәа, аспортсменцәа, ажурналистцәа, аблогерцәа, акультура аусзуҩцәа. Аусмҩаԥгатә иацуп арлахҿыхратә программа, аԥсуа артистцәа рықәгылара, астудиа Rama.Ceramics аҟынтәи аҟаза-иклассқәа, апартниорцәа рҟынтәи аныҳәатә лотереиа. Акциа мҩаԥысуеит 21:00 рҟынӡа. Еизгахо аҧарақәа Аԥсны ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы идәықәҵахоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/01/1055143180_166:0:1114:711_1920x0_80_0_0_70460f86eb8d5743096ee30ca80cc86b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
АҞӘА, рашәара 1 — Sputnik. Есышықәсатәи агәыҳалалратә усмҩаԥгатә "Иқьиоу акартош" хацыркхеит Аҟәа.
Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амш иазку акциа еиҿнакаауеит афонд "Ашана" ақьафурҭа "А-бургер" адгыларала.
Раԥхьа акассаҿы игылан афонд адиректор, ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳаи, Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳаи, иара убас "Ашана" агәрагаратә хеилак алахәыла Азамат Багаҭелиа.
Иааидкыланы иахьа акассаҿы игылазаауеит 24-ҩык, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп аҳақьымцәа, артистцәа, аспортсменцәа, ажурналистцәа, аблогерцәа, акультура аусзуҩцәа.
Аусмҩаԥгатә иацуп арлахҿыхратә программа, аԥсуа артистцәа рықәгылара, астудиа Rama.Ceramics аҟынтәи аҟаза-иклассқәа, апартниорцәа рҟынтәи аныҳәатә лотереиа.
Акциа мҩаԥысуеит 21:00 рҟынӡа. Еизгахо аҧарақәа Аԥсны ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы идәықәҵахоит.