https://sputnik-abkhazia.info/20250602/1055154030.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
02.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-02T13:30+0300
2025-06-02T13:30+0300
2025-06-02T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/02/1055153898_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_590140f7ab27f9f5ad7607bcd366c96d.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахаҭарнакцәа ареспубликахь ааԥхьара риҭеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи дареи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра апроект аиқәыршәаразы."Иахьа ихадоу аганқәа алкааны хаҭала урҭ рылацәажәара ауп", — ҳәа азгәеиҭеит Ақаҩба.Урыстәыла акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Першин иҳәеит, аԥсуа коллегацәеи дареи Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иазгәанаҭахьоу апроектқәа реидҵара алыршаразы аицәажәара шхымԥадатәиу.
Аԥсны атеатралтә фестиваль мҩаԥгахоит ҳәа адырра ҟаиҵеит акультура аминистр Даур Ақаҩба Аԥсни Урыстәылеи рырҿиаратә еидгылақәа реиԥылараҿы. Абри аҩыза аԥшьгара Бадр Гәынба изишьҭит, аҳәынҭқарра ахадагьы уи дадгылеит."Сгәыӷуеит, ари ажәалагалаз шәара шәҟынтәи аҭак ҟалап ҳәа, даҽакала иуҳәозар, есышықәса Аԥсны еиҿкаахо аҭыԥ аԥҵара. Иҟалап, ашықәс аамҭақәа зегьы раасҭа иџьашьахәу ҭагаланаз Аԥсны атеатралтә фестиваль амҩаԥгара ҳалшар",— ҳәа реиҳәеит Ақаҩба Урыстәылатәи атеатралтә ҟазара ахаҭарнакцәа.
Аԥсны атәылауаа аконкурс "Ҭаацәашәала" рхы аладырхәыр рылшоит.Уи аплатформа "Урыстәыла — алшарақәа ртәыла" ашьаҭала еиҿаауп, уи ҩынтәны имҩаԥысуеит.Алахәхаразы х-абиԥарак рыла ишьақәгылоу агәыԥ еизгатәуп, уи иалахәу зегь реиҳа иқәыԥшу 5-17 шықәса ихыҵуазароуп, иара убас иун 27 рҟынӡа асаит аҿы аҽҭаҩра аҭахуп.Аконкурс латәаралатәии латәарадатәии аетапқәа рыла ишьақәгылоуп, урҭ ҭаацәашәала иалахәхароуп. Аҳамҭақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп анхарҭатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы 5 млн мааҭ, уи анхарҭатә ҭагылазаашьа аиӷьтәреи , убасгьы Урыстәыла акәша-мыкәша ҭааацәала рныҟәареи ирзырхахоит.Аконкурс мҩаԥысуеит итрадициатәу аҵасқәа рыдгылареи аҭаацәарақәа рырӷәӷәареи хықәкыс иҟаҵаны.
Урыстәылатәи асахьаҭыхҩы-амонументҟаҵаҩы Анатоли Анненков "Адунеи ааҳартуеит" ҳәа хьӡыс измоу амастер-класс мҩаԥигеит Аҟәа Москва Аҩны аҿы.Иара Ахәыҷқәа рыхьчара амш иадҳәалан. Уи иалахәын аҟәатәи ашколқәа рҟынтәи 8 шықәса инадыркны 17 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҵаҩцәа.Амастер-класс амҩаԥгараан ахәыҷқәа иҭырхит Аҟәа аҭыԥшӡарақәа — Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿтәи арка.Анаҩстәи амастер-класс мҩаԥгахоит иун 3 рзы.
Греков ихьӡ зху Ростовтәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа астудентцәа аԥхынтәи апрактиказы Аԥсныҟа иаауеит. Мышқәак раԥхьа Ростовтәи аҵараиурҭеи Александр Чачба-Шервашиӡе ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит апрактика адагьы, асахьаҭыхра еиуеиԥшым астильқәеи атехникеи рдырразы аушьҭымҭацәа рдипломтә усумҭақәа онлаин аформат ала ргәаҭара, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи аҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба.
Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахаҭарнакцәа ареспубликахь ааԥхьара риҭеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи дареи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра апроект аиқәыршәаразы."Иахьа ихадоу аганқәа алкааны хаҭала урҭ рылацәажәара ауп", — ҳәа азгәеиҭеит Ақаҩба.Урыстәыла акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Першин иҳәеит, аԥсуа коллегацәеи дареи Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иазгәанаҭахьоу апроектқәа реидҵара алыршаразы аицәажәара шхымԥадатәиу. Аԥсны атеатралтә фестиваль мҩаԥгахоит ҳәа адырра ҟаиҵеит акультура аминистр Даур Ақаҩба Аԥсни Урыстәылеи рырҿиаратә еидгылақәа реиԥылараҿы. Абри аҩыза аԥшьгара Бадр Гәынба изишьҭит, аҳәынҭқарра ахадагьы уи дадгылеит."Сгәыӷуеит, ари ажәалагалаз шәара шәҟынтәи аҭак ҟалап ҳәа, даҽакала иуҳәозар, есышықәса Аԥсны еиҿкаахо аҭыԥ аԥҵара. Иҟалап, ашықәс аамҭақәа зегьы раасҭа иџьашьахәу ҭагаланаз Аԥсны атеатралтә фестиваль амҩаԥгара ҳалшар",— ҳәа реиҳәеит Ақаҩба Урыстәылатәи атеатралтә ҟазара ахаҭарнакцәа. Аԥсны атәылауаа аконкурс "Ҭаацәашәала" рхы аладырхәыр рылшоит.Уи аплатформа "Урыстәыла — алшарақәа ртәыла" ашьаҭала еиҿаауп, уи ҩынтәны имҩаԥысуеит.Алахәхаразы х-абиԥарак рыла ишьақәгылоу агәыԥ еизгатәуп, уи иалахәу зегь реиҳа иқәыԥшу 5-17 шықәса ихыҵуазароуп, иара убас иун 27 рҟынӡа асаит аҿы аҽҭаҩра аҭахуп.Аконкурс латәаралатәии латәарадатәии аетапқәа рыла ишьақәгылоуп, урҭ ҭаацәашәала иалахәхароуп. Аҳамҭақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп анхарҭатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы 5 млн мааҭ, уи анхарҭатә ҭагылазаашьа аиӷьтәреи , убасгьы Урыстәыла акәша-мыкәша ҭааацәала рныҟәареи ирзырхахоит.Аконкурс мҩаԥысуеит итрадициатәу аҵасқәа рыдгылареи аҭаацәарақәа рырӷәӷәареи хықәкыс иҟаҵаны. Урыстәылатәи асахьаҭыхҩы-амонументҟаҵаҩы Анатоли Анненков "Адунеи ааҳартуеит" ҳәа хьӡыс измоу амастер-класс мҩаԥигеит Аҟәа Москва Аҩны аҿы.Иара Ахәыҷқәа рыхьчара амш иадҳәалан. Уи иалахәын аҟәатәи ашколқәа рҟынтәи 8 шықәса инадыркны 17 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҵаҩцәа.Амастер-класс амҩаԥгараан ахәыҷқәа иҭырхит Аҟәа аҭыԥшӡарақәа — Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿтәи арка.Анаҩстәи амастер-класс мҩаԥгахоит иун 3 рзы. Греков ихьӡ зху Ростовтәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа астудентцәа аԥхынтәи апрактиказы Аԥсныҟа иаауеит. Мышқәак раԥхьа Ростовтәи аҵараиурҭеи Александр Чачба-Шервашиӡе ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит апрактика адагьы, асахьаҭыхра еиуеиԥшым астильқәеи атехникеи рдырразы аушьҭымҭацәа рдипломтә усумҭақәа онлаин аформат ала ргәаҭара, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи аҵараиурҭа аиҳабы Амиран Адлеиба.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/02/1055153898_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_39e40295115cd8c2ba33fc9610d9ec85.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио