https://sputnik-abkhazia.info/20250602/aaba-asni-urystylei-akultura-aiara-akhyrkharaa-zegy-ryla-aus-ruloit-1055156172.html
Ақаҩба: Аԥсни Урыстәылеи акультура аҿиара ахырхарҭақәа зегьы рыла аус рулоит
Ақаҩба: Аԥсни Урыстәылеи акультура аҿиара ахырхарҭақәа зегьы рыла аус рулоит
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Першин дызлахәыз Аԥсни Урыстәылеи рырҿиаратә еидгылақәа реиԥылара мҩаԥысит Аԥсуа драматә театр аҿы. 02.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-02T13:40+0300
2025-06-02T13:40+0300
2025-06-02T14:13+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/02/1055148394_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_53a85ea14b41b73369b041f1217b0761.jpg
АҞӘА, рашәара 2 — Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи акультура аҿиара ахырхарҭақәа зегьы рыла аус рулоит ҳәа иҳәеит акультура аминистр Даур Ақаҩба аҩтәылак рырҿиаратә еидгылақәа реиԥылара аихшьаалақәа рышьҭахь. Урыстәыла акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Першин иазгәеиҭеит, азанааҭҩаӡара ҳаракыла аусеицура шымҩаԥысуа атәылақәа рыбжьара, ииуеит аимадара ҿыцқәа, ишцәырҵуа апроект ҿыцқәа рзы ахшыҩҵакқәа. Иҳәеит, иахьа ишымҩаԥысуа акультура аусхк аҟны аҟазацәа ҿарацәа реиԥылара. Урыстәыла аганахьала иалахәхоит Акультура аминистрра аҟны иҟоу Аҿар рхеилак ахаҭарнакцәа. "Иахьа ҳара Аԥснытәи аусбарҭақәа рнаԥхгаҩцәеи ҳареи аицәажәара ҳамоуп акультура аусхк аҿы хаҳарала анапхгара амҩаԥгара иазкны. Ҳара Урыстәыла Акультура аминистрра иҷыдоу аҵаратә программақәа рынагӡареи акадрқәа разыҟаҵареи рганахьала иҳамоу аԥышәа рымаадоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Першин.Арҿиаратә еидгылақәа реилатәараҿы Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахаҭарнакцәа ареспубликахь ааԥхьара риҭеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи дареи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра апроект аиқәыршәаразы. "Иахьа ихадоу аганқәа алкааны хаҭала урҭ рылацәажәара ауп", — ҳәа азгәеиҭеит Ақаҩба. Урыстәыла акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Першин иҳәеит, аԥсуа коллегацәеи дареи Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иазгәанаҭахьоу апроектқәа реидҵара аларшаразы аицәажәара шхымԥадатәиу.Ақаҩба иара убасгьы иҳәеит, Аԥсны атеатралтә фестиваль амҩаԥгара шалшо. Иара иаԥшьгамҭа атәыла ахада Бадр Гәынба адгылара шаиҭаз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/02/1055148394_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_8c01fe6185948e97c4b998b479d9f87a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
Ақаҩба: Аԥсни Урыстәылеи акультура аҿиара ахырхарҭақәа зегьы рыла аус рулоит
13:40 02.06.2025 (ирҿыцуп: 14:13 02.06.2025) Урыстәыла акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Першин дызлахәыз Аԥсни Урыстәылеи рырҿиаратә еидгылақәа реиԥылара мҩаԥысит Аԥсуа драматә театр аҿы.
АҞӘА, рашәара 2 — Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи акультура аҿиара ахырхарҭақәа зегьы рыла аус рулоит ҳәа иҳәеит акультура аминистр Даур Ақаҩба аҩтәылак рырҿиаратә еидгылақәа реиԥылара аихшьаалақәа рышьҭахь.
"Зегьы ҳаԥхьаҟа ишьҭоуп, зегьы аамҭаԥҵәа инақәыршәаны имҩаԥысуеит. Иара убасгьы хра злоу аусутә рацәахоит. Уи азы даҽазныкгьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Урыстәылантәи ҳколлегацәа", — ҳәа иҳәеит Ақаҩба.
Урыстәыла акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Першин иазгәеиҭеит, азанааҭҩаӡара ҳаракыла аусеицура шымҩаԥысуа атәылақәа рыбжьара, ииуеит аимадара ҿыцқәа, ишцәырҵуа апроект ҿыцқәа рзы ахшыҩҵакқәа.
Иҳәеит, иахьа ишымҩаԥысуа акультура аусхк аҟны аҟазацәа ҿарацәа реиԥылара. Урыстәыла аганахьала иалахәхоит Акультура аминистрра аҟны иҟоу Аҿар рхеилак ахаҭарнакцәа.
"Иахьа ҳара Аԥснытәи аусбарҭақәа рнаԥхгаҩцәеи ҳареи аицәажәара ҳамоуп акультура аусхк аҿы хаҳарала анапхгара амҩаԥгара иазкны. Ҳара Урыстәыла Акультура аминистрра иҷыдоу аҵаратә программақәа рынагӡареи акадрқәа разыҟаҵареи рганахьала иҳамоу аԥышәа рымаадоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Першин.
Арҿиаратә еидгылақәа реилатәараҿы Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахаҭарнакцәа ареспубликахь ааԥхьара риҭеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи дареи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра апроект аиқәыршәаразы.
"Иахьа ихадоу аганқәа алкааны хаҭала урҭ рылацәажәара ауп", — ҳәа азгәеиҭеит Ақаҩба.
Урыстәыла акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Першин иҳәеит, аԥсуа коллегацәеи дареи Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иазгәанаҭахьоу апроектқәа реидҵара аларшаразы аицәажәара шхымԥадатәиу.
Ақаҩба иара убасгьы иҳәеит, Аԥсны атеатралтә фестиваль амҩаԥгара шалшо. Иара иаԥшьгамҭа атәыла ахада Бадр Гәынба адгылара шаиҭаз.