Аԥсны акультуратә афиша: аконцерт, аспектакльқәа, ацәыргақәҵақәа
© Sputnik / Марианна Кубрава Режиссерская лаборатория спектакль "Пастух Махаз"

© Sputnik / Марианна Кубрава
Анапаҵаҩра
Акультуратә афиша рашәарамза 2 инаркны 8 рҟынӡа. Шәаԥхьаны шәкультуратә ԥсшьара еиҿышәкаа.
РУСДРАМ
Рашәара 2 - 3 асааҭ 19:00 - аспектакль "Асаркьалых гыгшәыгҭра" – Теннес Уилиамс.
Рашәара 4 сааҭ 19:00 - аромантикатә комедиа "Хьӡы змам аеҵәа".
Рашәара 5 асааҭ 19:00 - акомедия "Ахьча Махаз" - Фазиль Искандер.
Рашәара 6 асааҭ 19:00 - акомедиа "Оскар" - Клод Манье.
Рашәара 7 сааҭ 19:00 - акомедиа "Виндзортәи аҳәатәхамҵаҩцәа" – Уилиам Шекспир.
Рашәара 8 асааҭ 19:00 - аспектакль "Абацәеи ахшареи" - Иван Тургенев.
Афон ҿыц
Рашәара 7 асааҭ 18:00 Афонҿыцтәи аҳаԥы аконцерттә зал аҿы, аиубилеи шықәс амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт.
Пицундатәи ауахәама
Рашәара 2 - 7 сааҭ 17:00 – Аԥснытәи аҳәынҭфилармониа асолистцәа рконцертқәа. Апрограммаҿ: мраҭашәара-европатәи, аурыс, аԥсуа композиторцәа руарӷантә, ринструменталтә, рвокалтә музыка.
Рашәара 6 - 8 асааҭ 17:00 – Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гаделиа иуарӷантә музыка аконцертқәа. Аклассикатә, анеоклассикатә рҿиамҭақәа, акинофильмқәа рҟынтәи асаундтрекқәа.
Ацәыргақәҵақәа
Рашәара 4 аҟынӡа уаанӡатәи акаҳуажәырҭа "Аԥра шкәакәа" аҿы Аԥсны амозаикатә ҟазара иазку ацәыргақәҵа.
Рашәара 15 рҟынӡа Аҟәа The Wall Gallery аҿы Игор Панченко иҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа "Ликование в глубинах сна".
Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы рашәарамза нҵәаанӡа имҩаԥыслоит ацәыргақәҵа "Аиааира акино". Аԥсны иалҵызгьы налаҵаны асовет солдаҭцәа рфырхаҵарақәа аазырԥшуа афотоматериалқәа.
Ԥхынгәымза нҵәаанӡа Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аҟны иаартуп Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку афотоцәыргақәҵа "Ҳаеҵәахә".