https://sputnik-abkhazia.info/20250603/1055167709.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
03.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-03T13:01+0300
2025-06-03T13:01+0300
2025-06-03T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/03/1055167577_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_6b189fef5e263949ec1794bd989f4017.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ареспубликатә биуџьет ахашәалахәы амҽхак жәабран акы азы 4,6 миллиард мааҭ ҟалеит, уи иҳаҩсыз ашықәс азы абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны 369 миллион мааҭ рыла еиҳауп. Урҭ рҟынтәи ахатә хашәалахәы 2,5 миллиард мааҭ ыҟоуп, 2,1 миллиард — Урыстәылатәи афинансттә цхыраара ауп. Абри атәы аԥыза-министр Владимир Делба изеиҭеиҳәеит афинансқәа рминистр Саид Гәбаз аусуратә еиԥылараан. Хәымз рыҩнуҵҟа аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәы арбагақәа рынагӡара 6,1 миллиард мааҭ артәеит, уи 2024 шықәсазы абри аамҭазы иҟаз аасҭа 745 миллион мааҭ еиҳауп, ахарџьқәа рзы – 5,6 миллиард мааҭ.
Аамҭа кьаҿкала агидцәа разыҟаҵара, Аԥсны аҳәаанырцәтәи аекскурсиатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара, аҳәаанырцәтәи еиԥш аҭыԥантәи аоператорцәа рганахьала адемпинг уҳәа ирылацәажәеит атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи аекскурсиатә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи. Азакәан еилазго аҳәаанырцәтәи аоператорцәа анырра рыҭаразы ахархәагақәа азхом ҳәа азгәеиҭеит аминистр. Иара иажәақәа рыла, рашәара 20 рзы Аԥсныҟа иаауеит Урыстәыла иреиҳау атуроператорцәа, ари апроблема аӡбараз урҭ русмҩаԥгатә ӷәӷәақәа ахархәара иалаҵәажәахоит.
"Сенеж" анапхгаратә усурҭа" — ари амчратә ҭыԥуп". Аицлабра "Аԥсны акоманда" афиналистцәеи аиааира згази зегь реиҳа ҳаҭыр зқәу сасцәаны ирԥылеит ҳәа азгәалҭеит Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы аиуристтә ҟәша аиҳабы Анана Гогохиаԥҳа арадио Sputnik аинтервиу аҭо. "Сгәанала, алахәылацәа зегьы рыҩны иҟазшәа рхы рбон, избанзар, убри азы аҭагылазаашьақәа зегьы аԥҵан. Амодуль анаартыз амш аҽны, еиҳарак азал аҟны игоз Аԥсны агимн акәын, алахәылацәагьы уи иацырҳәон. Уи даара угәы ианыруан", — лҳәеит Гогохиаԥҳа.
Ҭырқәтәыла аладатәи ахәҭаҿы 5,8 балл зымчхара ыҟоу адгьылҵысра ҟалеит. Адгьылҵысрақәа ҟалеит Москватәи аамҭала асааҭ 02:17 рзы, Мармарис ақалақь 17 км инацәыхараны. Адгьылҵысра егьырҭ араионқәа рҿгьы иуныруан, Сҭампылгьы уахь иналаҵаны. 14 шықәса зхыҵуаз аӡӷаб илоуз агәыҭҟьара иахҟьаны лыԥсҭазаара далҵит. Даҽа 69-ҩык аахақәа роуит, урҭ аиҳараҩык аԥенџьырқәа рҟынтәи иԥеит. Еилабгаз ҳәа акагьы ыҟаӡам.
Аԥсны ареспубликатә биуџьет ахашәалахәы амҽхак жәабран акы азы 4,6 миллиард мааҭ ҟалеит, уи иҳаҩсыз ашықәс азы абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны 369 миллион мааҭ рыла еиҳауп. Урҭ рҟынтәи ахатә хашәалахәы 2,5 миллиард мааҭ ыҟоуп, 2,1 миллиард — Урыстәылатәи афинансттә цхыраара ауп. Абри атәы аԥыза-министр Владимир Делба изеиҭеиҳәеит афинансқәа рминистр Саид Гәбаз аусуратә еиԥылараан. Хәымз рыҩнуҵҟа аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәы арбагақәа рынагӡара 6,1 миллиард мааҭ артәеит, уи 2024 шықәсазы абри аамҭазы иҟаз аасҭа 745 миллион мааҭ еиҳауп, ахарџьқәа рзы – 5,6 миллиард мааҭ.Аамҭа кьаҿкала агидцәа разыҟаҵара, Аԥсны аҳәаанырцәтәи аекскурсиатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара, аҳәаанырцәтәи еиԥш аҭыԥантәи аоператорцәа рганахьала адемпинг уҳәа ирылацәажәеит атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи аекскурсиатә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи. Азакәан еилазго аҳәаанырцәтәи аоператорцәа анырра рыҭаразы ахархәагақәа азхом ҳәа азгәеиҭеит аминистр. Иара иажәақәа рыла, рашәара 20 рзы Аԥсныҟа иаауеит Урыстәыла иреиҳау атуроператорцәа, ари апроблема аӡбараз урҭ русмҩаԥгатә ӷәӷәақәа ахархәара иалаҵәажәахоит."Сенеж" анапхгаратә усурҭа" — ари амчратә ҭыԥуп". Аицлабра "Аԥсны акоманда" афиналистцәеи аиааира згази зегь реиҳа ҳаҭыр зқәу сасцәаны ирԥылеит ҳәа азгәалҭеит Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы аиуристтә ҟәша аиҳабы Анана Гогохиаԥҳа арадио Sputnik аинтервиу аҭо. "Сгәанала, алахәылацәа зегьы рыҩны иҟазшәа рхы рбон, избанзар, убри азы аҭагылазаашьақәа зегьы аԥҵан. Амодуль анаартыз амш аҽны, еиҳарак азал аҟны игоз Аԥсны агимн акәын, алахәылацәагьы уи иацырҳәон. Уи даара угәы ианыруан", — лҳәеит Гогохиаԥҳа.Ҭырқәтәыла аладатәи ахәҭаҿы 5,8 балл зымчхара ыҟоу адгьылҵысра ҟалеит. Адгьылҵысрақәа ҟалеит Москватәи аамҭала асааҭ 02:17 рзы, Мармарис ақалақь 17 км инацәыхараны. Адгьылҵысра егьырҭ араионқәа рҿгьы иуныруан, Сҭампылгьы уахь иналаҵаны. 14 шықәса зхыҵуаз аӡӷаб илоуз агәыҭҟьара иахҟьаны лыԥсҭазаара далҵит. Даҽа 69-ҩык аахақәа роуит, урҭ аиҳараҩык аԥенџьырқәа рҟынтәи иԥеит. Еилабгаз ҳәа акагьы ыҟаӡам.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/03/1055167577_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_15aa383f5cc527b281a785d80a64f694.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио