https://sputnik-abkhazia.info/20250603/26-ti-alkhyrat-y-khaday-aparlament-akh-adeputat-akha-ialkhra-aloit-khyngymza-26-rzy-1055172472.html
26-тәи Алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Апарламент ахь адепутат ҩаԥхьа иалхра ҟалоит ԥхынгәымза 26 рзы
26-тәи Алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Апарламент ахь адепутат ҩаԥхьа иалхра ҟалоит ԥхынгәымза 26 рзы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. 26-тәи (Дранда) Алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Апарламент ахь адепутат ҩаԥхьа иалхра мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәымза 26 рзы. Уи азы аӡбара... 03.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-03T16:32+0300
2025-06-03T16:32+0300
2025-06-03T16:32+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102969/92/1029699267_0:104:2000:1229_1920x0_80_0_0_70ec07588600b9d2fdb57381564b2e3a.jpg
АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. 26-тәи (Дранда) Алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Апарламент ахь адепутат ҩаԥхьа иалхра мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәымза 26 рзы. Уи азы аӡбара рыдыркылеит Алхратә комиссиа хада аилатәараҿы. Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысит 2022 шықәса хәажәкырамзазы. Ари аҭыԥ аҿы депутатс далхын 50,28% бжьы зауыз Адгәыр Ҳаразиа. Ҳаразиа 2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 19 рзы Апарламент аҿы дхысит ҳәа гәҩарас дрымоуп, усҟан адепутат Вахтанг Гәаланӡиа дҭахеит, адепутат Кан Кәарҷиа ахәра иоуит. Ҳаразиа дрыԥшаарц ишьҭоуп. Ԥхынҷкәынмза 21 рзы Апарламент адепутатцәа Ҳаразиа адепутат илакьымсра имхразы рыбжьы рҭиит, лаҵарамза 20 рзы – идепутаттә зинмчрақәа заанаҵы раанкыларазы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102969/92/1029699267_112:0:1889:1333_1920x0_80_0_0_6ac9ad3ef0ebdd4ac7bf163bfcddc259.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
26-тәи Алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Апарламент ахь адепутат ҩаԥхьа иалхра ҟалоит ԥхынгәымза 26 рзы
АҞӘА, рашәара 3 - Sputnik. 26-тәи (Дранда) Алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Апарламент ахь адепутат ҩаԥхьа иалхра мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәымза 26 рзы. Уи азы аӡбара рыдыркылеит Алхратә комиссиа хада аилатәараҿы.
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысит 2022 шықәса хәажәкырамзазы. Ари аҭыԥ аҿы депутатс далхын 50,28% бжьы зауыз
Адгәыр Ҳаразиа.
Ҳаразиа 2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 19 рзы Апарламент аҿы дхысит ҳәа гәҩарас дрымоуп, усҟан адепутат Вахтанг Гәаланӡиа дҭахеит, адепутат Кан Кәарҷиа ахәра иоуит. Ҳаразиа дрыԥшаарц ишьҭоуп.
Ԥхынҷкәынмза 21 рзы Апарламент адепутатцәа Ҳаразиа адепутат илакьымсра имхразы рыбжьы рҭиит, лаҵарамза 20 рзы – идепутаттә зинмчрақәа заанаҵы раанкыларазы.