https://sputnik-abkhazia.info/20250604/1055184555.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
04.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-04T18:01+0300
2025-06-04T18:01+0300
2025-06-04T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/04/1055184423_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_615ec41659713308120ccb2648e56a95.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Апартиа "Иаку Аԥсны" ахантәаҩы инапынҵақәа наигӡалоит Алхас Барзаниа. Барзаниа икандидатура зегьы еицҿакны ирыдыркылеит Аҟәа имҩаԥысыз апартиа аполитикатә хеилак аҿы. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны имҩаԥысраны иҟоу апартиа аизара ду аҿы Барзаниа икандидатура шьақәырӷәӷәахоит. Алхас Барзаниа диит 1985 шықәса абҵара 14 рзы. 2007 шықәсазы Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә Асоциалтә университет аекономика аҟәша далгеит, 2014 шықәсазы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Адипломаттә Академиа аҟны "Адунеизегьтәи аекономика" азанааҭ ала амагистратура далгеит.
Денис Царгәыш зхы иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәыла еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хадас дҟалар алшоит. Икандидатура Урыстәыла Аспорт аминистрра бжьеицҿакла иаднагалеит Урыстәыла Аспорт қәԥарақәа рфедерациа анагӡаратә еилакы. Лаҵарамзазы еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада Хаџьымураҭ Гацалов аамҭала иусура аанкылан, Жәларбжьаратәи аԥышәаратә маҵзура аҟынтәи адопинг иаҿагыло аԥҟарақәа еилеигазар ҟалап ҳәа иҟанаҵаз адырраҭара инадҳәаланы.
Гәдоуҭеи Очамчыреи араионқәа рҿы аџьықәреи еиҳа ирацәаны иаадрыхуеит, зегь реиҳа имаҷны — Гагреи Аҟәеи араионқәа рҿы иҳәеит Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра амеханизациа аҟәша аиҳабы Асҭамыр Асланӡиа. 600 рҟынтәи 220 гектар адгьыл рцәаӷәахьеит Гәдоуҭа араион аҿы, 200 иазнеиуеит Очамчыра араионгьы ҳәа арбагақәа ааигеит иара, арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо. Раионцыԥхьаӡа иҟоу амашьына-трактортә станциақәа рҿы иааидкыланы 57 трактор ыҟоуп, урҭ рҟынтәи 52 ацәаӷәатә тракторқәа роуп, иара убас ирыцрарҳәо ақәаҭана, ачалт уҳәа рымоуп. Аха аспециалистцәа разымхаразы ауадаҩрақәа рымоуп иҳәеит Асланӡиа.
Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аԥсны АҶА аҳәынҭинспекциа амшын аплиажқәа аӡҭалара аамҭахәҭа аартра ишазхиоу азы агәаҭара мҩаԥнагоит. Аӡхәыҵалаҩцәа амшын аҵа гәарҭоит, ишәарҭоу агәамсам, аихатә конструкциақәа рҟынтәи идрыцқьоит. Пицунда, Гагра, Цандрыԥшь рҿы аӡҭалараамҭа официалла иаатуеит уаҵәы, рашәара 5 рзы. Аҟәа, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Гәылрыԥшь, Очамчыра – рашәара 10 рзы.
Апартиа "Иаку Аԥсны" ахантәаҩы инапынҵақәа наигӡалоит Алхас Барзаниа. Барзаниа икандидатура зегьы еицҿакны ирыдыркылеит Аҟәа имҩаԥысыз апартиа аполитикатә хеилак аҿы. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны имҩаԥысраны иҟоу апартиа аизара ду аҿы Барзаниа икандидатура шьақәырӷәӷәахоит. Алхас Барзаниа диит 1985 шықәса абҵара 14 рзы. 2007 шықәсазы Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә Асоциалтә университет аекономика аҟәша далгеит, 2014 шықәсазы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Адипломаттә Академиа аҟны "Адунеизегьтәи аекономика" азанааҭ ала амагистратура далгеит.Денис Царгәыш зхы иақәиҭу ақәԥаразы Урыстәыла еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хадас дҟалар алшоит. Икандидатура Урыстәыла Аспорт аминистрра бжьеицҿакла иаднагалеит Урыстәыла Аспорт қәԥарақәа рфедерациа анагӡаратә еилакы. Лаҵарамзазы еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада Хаџьымураҭ Гацалов аамҭала иусура аанкылан, Жәларбжьаратәи аԥышәаратә маҵзура аҟынтәи адопинг иаҿагыло аԥҟарақәа еилеигазар ҟалап ҳәа иҟанаҵаз адырраҭара инадҳәаланы.Гәдоуҭеи Очамчыреи араионқәа рҿы аџьықәреи еиҳа ирацәаны иаадрыхуеит, зегь реиҳа имаҷны — Гагреи Аҟәеи араионқәа рҿы иҳәеит Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра амеханизациа аҟәша аиҳабы Асҭамыр Асланӡиа. 600 рҟынтәи 220 гектар адгьыл рцәаӷәахьеит Гәдоуҭа араион аҿы, 200 иазнеиуеит Очамчыра араионгьы ҳәа арбагақәа ааигеит иара, арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо. Раионцыԥхьаӡа иҟоу амашьына-трактортә станциақәа рҿы иааидкыланы 57 трактор ыҟоуп, урҭ рҟынтәи 52 ацәаӷәатә тракторқәа роуп, иара убас ирыцрарҳәо ақәаҭана, ачалт уҳәа рымоуп. Аха аспециалистцәа разымхаразы ауадаҩрақәа рымоуп иҳәеит Асланӡиа.Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аԥсны АҶА аҳәынҭинспекциа амшын аплиажқәа аӡҭалара аамҭахәҭа аартра ишазхиоу азы агәаҭара мҩаԥнагоит. Аӡхәыҵалаҩцәа амшын аҵа гәарҭоит, ишәарҭоу агәамсам, аихатә конструкциақәа рҟынтәи идрыцқьоит. Пицунда, Гагра, Цандрыԥшь рҿы аӡҭалараамҭа официалла иаатуеит уаҵәы, рашәара 5 рзы. Аҟәа, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Гәылрыԥшь, Очамчыра – рашәара 10 рзы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/04/1055184423_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_6b96a9deb8415fd9f4ba40654b2e8d4e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио