00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
25 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:48
10 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:48
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Бриансктәии Курсктәии аобластқәа рҿы атерактқәа Сҭампыл имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа реиԥырҟьаразы имҩаԥган ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.Убри аан, Киев 30-60 мшы аибашьра аанкыларазы аҳәара ҟанаҵоит. Уи аԥсшьара мраҭашәаратәи бџьарла аҽеиқәныхразы, мчыла аруаа реидкыларазы, егьырҭ атеррористтә актқәа реиҿкааразы рхы иадырхәарц рҭахуп. Аҭынчра дара рзы амч ацәыӡроуп иаанаго, еилкаауп дара рзы амч аҭынчра аасҭа, насгьы урҭ атәымуаа реиԥш изхәаԥшуа руааԥсыра рыԥсҭазаара аасҭа еиҳа ишхадоу", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла ахада.
Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәбеи Аҟәа ахада Ҭемыр Агрбеи ақалақьтә инфекциатә хәышәтәырҭаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәарҭеит.Аҩбатәи аихагылеи анхамҩатә уадақәа рыхәҭаки сынтәа рырҽеира иалагеит, уи ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аԥара азоурыжьхьеит.Иара убас, Ашәбеи Агрбеи амедицинатә усбарҭа анапхгареи ахәышәтәырҭа акурорттә аамҭа иахьынӡазыхиоу иалацәажәеит.
Аԥсны амшынӡы аҟны авирусқәа аарԥшӡам лҳәеит асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева Sputnik аинтервиу аҭо.Асанитар-епидемиологиатә маҵзура лаҵара 15 инаркны жьҭаара 15 рҟынӡа есымчыбжьа аӡқәа гәанаҭоит. Агәаҭаразы амшынӡы ахкы ргоит ауаа лассы-лассы иахьҭало аҭыԥ аҟнытәи.Аӡы абактериақәеи авирусқәеи рзы игәарҭоит, анализ мышқәак рыла имҩаԥысуеитИахьа Гагра араион аҿы аӡҭалара официалла иаатит.Аҟәа, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь, Очамчыра араионқәа рҿы уи аатуеит рашәара 10 рзы.
Аԥхынразы Аҟәа ақалақь аҿы автобустә маршрутқәа рхыԥхьаӡара иацлоит. Ахырхарҭа хадақәа ҩба — Аџьармыкьа-Алашарбага-Каштак, Аџьармыкьа-Аҳабла ҿыц — рыцԥхьаӡа автобусқәа даҽа ҩба-ҩбеи хԥа-хԥеи бжьаҵахоит ҳәа адырра ҟарҵеит аҳҭнықалақь ахадара.Аџьармыкьа-Алашарбага-Каштак аганахьала аҵыхәтәантәи автобус 19:10 рзы идәықәлоит, даҽа автобуск уажәшьҭарнахыс 18:10 рзы идәықәлоит. Аҳабла ҿыц ахь ицо аҵыхәтәантәи автобус 19:20 рзы идәықәлоит, даҽа автобуск ацҵоуп 18:20 рзы, иара убас асааҭ 18:40, 19:00 рзы ҳәа аилыркаа ҟаиҵеит аекономикеи атранспорти рдепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Инал Џьанба.
Гәылрыԥшь араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны ҩыџьа ауаа аахақәа роуит.Дранда ҩ-машьынак еиҿасит ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аслан Базба.Апассаџьыри амашьынарныҟәцаҩи Агәыӡератәи ахәышәтәырҭахь иргеит, уаҟа раԥхьатәи ацхыраара рырҭеит. Анаҩс лхы ашьаршәы ахьҭатәаз иахҟьаны аԥҳәыс Ареспубликатә хәышәтәырҭахь ддәықәырҵеит.Базба иазгәеиҭеит амашәыр иақәшәаз рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0