https://sputnik-abkhazia.info/20250605/1055197303.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
05.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-05T18:01+0300
2025-06-05T18:01+0300
2025-06-05T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/05/1055197171_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_3f06e85ed119ead49bec034d6eed44ee.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Олег Барцыци Сергеи Лаврови рашәара 6 рзы еиԥылараны иҟоуп. Дара алацәажәоит атәылақәа ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа ҳәа аарыцҳауеит Аԥсны АдәАР аҟынтә. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Москва аусутә ныҟәарыла раԥхьатәихоит инеира
2 млрд мааҭ ашәахтәқәа алагалоуп Аԥсны абиуџьет ахь хәымз рыҩнуҵҟа. Ари 11% рыла еиҳауп иазгәаҭаз арбагақәа раасҭа, — иалагалаҵәҟьоуи иазгәаҭази реивыга — 216,5 миллион мааҭ ыҟоуп ҳәа рҳәеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрраҿы. Лаҵарамзазы ареспубликаҿы — 412,9 миллион мааҭ иназынаԥшуа ашәахтә еизган , уи иазгәаҭаз аасҭа 21% рыла еиҳауп.
Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аҭыԥқәа рыднагалеит Аҟәатәи аколлеџь астудентцәа.Аҳаирбаӷәаза анапхгара иаарту алекциа-ӡыргара мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҵара аминистрра. Астудентцәа ирзеиҭарҳәеит иахьазы иҟоу аҭыԥқәа, азанааҭтә еизҳаразы алшарақәа, аусуратә ҭагылазаашьақәа ртәы. Ҷыдала хшыҩзышьҭра рыҭан: адгьылхыхьтәи амаҵзура).
✈️ Ареисқәа Ханты-Мансииск — Аҟәа рашәара 28 инаркны ихацыркхоит. Шәахьалеи сабшалеи Аҟәаҟа иԥырлоит 50 ҭыԥ змоу аилахәыра "РусЛайн" аҳаирпланқәа Bombardier CRJ200, абри атәы аанацҳауеит аҳаирбаӷәаза апресс-маҵзура.Аԥырра аамҭа 6 сааҭки 55 минуҭи, уахь иалоуп Саратов сааҭктәи атехникатә тәарагьы.
Адәыӷба No304 Москва-Аҟәа аамҭеихша иагхеит Воронежтәи аобласт аҿы аихамҩақәа ааха ахьроуз иахҟьаны.Урыстәыла АфШәМ ахь адырра ҟаҵан, Евдаково-Сагуни иахьаҵанакуа амҩахәҭа ахьыԥжәаз инамаданы . Адәыӷба аусзуҩцәа иаразнактәи аанкылара рхы иахьадырхәаз абзоурала арыцҳара ҟамлеит.Ахҭыс иахҟьаны 21 дәыӷбаеиԥшьыра аанкылан. "Урыстәыла аихамҩақәа" аусзуҩцәа апассаџьырцәа ганрацәалатәи ацхыраара рзыҟарҵонАтеракт азы ашьаус хацыркуп Воронежтәи аобласт аҿы аихамҩа аԥжәара ахҭыс инақәыршәаны ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АУ.Аилак анапхгаҩы Александр Бастрыкин аусбарҭа ашьаусҭҵаара хада Анапхгараҭара аусзуҩцәа анапынҵа риҭеит аус аҭҵааразы.
Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу ацирк "Созвездие смелых" абилеҭқәа ирыхҭныҵуа аԥарақәа зегьы ареспублика аҿы еиуеиԥшым аусхкқәа рыцхыраарахь идәықәҵахоит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ацирк адиректор Наталиа Шульга. "Ари аҩыза ашьаҿақәа ҟанаҵоит "Росгосцирк". Ацирк Аԥсны агастрольқәа мҩаԥнагоит рашәара 14 инаркны цәыббра 14 рҟынӡа. Иазгәаҭоуп 50 қәгылара, мчыбжьык ахь хынтә амҩаԥгара.
Аҟәа ақалақь аҿы ахәыҷбаҳча «Солнышко» еиҭашьақәдыргылоит.Асовет аамҭазы ари аусбарҭа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рзы лагерк аҳасабала аус ауан. 2012 шықәсазы уи ашьаҭанкылатә ремонт азы иаркын, аусзуҩцәа ахәыҷбаҳча «Амра» ахь ииаган.Ахәыҷбаҳча аҵакыра арыцқьара иалагеит ҳәа аанацҳауеит"Апсны.Иахьа".
Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Олег Барцыци Сергеи Лаврови рашәара 6 рзы еиԥылараны иҟоуп. Дара алацәажәоит атәылақәа ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа ҳәа аарыцҳауеит Аԥсны АдәАР аҟынтә. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Москва аусутә ныҟәарыла раԥхьатәихоит инеира 2 млрд мааҭ ашәахтәқәа алагалоуп Аԥсны абиуџьет ахь хәымз рыҩнуҵҟа. Ари 11% рыла еиҳауп иазгәаҭаз арбагақәа раасҭа, — иалагалаҵәҟьоуи иазгәаҭази реивыга — 216,5 миллион мааҭ ыҟоуп ҳәа рҳәеит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрраҿы. Лаҵарамзазы ареспубликаҿы — 412,9 миллион мааҭ иназынаԥшуа ашәахтә еизган , уи иазгәаҭаз аасҭа 21% рыла еиҳауп.Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аҭыԥқәа рыднагалеит Аҟәатәи аколлеџь астудентцәа.Аҳаирбаӷәаза анапхгара иаарту алекциа-ӡыргара мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҵара аминистрра. Астудентцәа ирзеиҭарҳәеит иахьазы иҟоу аҭыԥқәа, азанааҭтә еизҳаразы алшарақәа, аусуратә ҭагылазаашьақәа ртәы. Ҷыдала хшыҩзышьҭра рыҭан: адгьылхыхьтәи амаҵзура). ✈️ Ареисқәа Ханты-Мансииск — Аҟәа рашәара 28 инаркны ихацыркхоит. Шәахьалеи сабшалеи Аҟәаҟа иԥырлоит 50 ҭыԥ змоу аилахәыра "РусЛайн" аҳаирпланқәа Bombardier CRJ200, абри атәы аанацҳауеит аҳаирбаӷәаза апресс-маҵзура.Аԥырра аамҭа 6 сааҭки 55 минуҭи, уахь иалоуп Саратов сааҭктәи атехникатә тәарагьы.Адәыӷба No304 Москва-Аҟәа аамҭеихша иагхеит Воронежтәи аобласт аҿы аихамҩақәа ааха ахьроуз иахҟьаны.Урыстәыла АфШәМ ахь адырра ҟаҵан, Евдаково-Сагуни иахьаҵанакуа амҩахәҭа ахьыԥжәаз инамаданы . Адәыӷба аусзуҩцәа иаразнактәи аанкылара рхы иахьадырхәаз абзоурала арыцҳара ҟамлеит.Ахҭыс иахҟьаны 21 дәыӷбаеиԥшьыра аанкылан. "Урыстәыла аихамҩақәа" аусзуҩцәа апассаџьырцәа ганрацәалатәи ацхыраара рзыҟарҵонАтеракт азы ашьаус хацыркуп Воронежтәи аобласт аҿы аихамҩа аԥжәара ахҭыс инақәыршәаны ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АУ.Аилак анапхгаҩы Александр Бастрыкин аусбарҭа ашьаусҭҵаара хада Анапхгараҭара аусзуҩцәа анапынҵа риҭеит аус аҭҵааразы. Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу ацирк "Созвездие смелых" абилеҭқәа ирыхҭныҵуа аԥарақәа зегьы ареспублика аҿы еиуеиԥшым аусхкқәа рыцхыраарахь идәықәҵахоит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ацирк адиректор Наталиа Шульга. "Ари аҩыза ашьаҿақәа ҟанаҵоит "Росгосцирк". Ацирк Аԥсны агастрольқәа мҩаԥнагоит рашәара 14 инаркны цәыббра 14 рҟынӡа. Иазгәаҭоуп 50 қәгылара, мчыбжьык ахь хынтә амҩаԥгара.Аҟәа ақалақь аҿы ахәыҷбаҳча «Солнышко» еиҭашьақәдыргылоит.Асовет аамҭазы ари аусбарҭа згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рзы лагерк аҳасабала аус ауан. 2012 шықәсазы уи ашьаҭанкылатә ремонт азы иаркын, аусзуҩцәа ахәыҷбаҳча «Амра» ахь ииаган.Ахәыҷбаҳча аҵакыра арыцқьара иалагеит ҳәа аанацҳауеит"Апсны.Иахьа".
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/05/1055197171_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_e80fe8fbdc3cd981a6efb2aa17090743.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио