https://sputnik-abkhazia.info/20250605/aikhama-aa-sou-ragylazaasha-zeishrou-eilkaakheit-1055187826.html
Аихамҩа Аҟәа-Ԥсоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу еилкаахеит
Аихамҩа Аҟәа-Ԥсоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу еилкаахеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 5 — Sputnik. Аихамҩа Аҟәа-Ԥсоу аҭагылазаашьа бзиоуп ҳәа ахәшьара аҭоуп ҳәа аанацҳауцеит "Аԥсныеихамҩа". 05.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-05T10:27+0300
2025-06-05T10:27+0300
2025-06-05T10:50+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/11/1048025444_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_f23e79f042a4b3d1193ec67dc31a1dbd.jpg
АҞӘА, рашәара 5 — Sputnik. Аихамҩа Аҟәа-Ԥсоу аҭагылазаашьа бзиоуп ҳәа ахәшьара аҭоуп ҳәа аанацҳауцеит "Аԥсныеихамҩа".Амҩашәагатә вагон зхысыз амҩахәҭа аура 101 км ыҟоуп. Уи аҟнытә 60 км "ибзиаӡоуп" ҳәа ахәшьара аҭоуп, 31км — "ибзиоуп", 10 км — "хар амам" ҳәа."Аԥсныеихамҩа" адиректор хада Арсоу Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит, ари 2-3 шықәса ирылагӡаны аколлектив имҩаԥнагаз аусура ишалҵшәоу.Абри аамҭала иԥсахын:Есыҽны аҭыԥантәи абригадақәеи урыстәылатәи аҟазауааи аусурақәа мҩаԥыргоит. Аихамҩа есыҽны иақәло аидара еизҳауеит, аха "Аԥсныеихамҩа" аусзуҩцәа азыхиоуп амҩақәа ишрықәнагоу еиԥш рхылаԥшра, амҩа аҭагылазаашьа аҩаӡара ҳаракызарц ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/11/1048025444_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_019a237df30807e20ce33351121eae33.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аихамҩа Аҟәа-Ԥсоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу еилкаахеит
10:27 05.06.2025 (ирҿыцуп: 10:50 05.06.2025) АҞӘА, рашәара 5 —
Sputnik. Аихамҩа Аҟәа-Ԥсоу аҭагылазаашьа бзиоуп ҳәа ахәшьара аҭоуп ҳәа
аанацҳауцеит "Аԥсныеихамҩа".
Амҩашәагатә вагон зхысыз амҩахәҭа аура 101 км ыҟоуп. Уи аҟнытә 60 км "ибзиаӡоуп" ҳәа ахәшьара аҭоуп, 31км — "ибзиоуп", 10 км — "хар амам" ҳәа.
"Аԥсныеихамҩа" адиректор хада Арсоу Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит, ари 2-3 шықәса ирылагӡаны аколлектив имҩаԥнагаз аусура ишалҵшәоу.
5 000 инареиҳаны аихабетонтә шпала;
4 000 инареиҳаны амҿтәы шпалақәа;
Кьалашәыртәи аангыларҭаҿы 300 м арельсошпалатә еихыршь;
акацар Бзыԥ — Мысра аҿы 800 м арельстә цәаҳәа;
2024 шықәсазы амалыр змаз 84 рельс ԥсахын, 54 — аиԥшьырҭақәа рырманшәаларазы;
Аангыларҭа Гагра аҿы амҿтәы қьарсҭақәа ԥсахын аихабетонтәқәа рыла, аангыларҭақәа Цандрыԥшьи Гагреи рҿы аиагагақәа рҭыԥ иқәҵан.
Есыҽны аҭыԥантәи абригадақәеи урыстәылатәи аҟазауааи аусурақәа мҩаԥыргоит.
Аихамҩа есыҽны иақәло аидара еизҳауеит, аха "Аԥсныеихамҩа" аусзуҩцәа азыхиоуп амҩақәа ишрықәнагоу еиԥш рхылаԥшра, амҩа аҭагылазаашьа аҩаӡара ҳаракызарц ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.