https://sputnik-abkhazia.info/20250609/1055230252.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
09.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-09T13:30+0300
2025-06-09T13:30+0300
2025-06-09T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/09/1055230120_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_799b5a12aeff4409539ec9168f5c6e97.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны зыргылара азгәаҭоу 12 спорттә дәы рахьынтәи акы аартхеит Аҟәа Аҳабла Ҿыц аҿы .Ари аофициалтә аартра ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба. Аспорттә аргылара ахарџь 20 миллион иназынаԥшуа инаӡоит,уи аԥара азоунажьит Краснодартәи атәылаҿацә.Араҟа ашьапылампыл, амҵәышәымпыл, анапылампыл асразы алшара аԥҵоуп. Ахәаԥшцәа рзы асқамқәа ргылоуп."Ихадароуп ари ашҭа аҩнеихагыла дуқәак рыбжьара иахьыҟоу , избанзар аҭаацәа рзы рхәыҷқәа рхылаԥшра рзыманшәалоуп" — иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи абизнес аинтересқәа ҳасаб рзуны урыстәылатәи аинвестициақәа радԥхьалара ҳазҿлымҳауп ҳәа РИА Новости аинтервиу аҭо иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц."Ишаԥу еиԥш, Урыстәылатәи абизнес Аԥсны иҟоуп, ҳара аинвестициа ҿыцқәеи амҽхак ду змоу апроектқәеи ҳрызҿлымҳауп. Убри аан, ҳара ҳтәыла аҩнуҵҟатәи абизнес аинтересқәа ҳасаб рзуны, абжьаратәи акласс, ахатәыҩцәа, аарыхҩцәа рырҿиара ҳҽазаҳшәоит", — ҳәа иҳәеит иара.
Донецк ақалақь аҟынтәи Аԥсныҟа автобусқәа дәықәлоит рашәарамза 21 рзы.Аныҟәарақәа ҽнак абжьара ҽнак иҟалоит, уахыки ҽнаки раҟара амҩа иқәхоит.Аамҭеихша инақәыршәаны, автобусқәа Донецк асааҭ 15:00 рзы идәықәлоит, адырҩаҽны асааҭ 14:00 рзы Афон ҿыц инеиуеит. Амаршрут Лазаревское, Лоо, Шәача, Гагра, Гәдоуҭа ирылсны ицоит.
Аԥсуа драматә театр иахьа иқәнаргылоит аспектакль ҿыц "Аџьаз иалоу ҭыԥҳацәоуп".Аспектакль аԥхьарбара мҩаԥысуеит асааҭ 19:00 рзы, ихадоу ароль налыгӡоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥсытәылеи зҽаԥсазтәыз артистка, адраматә театр анапхгаҩы Хьыбла Мықәԥҳа.Аспектакль арежиссиор — Мадина Аргәынԥҳа, иара убас ихадоу арольқәа нарыгӡоит Алхас Ферзбеи Михаил Цкәуеи. Апиеса аԥсшәахь еиҭеигеит — Даур Арухаа.Аклассикатә сиужет "Аџьаз иалоу ҭыԥҳацәоуп" аҟны еиҭанаҳәоит Чикаго ацәгьоуцәа реибырххарақәа ирылашәаз ҩыџьа амузыкантцәа Џьои Џьерри рҭоурых. Дара урҭ рҽырцәырыхьчарц азы Флоридаҟа ибналт, аҳәса реиԥш рҽеилаҳәаны урҭ рџьазтә гәыԥ иалалеит.
Аԥснытәи агимнасткацәа Санкт-Петербург имҩаԥысыз атурнир "Вдохновение лета" аҿы аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит.Дара ықәгылеит зегь реиҳа иуадаҩыз акатегориа А аҿы.▪️Софиа Адлеиба, Сара Иановскаиа, Полина Марченко —ахьтәы медалқәа ирыԥсахеит.▪️Араӡын медалқәа ранашьан Алина Зенкина, Александра Кәарцхьиа, Нита Козишникова.▪️Аџьаз — Кети Кәарҷиа, Елина Қьалаиџьан, Сабина Сҭамбулиан.Агимнасткацәа азыҟарҵоит Урыстәылазегьтәи акатегориа азыҟаҵаҩ-аӡбаҩ, аспорт азҟаза Мариа Иакимова, аспорт азҟаза Анастасиа Буиуклиан.
Аԥсны зыргылара азгәаҭоу 12 спорттә дәы рахьынтәи акы аартхеит Аҟәа Аҳабла Ҿыц аҿы .Ари аофициалтә аартра ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба. Аспорттә аргылара ахарџь 20 миллион иназынаԥшуа инаӡоит,уи аԥара азоунажьит Краснодартәи атәылаҿацә.Араҟа ашьапылампыл, амҵәышәымпыл, анапылампыл асразы алшара аԥҵоуп. Ахәаԥшцәа рзы асқамқәа ргылоуп."Ихадароуп ари ашҭа аҩнеихагыла дуқәак рыбжьара иахьыҟоу , избанзар аҭаацәа рзы рхәыҷқәа рхылаԥшра рзыманшәалоуп" — иҳәеит аҳәынҭқарра ахада. Аԥсны аҩнуҵҟатәи абизнес аинтересқәа ҳасаб рзуны урыстәылатәи аинвестициақәа радԥхьалара ҳазҿлымҳауп ҳәа РИА Новости аинтервиу аҭо иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц."Ишаԥу еиԥш, Урыстәылатәи абизнес Аԥсны иҟоуп, ҳара аинвестициа ҿыцқәеи амҽхак ду змоу апроектқәеи ҳрызҿлымҳауп. Убри аан, ҳара ҳтәыла аҩнуҵҟатәи абизнес аинтересқәа ҳасаб рзуны, абжьаратәи акласс, ахатәыҩцәа, аарыхҩцәа рырҿиара ҳҽазаҳшәоит", — ҳәа иҳәеит иара. Донецк ақалақь аҟынтәи Аԥсныҟа автобусқәа дәықәлоит рашәарамза 21 рзы.Аныҟәарақәа ҽнак абжьара ҽнак иҟалоит, уахыки ҽнаки раҟара амҩа иқәхоит.Аамҭеихша инақәыршәаны, автобусқәа Донецк асааҭ 15:00 рзы идәықәлоит, адырҩаҽны асааҭ 14:00 рзы Афон ҿыц инеиуеит. Амаршрут Лазаревское, Лоо, Шәача, Гагра, Гәдоуҭа ирылсны ицоит. Аԥсуа драматә театр иахьа иқәнаргылоит аспектакль ҿыц "Аџьаз иалоу ҭыԥҳацәоуп".Аспектакль аԥхьарбара мҩаԥысуеит асааҭ 19:00 рзы, ихадоу ароль налыгӡоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥсытәылеи зҽаԥсазтәыз артистка, адраматә театр анапхгаҩы Хьыбла Мықәԥҳа.Аспектакль арежиссиор — Мадина Аргәынԥҳа, иара убас ихадоу арольқәа нарыгӡоит Алхас Ферзбеи Михаил Цкәуеи. Апиеса аԥсшәахь еиҭеигеит — Даур Арухаа.Аклассикатә сиужет "Аџьаз иалоу ҭыԥҳацәоуп" аҟны еиҭанаҳәоит Чикаго ацәгьоуцәа реибырххарақәа ирылашәаз ҩыџьа амузыкантцәа Џьои Џьерри рҭоурых. Дара урҭ рҽырцәырыхьчарц азы Флоридаҟа ибналт, аҳәса реиԥш рҽеилаҳәаны урҭ рџьазтә гәыԥ иалалеит. Аԥснытәи агимнасткацәа Санкт-Петербург имҩаԥысыз атурнир "Вдохновение лета" аҿы аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит.Дара ықәгылеит зегь реиҳа иуадаҩыз акатегориа А аҿы.▪️Софиа Адлеиба, Сара Иановскаиа, Полина Марченко —ахьтәы медалқәа ирыԥсахеит.▪️Араӡын медалқәа ранашьан Алина Зенкина, Александра Кәарцхьиа, Нита Козишникова.▪️Аџьаз — Кети Кәарҷиа, Елина Қьалаиџьан, Сабина Сҭамбулиан.Агимнасткацәа азыҟарҵоит Урыстәылазегьтәи акатегориа азыҟаҵаҩ-аӡбаҩ, аспорт азҟаза Мариа Иакимова, аспорт азҟаза Анастасиа Буиуклиан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/09/1055230120_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_fcd96358ac5e41629371a5de276a34dc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио