https://sputnik-abkhazia.info/20250609/asny-aara-aministri-ateledyrraara-umnitsy-i-umniki-avtori-eiyleit-1055233906.html
Аԥсны аҵара аминистри ателедырраҭара "Умницы и Умники" автори еиԥылеит
Аԥсны аҵара аминистри ателедырраҭара "Умницы и Умники" автори еиԥылеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынбеи ателедырраҭара "Умницы и Умники" автор, уи амҩаԥгаҩ Иури Виаземскии лареи еиԥылеит. 09.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-09T15:25+0300
2025-06-09T15:25+0300
2025-06-09T15:25+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/09/1055233553_0:0:640:359_1920x0_80_0_0_4e386465ac6259db0617f64bc959ef58.jpg
АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынбеи ателедырраҭара "Умницы и Умники" автор, уи амҩаԥгаҩ Иури Виаземскии лареи еиԥылеит.Гәынба инаҵшьны иазгәалҭеит "Умницы и Умники" — абаҩхатәра злоу аԥсуа школхәыҷқәа рыцхырааразы даара акрызҵазкуа проектны ишыҟоу.Иури Виаземски иажәақәа рыла, ареспублика аҟынтәи шықәсык аҩнуҵҟа апроект иалахәхарц зылшо рхыԥхьаӡара иацҵоуп — хҩык рҟынтәи ԥшьҩык рҟынӡа."Урыстәыла ахада Владимир Владимир-иԥа Путин игәазыҳәароуп ари — аԥснытәи ашколхәыҷқәа ралахәхара", — иҳәеит амҩаԥгаҩ.Аԥсны аҵара аминистрра ԥшьышықәса ҵуеит ателеолимпиада алахәхаразы ашколхәыҷқәа азыҟарҵоижьҭеи. Сынтәа аиааира игеит Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҵаҩы Нестор Ҭарба.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/09/1055233553_0:0:640:479_1920x0_80_0_0_74dc5c8b9c06d45025bf84e733cc4504.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны аҵара аминистри ателедырраҭара "Умницы и Умники" автори еиԥылеит
АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынбеи ателедырраҭара "Умницы и Умники" автор, уи амҩаԥгаҩ Иури Виаземскии лареи еиԥылеит.
Гәынба инаҵшьны иазгәалҭеит "Умницы и Умники" — абаҩхатәра злоу аԥсуа школхәыҷқәа рыцхырааразы даара акрызҵазкуа проектны ишыҟоу.
"Сынтәа ҳџьынџьуаҩ, ҳҵаҩы Нестор Ҭарба ҳҳәынҭқарра ахьӡала адырраҭара дахьалахәыз, уимоу аиааирагьы ахьигаз лымкаала ҳаигәырӷьоит", — азгәалҭеит аминистр.
Иури Виаземски иажәақәа рыла, ареспублика аҟынтәи шықәсык аҩнуҵҟа апроект иалахәхарц зылшо рхыԥхьаӡара иацҵоуп — хҩык рҟынтәи ԥшьҩык рҟынӡа.
"Урыстәыла ахада Владимир Владимир-иԥа Путин игәазыҳәароуп ари — аԥснытәи ашколхәыҷқәа ралахәхара", — иҳәеит амҩаԥгаҩ.
Аԥсны аҵара аминистрра ԥшьышықәса ҵуеит ателеолимпиада алахәхаразы ашколхәыҷқәа азыҟарҵоижьҭеи. Сынтәа аиааира игеит Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҵаҩы Нестор Ҭарба.