https://sputnik-abkhazia.info/20250610/1055239270.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
10.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-10T13:01+0300
2025-06-10T13:01+0300
2025-06-10T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/0a/1055239138_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_c219c8bfd875f35e84dda90e2e71bcb6.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны даанкылоуп украинатәи аԥшыхәра иалалаз урыстәылауаҩ. Иара Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҟны атеракт амҩаԥгара гәҭакыс иман, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АшәМ.45 шықәса зхыҵуа аргыларатә хеилак анџьныр даанкылан Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыраҿы иуньмза 5 рзы. Ишьақәырӷәӷәан Украина Атәылахьчара иатәу аԥшыхәратә маҵзура Хадеи иареи аимадара рыбжьан ҳәа.Дара рнапынҵала иара рашәарамзазы атеракт мҩаԥигараны дыҟан.Иаанкылоу ахаҵа напхгара изызуаз украинатәи аԥшыхәцәа рахь аҳаирбаӷәаза анџьныртә план рзишьҭит, уаҟа иаирбеит артҟәацгақәа ахьышьҭарҵаша аҭыԥқәа."Ашпионаж" ахәҭаҷ ала ашьаус хацыркуп.
Аԥсны иахьа Москва иаатыз атуристтә форум "Путешествуй" иалахәуп.Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа "Асасцәа радыԥхьалареи аинфраструктура ахаҭабзиареи", иара убас "Атуризм ахырхарҭа аинвестициақәа ралагаларазы амеханизмқәа раԥҵара азы" ртемала ажәахә ҟаиҵоит. Афорум Аԥсны атуризм иамоу алшарақәа раарԥшразы акыр зҵазкуа ҭыԥхоит.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи ,Ареспубликатә асанитартә-епидемиологиатә маҵзура аҳақьым хада Алла Белиаевеи алахәуп Абиологиатә шәарҭадара иазку V Жәларбжьаратәи аконференциа . Уи еиҿнакаауеит Роспотребнадзор,имҩаԥысуеит Шәача ақалақь аҿы иунь 10-11 рзы. .Аконференциа рхы аладырхәуеит 30-тәыла рҟынтәи 200-ҩык рҟынӡа ахаҭарнакцәа.
Гәылрыԥшь араион аҿы аӡҭалара аамҭахәҭа аатит.Аӡхәыҵалаҩцәа раԥхьатәи аҳәаа иахьаҵанакуа инаркны Кьалашәыр аӡиас аҟынӡа ҩ-километрак амшын аҵа гәарҭеит, идрыцқьеит иҳәеит Маҷара ақыҭа ахада Денис Ҳаџьымба.Иара агәҽанҵара ҟаиҵеит Кьалашәыр амшын иахьалало аҭыԥ аҿы амшынҭалара шыҟамло.Аҽыкәабарҭатә ҭыԥқәа рҟны адыргақәа шьақәдыргылеит, иара убасгьы амшын аԥшаҳәа анҭыҵ аҽыкәабагатә маҭәала ацәырҵраз ахараԥса шрықәырҵо ргәалазыршәо уҳәа.Аӡҭалара аамҭа цәыббра 10 рҟынӡа иҟоуп. Иара убас иахьа аӡҭалара аамҭахәҭа аатити Аҟәеи Гәдоуҭа араионқәа рҿгьы.
Гагра араион ҧасатәи апрокурор Беслан Ԥкьын иганахьала амцабџьар изакәанымкәа аахәаразы, аҵәахразы, аныҟәгареи рзы ашьаус хацыркуп, абри атәы аанацҳауеит Аҧсны АҩАР апресс-маҵзура.2024 шықәса ҧхынҷкәын 7 рзы ауаажәларратә ҭыҧ аҟны закәаншьаҭада иныҟәигоз абџьар ала ақьафурҭа Dolce Vita дыҩнахысит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Аспектакль "Аџьаз иалоу ҭыԥҳацәоуп" аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа драматә театр аҟны.Аспектакль еиҭанаҳәоит Чикаго ацәгьоуцәа реибырххарақәа ирылашәаз ҩыџьа амузыкантцәа Џьои Џьерри рҭоурых. Урҭ ррольқәа нарыгӡеит Алхас Ферзбеи Михаил Цкәуеи."Аспектакль мариаӡам, адинамика ӷәӷәа амоуп. Ари аҩыза аспектакль хәымз-фымз ҭынч аус адулатәуп, ҳара мызқәак рыла иқәҳаргылеит, иҳалшаз ахәаԥшцәа ахәшьара арҭап ", — иҳәеит актиор Алхас Ферзба.Аспектакль арежиссиор — Мадина Аргәынԥҳа, апиеса аԥсшәахь еиҭеигеит — Даур Арухаа.Аԥхьарбара мҩаԥысуеит ҩымш иаци иахьеи 19:00 рзы.
Аԥсны даанкылоуп украинатәи аԥшыхәра иалалаз урыстәылауаҩ. Иара Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҟны атеракт амҩаԥгара гәҭакыс иман, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АшәМ.45 шықәса зхыҵуа аргыларатә хеилак анџьныр даанкылан Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыраҿы иуньмза 5 рзы. Ишьақәырӷәӷәан Украина Атәылахьчара иатәу аԥшыхәратә маҵзура Хадеи иареи аимадара рыбжьан ҳәа.Дара рнапынҵала иара рашәарамзазы атеракт мҩаԥигараны дыҟан.Иаанкылоу ахаҵа напхгара изызуаз украинатәи аԥшыхәцәа рахь аҳаирбаӷәаза анџьныртә план рзишьҭит, уаҟа иаирбеит артҟәацгақәа ахьышьҭарҵаша аҭыԥқәа."Ашпионаж" ахәҭаҷ ала ашьаус хацыркуп. Аԥсны иахьа Москва иаатыз атуристтә форум "Путешествуй" иалахәуп.Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа "Асасцәа радыԥхьалареи аинфраструктура ахаҭабзиареи", иара убас "Атуризм ахырхарҭа аинвестициақәа ралагаларазы амеханизмқәа раԥҵара азы" ртемала ажәахә ҟаиҵоит. Афорум Аԥсны атуризм иамоу алшарақәа раарԥшразы акыр зҵазкуа ҭыԥхоит. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи ,Ареспубликатә асанитартә-епидемиологиатә маҵзура аҳақьым хада Алла Белиаевеи алахәуп Абиологиатә шәарҭадара иазку V Жәларбжьаратәи аконференциа . Уи еиҿнакаауеит Роспотребнадзор,имҩаԥысуеит Шәача ақалақь аҿы иунь 10-11 рзы. .Аконференциа рхы аладырхәуеит 30-тәыла рҟынтәи 200-ҩык рҟынӡа ахаҭарнакцәа. Гәылрыԥшь араион аҿы аӡҭалара аамҭахәҭа аатит.Аӡхәыҵалаҩцәа раԥхьатәи аҳәаа иахьаҵанакуа инаркны Кьалашәыр аӡиас аҟынӡа ҩ-километрак амшын аҵа гәарҭеит, идрыцқьеит иҳәеит Маҷара ақыҭа ахада Денис Ҳаџьымба.Иара агәҽанҵара ҟаиҵеит Кьалашәыр амшын иахьалало аҭыԥ аҿы амшынҭалара шыҟамло.Аҽыкәабарҭатә ҭыԥқәа рҟны адыргақәа шьақәдыргылеит, иара убасгьы амшын аԥшаҳәа анҭыҵ аҽыкәабагатә маҭәала ацәырҵраз ахараԥса шрықәырҵо ргәалазыршәо уҳәа.Аӡҭалара аамҭа цәыббра 10 рҟынӡа иҟоуп. Иара убас иахьа аӡҭалара аамҭахәҭа аатити Аҟәеи Гәдоуҭа араионқәа рҿгьы. Гагра араион ҧасатәи апрокурор Беслан Ԥкьын иганахьала амцабџьар изакәанымкәа аахәаразы, аҵәахразы, аныҟәгареи рзы ашьаус хацыркуп, абри атәы аанацҳауеит Аҧсны АҩАР апресс-маҵзура.2024 шықәса ҧхынҷкәын 7 рзы ауаажәларратә ҭыҧ аҟны закәаншьаҭада иныҟәигоз абџьар ала ақьафурҭа Dolce Vita дыҩнахысит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа. Аспектакль "Аџьаз иалоу ҭыԥҳацәоуп" аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа драматә театр аҟны.Аспектакль еиҭанаҳәоит Чикаго ацәгьоуцәа реибырххарақәа ирылашәаз ҩыџьа амузыкантцәа Џьои Џьерри рҭоурых. Урҭ ррольқәа нарыгӡеит Алхас Ферзбеи Михаил Цкәуеи."Аспектакль мариаӡам, адинамика ӷәӷәа амоуп. Ари аҩыза аспектакль хәымз-фымз ҭынч аус адулатәуп, ҳара мызқәак рыла иқәҳаргылеит, иҳалшаз ахәаԥшцәа ахәшьара арҭап ", — иҳәеит актиор Алхас Ферзба.Аспектакль арежиссиор — Мадина Аргәынԥҳа, апиеса аԥсшәахь еиҭеигеит — Даур Арухаа.Аԥхьарбара мҩаԥысуеит ҩымш иаци иахьеи 19:00 рзы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/0a/1055239138_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_edc21688113a931d6bb41d026dc1a24d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио