00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
2 мин
Новости 14.30
14:29
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:29
1 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:29
1 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Посредник
Выявлять и контролировать: как работает миграционная служба Абхазии
14:04
2 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Актуальный комментарий
В Парламенте Абхазии будут обсуждать ситуацию с ценами на отели в низкий сезон
14:46
5 мин
Такие обстоятельства
Реформа конституционный системы Абхазии: как работает комиссия
14:52
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Такие обстоятельства
Новое оборудование для научно-исследовательского института судебных экспертиз
18:50
15 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны даанкылоуп украинатәи аԥшыхәра иалалаз урыстәылауаҩ. Иара Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҟны атеракт амҩаԥгара гәҭакыс иман, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АшәМ.45 шықәса зхыҵуа аргыларатә хеилак анџьныр даанкылан Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыраҿы иуньмза 5 рзы. Ишьақәырӷәӷәан Украина Атәылахьчара иатәу аԥшыхәратә маҵзура Хадеи иареи аимадара рыбжьан ҳәа.Дара рнапынҵала иара рашәарамзазы атеракт мҩаԥигараны дыҟан.Иаанкылоу ахаҵа напхгара изызуаз украинатәи аԥшыхәцәа рахь аҳаирбаӷәаза анџьныртә план рзишьҭит, уаҟа иаирбеит артҟәацгақәа ахьышьҭарҵаша аҭыԥқәа."Ашпионаж" ахәҭаҷ ала ашьаус хацыркуп.
АШәМ даннакылеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Украина Ашәарҭадаратә маҵзура адҵала атеракт амҩаԥгара зҽазыҟазҵоз урыстәылауаҩ.Аусбарҭа адыррақәа рыла, иара игәы иҭан ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥ аҿы атеракт амҩаԥгара – аенергетикатә еиқәыршәарақәа руак административтә хыбраҿы.Ишьақәырӷәӷәоуп, 2025 шықәса жәабранмзазы ари ахаҵа Украина Ашәарҭадаратә маҵзура WhatsApp ала аусурахь дшрыдыркылаз. Уи арратә ҭыԥқәа рфотосахьақәа ҭихуан, Амшынеиқәатә флот аӷбақәа рныҟәарақәа рзы адыррақәа еизигон.Уи азы ашьаус аартуп. Ахара здырҵо ихара дақәшаҳаҭхеит, насгьы аусеилыргара дацхраауеит.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи ,Ареспубликатә асанитартә-епидемиологиатә маҵзура аҳақьым хада Алла Белиаевеи алахәуп Абиологиатә шәарҭадара иазку V Жәларбжьаратәи аконференциа . Уи еиҿнакаауеит Роспотребнадзор,имҩаԥысуеит Шәача ақалақь аҿы иунь 10-11 рзы. .Аконференциа рхы аладырхәуеит 30-тәыла рҟынтәи 200-ҩык рҟынӡа ахаҭарнакцәа.
Гәылрыԥшь араион аҿы аӡҭалара аамҭахәҭа аатит.Аӡхәыҵалаҩцәа раԥхьатәи аҳәаа иахьаҵанакуа инаркны Кьалашәыр аӡиас аҟынӡа ҩ-километрак амшын аҵа гәарҭеит, идрыцқьеит иҳәеит Маҷара ақыҭа ахада Денис Ҳаџьымба.Иара агәҽанҵара ҟаиҵеит Кьалашәыр амшын иахьалало аҭыԥ аҿы амшынҭалара шыҟамло.Аҽыкәабарҭатә ҭыԥқәа рҟны адыргақәа шьақәдыргылеит, иара убасгьы амшын аԥшаҳәа анҭыҵ аҽыкәабагатә маҭәала ацәырҵраз ахараԥса шрықәырҵо ргәалазыршәо уҳәа.Аӡҭалара аамҭа цәыббра 10 рҟынӡа иҟоуп. Иара убас иахьа аӡҭалара аамҭахәҭа аатити Аҟәеи Гәдоуҭа араионқәа рҿгьы.
Очамчыра аспорттә дәы ҿыц аартуп.Ауснагӡатә далахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба.Анапылампыл, амҵәышәампыл, ашьапылампыл ахәмарразы алшарақәа ыҟоуп. Адәы иаакәыршаны аспорт абзиабаҩцәа рзы аҟәардәқәа ргылоуп. Акапиталтә ргылара аусбарҭа анапхгаҩы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, аспорттә дәы ҿыц иргылоуп, уаанӡа ари аҭыԥ аҟны акгьы ыҟаӡамызт.Аргыларақәа рхарџь ахахьы иагеит Краснодартәи атәылаҿацә. Зынӡа Аԥсны ас еиԥш аспорттә дәқәа 12 дыргылоит: Аҟәа ақалақь аҿы — ааба, Тҟәарчал— ҩба, Очамчыреи Гал ақалақьи рҿы — акака.
Ажәабжьқәа зегьы
0