https://sputnik-abkhazia.info/20250610/1055247883.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
10.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-10T18:01+0300
2025-06-10T18:01+0300
2025-06-10T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/0a/1055247751_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_f48a16b7c936261c4fc8ffded9cdcf23.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Санкт-Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум ихы алаирхәуеит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.Афорум мҩаԥысран иҟоуп рашәара 18 - 21 рзы.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ишахәҭоу еиԥш аус ауеит ҳәа аанацҳауеит аҳаирбаӷәаза апресс-маҵзура.Иазгәаҭоуп, иаанкылоу адиверсант аҳаирбаӷәаза аусзуҩы шиакәым. Иара анардтә еиҿкаара "СЗИП" аҿы аус шиуаз."Аҳаирбаӷәаза азакәанхьчаратә усбарҭақәа ирыцхраауеит", — ҳәа аҳәоит акьыԥхьымҭаҿы. Рашәара 5 рзы Аԥсны дааныркылеит Украинатәи амаҵзура ҷыдақәа рыдҵала Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы атеракт амҩаԥгара азгәаҭаны измаз.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи, асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаевеи, Урыстәыла асанитартә ҳақьым хада Анна Поповеи еиԥылеит.Дара акурорттә аамҭахәҭа иалагӡаны аепидемиологиатә шәарҭадара азҵаарақәа ирылацәажәеит, еиқәдыршәеит 2025 шықәсазызтәи аусеицуразы заанаҵтәи ауснагӡатә.Аԥсны ахаҭарнакцәа Шәача имҩаԥысуаз абиошәарҭадара азы жәларбжьаратәи аконференциа рхы аладырхәит. Уаҟа иалацәажәоит аҿкчымазарақәа рҿагыларазы аусеицура азҵаатәқәеи, адунеизегьтәи абиошәарҭадара астратегиа ашьақәыргылареи.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа III Жәларбжьаратәи апарламенттә Форум "Пушкин иаԥхьарақәа" иалахәуп.Аделегациа иалоуп Инар Саӡба, Левон Галустиан, Венори Бебиа. Дара егьырҭ аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа ирыцны Александртәи абаҳчаҿы иҟоу Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.Уи адагьы, аделегациа ахада Инар Саӡба апленартә еилатәараҿы ажәахә иманы дықәгылеит, абри атәы аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.Апарламенттә Форум "Пушкин иаԥхьарақәа" мҩаԥыргоит 2023 шықәса раахыс Аҳәынҭқарратә Дума аԥшьгарала, сынтәа уи азкуп Аиааира Ду 80 шықәса ахыҵра
Жәларбжьаратәи атуристтә форум "Путешествуй!" аҟны аԥсуа стенд иаҭааит ацифратә економикеи аинновациақәеи, акоммуникациақәеи, амедиеи, акультуреи, атуризми рзы Урыстәыла Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенкои аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вахрукови.Дара дырԥылеит Аԥсны Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа.Чернышенко Аԥсны иазеиӷьаишьеит ашәҭкакаҷра, иазгәеиҭеит атәылақәа рыбжьара хра злоу аусеицура амҩаԥгаразы агәыӷра шимоу.
Аԥсны имҩаԥысуаз адиспансеризациа аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи аҳақьымцәа 27-нызқьҩык ахәыҷқәа гәарҭеит.Урҭ рахьынтә 16-нызқьҩык ахәыҷқәа рчымазарақәа раԥхьаӡа акәны ишрымаз гәарҭеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.Ачымазара здырбалаз хәыҷқәа рсиақәа изхәшәтәуаз аҳақьымцәеи Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи ирыҭан ахылаԥшразы.23-ҩык ахәыҷқәа урыстәылатәи ахәшәтәырҭатә центрқәа рҿы астационартә хәышәтәра ирхысхьеит, урҭ рҟынтә џьоукы рыхәшәтәра иацҵоуп, даҽа 18-ҩык ахәыҷқәа рзы иахәҭоу аусшәҟәқәа реиқәыршәара мҩаԥысуеит.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Санкт-Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум ихы алаирхәуеит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.Афорум мҩаԥысран иҟоуп рашәара 18 - 21 рзы. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ишахәҭоу еиԥш аус ауеит ҳәа аанацҳауеит аҳаирбаӷәаза апресс-маҵзура.Иазгәаҭоуп, иаанкылоу адиверсант аҳаирбаӷәаза аусзуҩы шиакәым. Иара анардтә еиҿкаара "СЗИП" аҿы аус шиуаз."Аҳаирбаӷәаза азакәанхьчаратә усбарҭақәа ирыцхраауеит", — ҳәа аҳәоит акьыԥхьымҭаҿы. Рашәара 5 рзы Аԥсны дааныркылеит Украинатәи амаҵзура ҷыдақәа рыдҵала Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы атеракт амҩаԥгара азгәаҭаны измаз. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи, асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаевеи, Урыстәыла асанитартә ҳақьым хада Анна Поповеи еиԥылеит.Дара акурорттә аамҭахәҭа иалагӡаны аепидемиологиатә шәарҭадара азҵаарақәа ирылацәажәеит, еиқәдыршәеит 2025 шықәсазызтәи аусеицуразы заанаҵтәи ауснагӡатә.Аԥсны ахаҭарнакцәа Шәача имҩаԥысуаз абиошәарҭадара азы жәларбжьаратәи аконференциа рхы аладырхәит. Уаҟа иалацәажәоит аҿкчымазарақәа рҿагыларазы аусеицура азҵаатәқәеи, адунеизегьтәи абиошәарҭадара астратегиа ашьақәыргылареи. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа III Жәларбжьаратәи апарламенттә Форум "Пушкин иаԥхьарақәа" иалахәуп.Аделегациа иалоуп Инар Саӡба, Левон Галустиан, Венори Бебиа. Дара егьырҭ аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа ирыцны Александртәи абаҳчаҿы иҟоу Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.Уи адагьы, аделегациа ахада Инар Саӡба апленартә еилатәараҿы ажәахә иманы дықәгылеит, абри атәы аанацҳауеит Жәлар Реизара апресс-маҵзура.Апарламенттә Форум "Пушкин иаԥхьарақәа" мҩаԥыргоит 2023 шықәса раахыс Аҳәынҭқарратә Дума аԥшьгарала, сынтәа уи азкуп Аиааира Ду 80 шықәса ахыҵра Жәларбжьаратәи атуристтә форум "Путешествуй!" аҟны аԥсуа стенд иаҭааит ацифратә економикеи аинновациақәеи, акоммуникациақәеи, амедиеи, акультуреи, атуризми рзы Урыстәыла Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенкои аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вахрукови.Дара дырԥылеит Аԥсны Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа.Чернышенко Аԥсны иазеиӷьаишьеит ашәҭкакаҷра, иазгәеиҭеит атәылақәа рыбжьара хра злоу аусеицура амҩаԥгаразы агәыӷра шимоу. Аԥсны имҩаԥысуаз адиспансеризациа аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи аҳақьымцәа 27-нызқьҩык ахәыҷқәа гәарҭеит.Урҭ рахьынтә 16-нызқьҩык ахәыҷқәа рчымазарақәа раԥхьаӡа акәны ишрымаз гәарҭеит ҳәа адырра ҟаиҵеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.Ачымазара здырбалаз хәыҷқәа рсиақәа изхәшәтәуаз аҳақьымцәеи Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи ирыҭан ахылаԥшразы.23-ҩык ахәыҷқәа урыстәылатәи ахәшәтәырҭатә центрқәа рҿы астационартә хәышәтәра ирхысхьеит, урҭ рҟынтә џьоукы рыхәшәтәра иацҵоуп, даҽа 18-ҩык ахәыҷқәа рзы иахәҭоу аусшәҟәқәа реиқәыршәара мҩаԥысуеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/0a/1055247751_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_3b34621dd0a263d6003ffa96979b0769.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио