https://sputnik-abkhazia.info/20250610/moskva-apavilon-asny-aiashayrgylarat-usuraa-rkhyrkshara-ialatsazheit-1055248404.html
Москва апавильон "Аԥсны" аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшара иалацәажәеит
Москва апавильон "Аԥсны" аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшара иалацәажәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 10 — Sputnik. Москва апавильон "Аԥсны" аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшареи аусура аларгареи иалацәажәеит. 10.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-10T16:55+0300
2025-06-10T16:55+0300
2025-06-10T18:41+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/0a/1055246971_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_0ae09f0e40f3ae07a7ad7bbe46297058.jpg
АҞӘА, рашәара 10 — Sputnik. Москва апавильон "Аԥсны" аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшареи аусура аларгареи иалацәажәеит.Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Олег Барцыц Москва ақалақь ахадара иҟанаҵаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иара убасгьы агәра ганы дыҟоуп атәыла аконгрессқәеи ацәыргақәҵақәеи рҭыԥ хада аҳасабала ВДНХ-и ареспубликеи акыр шықәса ирыбжьоу аусеицура аринахысгьы аҿиара шаиуа.ВДНХ адиректор хада Сергеи Шогуров иазгәеиҭеит Аԥсны ишымҩаԥнаго Жәларбжьаратәи акультура-усутә центр ауснагӡатәқәа ҩаӡара ҳаракыла, иара убасгьы акомплекс аҿы аԥсуа павильон ацәырҵра иамоу аҵак ду азгәеиҭеит.Аԥсны ахәаахәҭра-цәыргақәҵатә центр ахьаартхо апавилион №6 "Химиа" (ԥасатәи — Литватәи ССР) ааигәа еиҭашьақәыргылан. Архивтә ҭыхымҭақәеи афотосахьақәеи рыла аҟазауаа аскульптура "Литватәи ССР агерб зку аколынхаҩи аколынхаҩԥҳәыси" еиҭашьақәдыргылеит. Иара убас еиҭаҟаҵан иӡхьаз аԥштәырацәара змаз авитражқәа хԥа.
https://sputnik-abkhazia.info/20250606/asny-akhaakhra-tsyrgaat-tsentr-aartkhoit-vdnkh-1055205189.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/0a/1055246971_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_7ecc7905f15b429c0ee3a805486d29ec.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Москва апавильон "Аԥсны" аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшара иалацәажәеит
16:55 10.06.2025 (ирҿыцуп: 18:41 10.06.2025) АҞӘА, рашәара 10 — Sputnik. Москва апавильон "Аԥсны" аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшареи аусура аларгареи
иалацәажәеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Олег Барцыц Москва ақалақь ахадара иҟанаҵаз ацхырааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иара убасгьы агәра ганы дыҟоуп атәыла аконгрессқәеи ацәыргақәҵақәеи рҭыԥ хада аҳасабала ВДНХ-и ареспубликеи акыр шықәса ирыбжьоу аусеицура аринахысгьы аҿиара шаиуа.
ВДНХ адиректор хада Сергеи Шогуров иазгәеиҭеит Аԥсны ишымҩаԥнаго Жәларбжьаратәи акультура-усутә центр ауснагӡатәқәа ҩаӡара ҳаракыла, иара убасгьы акомплекс аҿы аԥсуа павильон ацәырҵра иамоу аҵак ду азгәеиҭеит.
Аԥсны ахәаахәҭра-цәыргақәҵатә центр ахьаартхо апавилион №6 "Химиа" (ԥасатәи — Литватәи ССР) ааигәа еиҭашьақәыргылан. Архивтә ҭыхымҭақәеи афотосахьақәеи рыла аҟазауаа аскульптура "Литватәи ССР агерб зку аколынхаҩи аколынхаҩԥҳәыси" еиҭашьақәдыргылеит. Иара убас еиҭаҟаҵан иӡхьаз аԥштәырацәара змаз авитражқәа хԥа.