Аԥсны ахада амедицинатә усзуҩцәа аҳаҭыртә хьӡқәа ранаишьеит
© Sputnik / Томас ТхайцукСкорая помощь

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Аԥсны амедицинатә усзуҩцәа аҳаҭыртә хьӡқәа ранаишьеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Агәабзиарахьчара ахырхарҭаҿы иҟарҵаз алҵшәеи акыршықәсатәи ламысцқьалатәи русуреи рзы "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳақьым" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьоуп:
Алиса Барсумиан — Гәылрыԥшьтәи Араионтә хәшәтәырҭа хада афункционалтә диагностика азы аҳақьым,
Алиса Голанӡиаԥҳа — Очамчыратәи араионтә хәшәтәырҭа ахәыҷтәы ҳақьым,
Нелли Зарандиаԥҳа — атерапевт, Очамчыратәи араионтә хәшәтәырҭа атерапевттә ҟәша аиҳабы,
Галина Кулааԥҳа — Аҟәа ақалақьтә поликлиника араионтә ҳақьым-терапевт,
Артур Сепиан — Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа апедиатриатә анестезиолог-реаниматор,
Андреи Суходски — Гәдоуҭатәи Араионтә хәышәтәырҭа хада аотоларинголог,
Нона Ҭарԥҳа — атерапевт, Галтәи Араионтә хәшәтәырҭа хада ақыҭа агәабзиарахьчара азы аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ, азеиԥш практика змоу аҳақьым,
Лариса Табагәаԥҳа — Гагратәи Араионтә хәшәтәырҭа хада акушер-гинеколог,
Марина Хоџьааԥҳа — Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аҳақьым.
Аԥсны Арбџьармчқәа рырратә усзуҩцәеи аҭынч уааԥсыреи амедицинатә цхыраара рыҭараҿы иҟаиҵаз илагалазы "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳақьым" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьоу Арратә хәышәтәырҭа хада апсихотерапевт Беслан Ҳашба.