https://sputnik-abkhazia.info/20250616/gbaz-urystyla-2025-shysazy-asny-daa-milliardki-765-million-maai-azaanashueit-1055334213.html
Гәбаз: Урыстәыла 2025 шықәсазы Аԥсны даҽа миллиардки 765 миллион мааҭи азаанашьҭуеит
Гәбаз: Урыстәыла 2025 шықәсазы Аԥсны даҽа миллиардки 765 миллион мааҭи азаанашьҭуеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Урыстәыла 2025 шықәсазы Аԥсны даҽа миллиардки 765 миллион мааҭи азаанашьҭуеит ҳәа Sputnik адырра аиҭеит афинансқәа рминистр Саид... 16.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-16T17:35+0300
2025-06-16T17:35+0300
2025-06-16T17:35+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/1a/1052096299_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_4b749787281a9b66a326092c42d60e12.jpg
АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Урыстәыла 2025 шықәсазы Аԥсны даҽа миллиардки 765 миллион мааҭи азаанашьҭуеит ҳәа Sputnik адырра аиҭеит афинансқәа рминистр Саид Гәбаз. Уи азы аӡбара рыдыркылеит рашәарамза алагамҭазы ареспублика асоциал-економикатә ҿиаразы аурыс-аԥсуа еиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәараҿы. Иара иажәақәа рыла, аԥаратә хархәагақәа ҩ-хырхарҭак рыла еихшахоит: "Урыстәылантәи иаарышьҭуа афымцамч ахә акомпенсациазы 830 миллион мааҭ азоужьхоит. Даҽа хәҭак атәылауаа хаз игоу ркатегориақәа хәшәыла реиқәыршәаразы, аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа еицырзеиԥшу аинформациа-координациатә центр ахыбра аиҭашьақәыргыларазы ишьҭхоит", — ҳәа азгәеиҭеит Гәбаз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/1a/1052096299_125:0:2856:2048_1920x0_80_0_0_ed8ebc4b39270c37ca3ccd765995e248.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Гәбаз: Урыстәыла 2025 шықәсазы Аԥсны даҽа миллиардки 765 миллион мааҭи азаанашьҭуеит
АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Урыстәыла 2025 шықәсазы Аԥсны даҽа миллиардки 765 миллион мааҭи азаанашьҭуеит ҳәа Sputnik адырра аиҭеит афинансқәа рминистр Саид Гәбаз.
Уи азы аӡбара рыдыркылеит рашәарамза алагамҭазы ареспублика асоциал-економикатә ҿиаразы аурыс-аԥсуа еиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәараҿы. Иара иажәақәа рыла, аԥаратә хархәагақәа ҩ-хырхарҭак рыла еихшахоит:
975,9 миллион мааҭ – асоциал-економикатә усхкы арҿиаразы,
789,8 миллион мааҭ – абиуџьеттә инвестициақәеи аинвестициатә проектқәа рыцхыраареи рзы.
"Урыстәылантәи иаарышьҭуа афымцамч ахә акомпенсациазы 830 миллион мааҭ азоужьхоит. Даҽа хәҭак атәылауаа хаз игоу ркатегориақәа хәшәыла реиқәыршәаразы, аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа еицырзеиԥшу аинформациа-координациатә центр ахыбра аиҭашьақәыргыларазы ишьҭхоит", — ҳәа азгәеиҭеит Гәбаз.