https://sputnik-abkhazia.info/20250616/ochamchyra-iysyz-asha-a-akhaty-na-ba-rkhyba-rykhnakhit-1055322014.html
Очамчыра иҵысыз аԥша ӷәӷәа ахатәы ҩнқәа ҩба рхыбқәа рыхнахит
Очамчыра иҵысыз аԥша ӷәӷәа ахатәы ҩнқәа ҩба рхыбқәа рыхнахит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Очамчыра иҵысыз аԥша ӷәӷәа ахатәы ҩнқәа ҩба рхыбқәа рыхнахит ҳәа Sputnik адырра аиҭеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа. 16.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-16T10:49+0300
2025-06-16T10:49+0300
2025-06-16T10:49+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/10/1055321821_0:0:3242:1824_1920x0_80_0_0_85f5ce7189a136608091701884b5d59b.jpg
АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Очамчыра иҵысыз аԥша ӷәӷәа ахатәы ҩнқәа ҩба рхыбқәа рыхнахит ҳәа Sputnik адырра аиҭеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа. Очамчыра араион иаҵанакуа ақыҭақәа рҿы амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа ҟалеит ҳәа адырра ҟамлаӡацт ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара. Гал араион аҿы ақәа ӷәӷәаны иауит, аха аҩнқәа аӡы рыҵамлеит ҳәа иазгәеиҭеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Адлеиба. Тҟәарчал араион аҿы амш бааԥс иахҟьаны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аӡәгьы дадымҵаалаӡеит ҳәа иазгәеиҭеит Амцарцәареиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Денис Кәыҵниа. Ақәаршҩы иахҟьаны Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа араионқәа рҿгьы аӡхыҵрақәа ҟамлеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/10/1055321821_355:0:3086:2048_1920x0_80_0_0_83fd83bf283796b52ae9e74e9a80cdf3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Очамчыра иҵысыз аԥша ӷәӷәа ахатәы ҩнқәа ҩба рхыбқәа рыхнахит ҳәа Sputnik адырра аиҭеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа.
Очамчыра араион иаҵанакуа ақыҭақәа рҿы амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа ҟалеит ҳәа адырра ҟамлаӡацт ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Гал араион аҿы ақәа ӷәӷәаны иауит, аха аҩнқәа аӡы рыҵамлеит ҳәа иазгәеиҭеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Адлеиба.
Тҟәарчал араион аҿы амш бааԥс иахҟьаны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аӡәгьы дадымҵаалаӡеит ҳәа иазгәеиҭеит Амцарцәареиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Денис Кәыҵниа.
Ақәаршҩы иахҟьаны Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа араионқәа рҿгьы аӡхыҵрақәа ҟамлеит.