https://sputnik-abkhazia.info/20250617/1055347260.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
17.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-17T13:01+0300
2025-06-17T13:01+0300
2025-06-17T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/11/1055347128_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_5f189e42c52b86ef45eb26682924de3c.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Аԥсны 2025 шықәса рзы Аԥсны ианаҭо афинанстә цхыраара 7,4 миллиард мааҭ артәоит.Урҭ рахьтә 5,4 млрд мааҭ Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иазоужьуп, 1,9 млрд мааҭ — аинвестпрограммала апоектқәа рзы, 126 млн мааҭ — аекономика аусхкқәа аҳәынҭқарратә дгылара рыҭаразы аусмҩаԥгатәқәа рфинансркразы.2024 шықәса рзы афинанстә цхыраара иартәеит 5,6 млрд мааҭ.
Аԥсни Урыстәылеи аҵарадырра ахырхарҭала русеицура иалацәажәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны.Аиԥылара иалахәын Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа, ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа, аректорат алахәылацәа, Урыстәыла иреиҳау аҵареи аҭҵаареи рминистрра ахаҭарнак Алла Косова.Дара иҭырҵааит аҵарадырра аҿиаразы атәыла иамоу алшарақәа, аҵаратә программақәа реиҭарҿыцра, арҵаҩцәа рзанааҭтә ҩаӡара аизырҳара, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа асистема алагалара.
Лашарада иҟоу Алада Ешыра ахәҭак 4-5 сааҭ рыла фымцала еиқәыршәахоит, абри азы Sputnik адырра аиҭеит Аҟәа араион аҳҭнықалақь афымцеихшарҭақәа русбарҭа анџьныр хада Роберт Гоԥиа.Ақыҭа ахәҭак лашарада иаанхеит рашәарамза 16 рзы иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны. Арныҟәцаҩ амашьына изаанымкылакәа дыблаҟьаны ашьаҟа дасит, уи иахҟьаны инашьҭарххны даҽа шьаҟақәак каҳаит.Афымцашьаҟақәа реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа рнаҩсан ақыҭа ахәҭак аҿы алашара нарышьҭит. Иахьагьы афымцашьаҟақәа рыргылара иаҿуп иҳәеит Гоԥиа.
Акәытқәеи егьырҭ аԥстәқәеи рчымазарақәа ҭызҵаауа аиммуноферменттә анализатори ареактивқәеи Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит Аԥсны аветеринартә ҳақьым хада Роман Џьопуа арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз.Абри ашықәс иалагӡаны аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ирыхьуа ачымазарақәа арбақәан еилҳаргартә ҳҟалоит ҳәа азгәеиҭеит иара. Амаругақәа анаалак, урҭ ықәзыргыло аспециалист даҭаххоит, насгьы урҭ аус рыдызулаша аусзуҩцәа рзанааҭ аизырҳаразы аҵара дҳарҵароуп ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Ацәыргақәҵатә зал хада аиҭашьақәыргылара ашьҭахь аҩбатәи аихагылаҿы иаадыртуа азал експерименттә залхоит аҟазара ҿыц иаҵанакуа аформақәа рзы. Абри атәы арадио Sputnik аҿы еиҭалҳәеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа."Аҩбатәи аихагылаҿы иҟоу азал еиҳа иексперименттә залхоит, иаҳҳәап, аинсталлиациа, афотографиа, аҟазара ҿыц, абас еиԥш иҟоу аформақәа, иаҳҳәап, еснагь иузцәыргаӡом аклассикатә зал аҿы", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.Лара лажәақәа рыла, азал ҿыц аҿы иара убас аҟазара иадҳәалоу афильмқәа, амедиацәыргақәҵақәа, асахьаҭыхыҩцәа ирызку ахәылԥазқәа, аудиториеи дареи реиԥыларақәа рымҩаԥгара алшоит.
Урыстәыла Аԥсны 2025 шықәса рзы Аԥсны ианаҭо афинанстә цхыраара 7,4 миллиард мааҭ артәоит.Урҭ рахьтә 5,4 млрд мааҭ Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иазоужьуп, 1,9 млрд мааҭ — аинвестпрограммала апоектқәа рзы, 126 млн мааҭ — аекономика аусхкқәа аҳәынҭқарратә дгылара рыҭаразы аусмҩаԥгатәқәа рфинансркразы.2024 шықәса рзы афинанстә цхыраара иартәеит 5,6 млрд мааҭ. Аԥсни Урыстәылеи аҵарадырра ахырхарҭала русеицура иалацәажәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны.Аиԥылара иалахәын Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа, ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа, аректорат алахәылацәа, Урыстәыла иреиҳау аҵареи аҭҵаареи рминистрра ахаҭарнак Алла Косова.Дара иҭырҵааит аҵарадырра аҿиаразы атәыла иамоу алшарақәа, аҵаратә программақәа реиҭарҿыцра, арҵаҩцәа рзанааҭтә ҩаӡара аизырҳара, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа асистема алагалара. Лашарада иҟоу Алада Ешыра ахәҭак 4-5 сааҭ рыла фымцала еиқәыршәахоит, абри азы Sputnik адырра аиҭеит Аҟәа араион аҳҭнықалақь афымцеихшарҭақәа русбарҭа анџьныр хада Роберт Гоԥиа.Ақыҭа ахәҭак лашарада иаанхеит рашәарамза 16 рзы иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны. Арныҟәцаҩ амашьына изаанымкылакәа дыблаҟьаны ашьаҟа дасит, уи иахҟьаны инашьҭарххны даҽа шьаҟақәак каҳаит.Афымцашьаҟақәа реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа рнаҩсан ақыҭа ахәҭак аҿы алашара нарышьҭит. Иахьагьы афымцашьаҟақәа рыргылара иаҿуп иҳәеит Гоԥиа. Акәытқәеи егьырҭ аԥстәқәеи рчымазарақәа ҭызҵаауа аиммуноферменттә анализатори ареактивқәеи Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит Аԥсны аветеринартә ҳақьым хада Роман Џьопуа арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз.Абри ашықәс иалагӡаны аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ирыхьуа ачымазарақәа арбақәан еилҳаргартә ҳҟалоит ҳәа азгәеиҭеит иара. Амаругақәа анаалак, урҭ ықәзыргыло аспециалист даҭаххоит, насгьы урҭ аус рыдызулаша аусзуҩцәа рзанааҭ аизырҳаразы аҵара дҳарҵароуп ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа. Ацәыргақәҵатә зал хада аиҭашьақәыргылара ашьҭахь аҩбатәи аихагылаҿы иаадыртуа азал експерименттә залхоит аҟазара ҿыц иаҵанакуа аформақәа рзы. Абри атәы арадио Sputnik аҿы еиҭалҳәеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа."Аҩбатәи аихагылаҿы иҟоу азал еиҳа иексперименттә залхоит, иаҳҳәап, аинсталлиациа, афотографиа, аҟазара ҿыц, абас еиԥш иҟоу аформақәа, иаҳҳәап, еснагь иузцәыргаӡом аклассикатә зал аҿы", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.Лара лажәақәа рыла, азал ҿыц аҿы иара убас аҟазара иадҳәалоу афильмқәа, амедиацәыргақәҵақәа, асахьаҭыхыҩцәа ирызку ахәылԥазқәа, аудиториеи дареи реиԥыларақәа рымҩаԥгара алшоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/11/1055347128_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_ef7f45ffee3af12e49efa8e5351aa813.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио