https://sputnik-abkhazia.info/20250617/asnyti-afotoykhytsa-yshtsa-aekologiat-forum-ialakhkhoit-1055341488.html
Аԥснытәи афотоҭыхыҩцәа қәыԥшцәа аекологиатә форум иалахәхоит
Аԥснытәи афотоҭыхыҩцәа қәыԥшцәа аекологиатә форум иалахәхоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 17- Sputnik. Аԥснытәи афотоҭыхыҩцәа қәыԥшцәа аекологиатә форум "Ақәҿиарақәа рҵакыра: аԥсабара уагәҭылакны" иалахәхоит. 17.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-17T11:22+0300
2025-06-17T11:22+0300
2025-06-17T11:22+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/1a/1032301712_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_a9b65333c768cf3274883a3d8a7b299e.jpg
АҞӘА, рашәара 17- Sputnik. Аԥснытәи афотоҭыхыҩцәа қәыԥшцәа аекологиатә форум "Ақәҿиарақәа рҵакыра: аԥсабара уагәҭылакны" иалахәхоит.Алахәылацәа алԥшаарақәа ирхысит — раԥхьа иахьынхо аҭыԥқәа рҿы, анаҩс жәларбжьаратәи ажиури иалырԥшаауан.2000 усумҭа рҟынтәи иреиӷьу алԥшааны афонд "Атомтә фымцастанциақәа ахьыҟоу аҵакырақәа рассоциациа" ("АТР АЭС"), иара убас апрограмма "Росатом акультура аҵакыра" рыхьӡала афорум ахь инарышьҭуеит.Зынӡа афорум еиднакылоит Урыстәыла, Беларусь, Аԥсны, Венгриа, Ҭырқәтәыла рҟынтәи 37-ҩык афотоҭыхыҩцәа қәыԥшцәа. Уи мҩаԥысуеит Волгогради Волгодонски ақалақьқәа рҿы рашәарамза 15-24 рзы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/1a/1032301712_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_fcb0db750842f2df2e9d8bf84c117b4c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥснытәи афотоҭыхыҩцәа қәыԥшцәа аекологиатә форум иалахәхоит
АҞӘА, рашәара 17- Sputnik. Аԥснытәи афотоҭыхыҩцәа қәыԥшцәа аекологиатә форум "Ақәҿиарақәа рҵакыра: аԥсабара уагәҭылакны" иалахәхоит.
Алахәылацәа алԥшаарақәа ирхысит — раԥхьа иахьынхо аҭыԥқәа рҿы, анаҩс жәларбжьаратәи ажиури иалырԥшаауан.
2000 усумҭа рҟынтәи иреиӷьу алԥшааны афонд "Атомтә фымцастанциақәа ахьыҟоу аҵакырақәа рассоциациа" ("АТР АЭС"), иара убас апрограмма "Росатом акультура аҵакыра" рыхьӡала афорум ахь инарышьҭуеит.
Зынӡа афорум еиднакылоит Урыстәыла, Беларусь, Аԥсны, Венгриа, Ҭырқәтәыла рҟынтәи 37-ҩык афотоҭыхыҩцәа қәыԥшцәа. Уи мҩаԥысуеит Волгогради Волгодонски ақалақьқәа рҿы рашәарамза 15-24 рзы.