00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Исахьарку ажәа
18:26
3 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:34
13 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Исахьарку ажәа
21:26
3 мин
Актуальный комментарий
21:34
13 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
18:11
19 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
21:11
19 мин
Новости
21:31
2 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Шьамтәыла усутә ныҟәарала даҭааит.Барцыц дырԥылараны дыҟоуп адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзи аминистр Асад Хасан Аль-Шаибани егьырҭ аофициалтә хаҿқәеи.
Аԥсны атәылауаа Урыстәыла ралалара аԥҟара ԥсахрада иаанхоит ҳәа аанацҳауеит ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра.Аусбарҭаҿы ирҳәеит визада зтәылауаа Урыстәыла изаламло атәылақәа ртәылауаа рзы Урыстәыла аҳәаа ахысразы аԥҟара ҿыцқәа ԥышәара ҳасабала аусура ишалаго рашәара 30 инаркны.Убри инамаданы, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра азыҳәа азынанашьҭит."Урыстәылатәи аган иҟанаҵаз адыррақәа рыла, аԥышәара ахатәгәаԥхаратә ҟазшьа амоуп, ақәҵара инақәыршәаны атәылахь аҭаларазы ихарҭәаау арзаҳал аҟамзаара аҳәаатә гәаҭара амҩаԥгара ианыруам, иара убасгьы Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырахь анеира мап ацәкразы ҵаҵӷәны изыҟалом", — ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы
Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҿы 2026-2030 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Аҳәынҭқарратә программа аиқәыршәара аҳәаақәа ирҭагӡаны аусбарҭақәа русура рырманшәалара азҵаара иалацәажәеит.Аԥыза-министр Владимир Делба апрофильтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рнапы ианиҵеит русбарҭақәа русура еиҳа хра аиурцаз апроектқәа руснагӡатәқәа азырхианы ԥхынгәымза 15 рҟынӡа Аминистрцәа реилазаарахь инаргарц.Аилацәажәара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, афинансқәа рминистр Саид Гәбаз, аҵарадырра аминистр Хана Гәынԥҳа, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, акапиталтә ргыларатә усбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа.
Урыстәыла ашәарҭадара иаҿагыланы аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарра аус ацурази атерроризм амҩаԥгаразы ааԥхьарази Урыстәыла атәылауаҩра алхәдатәраз азакәан апроект Аҳәынҭқарратә Думахь инагоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит Виачеслав Володин.Аусшәҟәы Урыстәыла атәылауаҩра амхразы амзызқәа реиқәыԥхьаӡа арҭбааразы ажәалагала азԥхьагәанаҭоит иарбоу аҭагылазаашьақәагьы убрахь иналаҵаны:▪️ ацәаԥҽратә ҟазшьа змоу ақәымчратә усқәа рымҩаԥгара▪️ атеррористтә ус амҩаԥгара, атерроризм ариашара, мамзаргьы аларҵәаразы иаартны ааԥхьарақәа рыҟаҵара;▪️ атәыла ашәарҭадара аҿагыларазы аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарра, жәларбжьаратәи ма аҳәаанырцәтәи аиҿкаара маӡала аус рыцура уҳәа
Агәыӡера аҳаблан иҟоу аӡиас Абгыӡра аӡышьҭра дрыцқьоит, аӡхыҵрақәеи ашьаҟатә цҳа аҵаргәаҭӡамц еиламҳарци рзы.Абри атәы аанацҳауеит Гәылрыԥшь араион ахадара.Арыцқьаратә усурақәа ҩымш ирылагӡаны ихдыркәшараны иҟоуп иҳәеит АУН "Анхарҭа-коммуналтә нхамҩеи аиқәыршәареи" адиректор хада Ҭемыр Начҟьебиа. Уи адагьы, километрак аҟынӡа аҟәара рӷәӷәахоит.Аусқәа аекосистема аиҭашьақәыргылареи ауааԥсыра ршәарҭадара аҩаӡара аизырҳареи ирызкуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0