https://sputnik-abkhazia.info/20250625/adar-asny-atylauaa-urystyla-ralalara-aara-sakhrada-iaankhoit-1055553793.html
АдәАР: Аԥсны атәылауаа Урыстәыла ралалара аԥҟара ԥсахрада иаанхоит
АдәАР: Аԥсны атәылауаа Урыстәыла ралалара аԥҟара ԥсахрада иаанхоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Аԥсны атәылауаа Урыстәыла ралалара аԥҟара ԥсахрада иаанхоит ҳәа аанацҳауеит ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра. 25.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-25T16:43+0300
2025-06-25T16:43+0300
2025-06-25T16:43+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101499/82/1014998275_0:194:3895:2384_1920x0_80_0_0_31250be895d942ec76b4f4a833e9e1dd.jpg
АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Аԥсны атәылауаа Урыстәыла ралалара аԥҟара ԥсахрада иаанхоит ҳәа аанацҳауеит ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Аусбарҭаҿы ирҳәеит визада зтәылауаа Урыстәыла изаламло атәылақәа ртәылауаа рзы Урыстәыла аҳәаа ахысразы аԥҟара ҿыцқәа ԥышәара ҳасабала аусура ишалаго рашәара 30 инаркны. Убри инамаданы, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра азыҳәа азынанашьҭит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101499/82/1014998275_229:0:3664:2576_1920x0_80_0_0_d0d7daf2ac7be239caa986db296d5646.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АдәАР: Аԥсны атәылауаа Урыстәыла ралалара аԥҟара ԥсахрада иаанхоит
АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Аԥсны атәылауаа Урыстәыла ралалара аԥҟара ԥсахрада иаанхоит ҳәа
аанацҳауеит ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Аусбарҭаҿы ирҳәеит визада зтәылауаа Урыстәыла изаламло атәылақәа ртәылауаа рзы Урыстәыла аҳәаа ахысразы аԥҟара ҿыцқәа ԥышәара ҳасабала аусура ишалаго рашәара 30 инаркны.
Убри инамаданы, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра азыҳәа азынанашьҭит.
"Урыстәылатәи аган иҟанаҵаз адыррақәа рыла, аԥышәара ахатәгәаԥхаратә ҟазшьа амоуп, ақәҵара инақәыршәаны атәылахь аҭаларазы ихарҭәаау арзаҳал аҟамзаара аҳәаатә гәаҭара амҩаԥгара ианыруам, иара убасгьы Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырахь анеира мап ацәкразы ҵаҵӷәны изыҟалом", — ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.