Урыстәыла атәылауаҩра алхәдатәразы амзызқәа рырҭбаара иазку азакәан Аҳәынҭдумахь инашьҭуп

© Sputnik / Нина Зотина
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Урыстәыла ашәарҭадара иаҿагыланы аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарра аус ацурази атерроризм амҩаԥгаразы ааԥхьарази Урыстәыла атәылауаҩра алхәдатәраз азакәан апроект Аҳәынҭқарратә Думахь инашьҭуп ҳәа адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭдумп ахантәаҩы Виачеслав Володин.
Аусшәҟәы Урыстәыла атәылауаҩра амхразы амзызқәа реиқәыԥхьаӡа арҭбааразы ажәалагала азԥхьагәанаҭоит иарбоу аҭагылазаашьақәагьы убрахь иналаҵаны:
ацәаԥҽратә ҟазшьа змоу ақәымчратә усқәа рымҩаԥгара;
атеррористтә ус амҩаԥгара, атерроризм ариашара, мамзаргьы аларҵәаразы иаартны ааԥхьарақәа рыҟаҵара;
атәыла ашәарҭадара аҿагыларазы аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарра, жәларбжьаратәи ма аҳәаанырцәтәи аиҿкаара маӡала аус рыцура;
Урыстәыла злахәым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, мамзаргьы аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рыӡбарақәа рынагӡараҿы ацхыраара аҟаҵара;
Урыстәыла ашәарҭадара иаҿагылоны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рҿы аӷа ицхраара;
анацисттә атрибутика, ма асимволика раларҵәара;
аҳәынҭқарратә шәарҭадара иаҿагыло аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы иаартны ааԥхьарақәа рыҟаҵара;
Урыстәыла аинформациатә инфраструктура азакәан ҟазшьа змам анырра аҭара.
Володин иажәақәа рыла, азакәан апроект адкылара Урыстәыла атәылауаҩра амхреи амилаҭтә шәарҭадара ахьчареи рзы ашьаҭақәа рсистематә, зегьрылатәи амеханизм еиқәнаршәоит.