https://sputnik-abkhazia.info/20250626/1055573796.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
26.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-26T18:01+0300
2025-06-26T18:01+0300
2025-06-26T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/1a/1055573664_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_9635e0c94dadbfa29ff3449834c98ea7.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы аинвестициатә программақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аргыларақәа рыдкылареи рхархәареи рзы аҳәынҭқарратә комиссиа аилазаара шьақәырӷәӷәоуп.Аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб хантәаҩра ззиуа акомиссиа иалоуп:▫️Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева;▫️Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан;Аргылареи анхарҭа-коммуналтә нхамҩеи рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа анапхгаҩы Дмитри Цымцба.
Аԥсны инхо урыстәылатәи атәанчаҩцәа ПСБ акартақәа рхарҭәаара рылшоит Аҵәахбанк аҟәшақәа хԥа рҿы:▫️Аҟәа, Лакоба имҩа, 4;▫️Гагра, Абазгаа рымҩа, 55/4;▫️Гәдоуҭа, Чачба имҩа, 3.Нанҳәа 1 инаркны атәанчахәы ПСБ акартақәа рҿы мацара ауп иахьҭало.Акарта аиуразы аԥхьа аҟәшаҿы шәыҽҭажәыҩуеит, хәыда-ԥсада илшәх ахыԥхьаӡарақәа 4444 (амобилтә ҭелқәа рҟнытә).Урыстәылатәи абанк аԥсуа ган ацхыраарала Аԥсны акартақәа рыҭара еиҿнакааит.
Иҷыдоу акомиссиа Афонҿыцтәи апарк аҿы иҟоу аӡҭачы аҟьашьра зыхҟьаз еилыркааит ҳәа аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба изеиҭеиҳәеит Акапиталтә ргылараз аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа.Иара иажәақәа рыла, ааигәатәи аԥсшьарҭа ҩнқәа ррыӡцарҭақәа рҟынтәи аӡҭарчы ахимиатә маҭәашьарқәа ахьалало иахҟьоит.Аӡрыцқьарҭақәа дыргылаанӡа аамҭалатәи аӡбара ҳәа ҩ-гәаанагарак ыҟоуп: аӡцарҭақәа Ԥсырӡха аӡиас аладатәи аган ахь риагара, ма аӡхыҽҽагьы абрахь иналаҵаны, егьырҭ ахыҵхырҭақәа рҟынтәи аӡыцқьа аашьҭра.Аусурақәа асезонбжьаратә аамҭазы ихацыркхоит, атуристаамҭа иаԥырхагымхарц.
Шәҩык инареиҳаны аԥснытәи аушьҭымҭацәа Аҟәантәи рашәара 27 азы имҩаԥысраны иҟоу Урыстәылазегьтәи абал "Сириус" ахь амҩа иқәлеит ҳәа аанацҳауеит Аҵара аминистрра."Ҳхәыҷқәа аҭакԥхықәра ду рыдуп – урҭ аҳәынҭқарра ахаҿра аадырԥшуеит. Иаԥсоу Аԥсны ашколхәыҷы, атәылауаҩ дзеиԥшразар акәу ддырбароуп", лҳәеит Аҵарадырра аминистрра азеиԥш бжьаратә ҵара аусбарҭа аиҳабы Маиа Цыбулевскаиа.Лара иара убасгьы иазгәалҭеит аԥснытәи ашколхәыҷқәа ас еиԥш амҽхак ду змоу аусмҩаԥгатә раԥхьаӡа акәны рхы шаладырхәуа.
Пицунда "Питиунт Дуӡӡа" аҳәырԥсаррахь аекскурсиақәа реиҿкаара азгәаҭаны ирымоуп, ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Русҭам Агрба."Макьаназы, аиҿцәажәарақәа рыҩаӡароуп иҟоу, ҳара ҳгәы иҭоуп уахь атуристцәа радыԥхьалара, урҭ Пицунда аҭоурых, аиишьа, аҿиашьа рзеиҭаҳәаразы. Зҭаара ауа аргыларақәа иреиуоуп адольменқәа, римтәи алегион акомандаҟаҵаҩ ихан, антикатәи аҽыкәабарҭақәа, аҵеиџь, аҩцарақәа, VI ашәышықәсазтәи абазилика, аберҭыԥтә комплекс, абаа аҭӡамцқәа рцәынхақәа.
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭаразы аинвестициатә программақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аргыларақәа рыдкылареи рхархәареи рзы аҳәынҭқарратә комиссиа аилазаара шьақәырӷәӷәоуп.Аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб хантәаҩра ззиуа акомиссиа иалоуп:▫️Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева;▫️Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан;Аргылареи анхарҭа-коммуналтә нхамҩеи рзы аҳәынҭқарратә усбарҭа анапхгаҩы Дмитри Цымцба. Аԥсны инхо урыстәылатәи атәанчаҩцәа ПСБ акартақәа рхарҭәаара рылшоит Аҵәахбанк аҟәшақәа хԥа рҿы:▫️Аҟәа, Лакоба имҩа, 4;▫️Гагра, Абазгаа рымҩа, 55/4;▫️Гәдоуҭа, Чачба имҩа, 3.Нанҳәа 1 инаркны атәанчахәы ПСБ акартақәа рҿы мацара ауп иахьҭало.Акарта аиуразы аԥхьа аҟәшаҿы шәыҽҭажәыҩуеит, хәыда-ԥсада илшәх ахыԥхьаӡарақәа 4444 (амобилтә ҭелқәа рҟнытә).Урыстәылатәи абанк аԥсуа ган ацхыраарала Аԥсны акартақәа рыҭара еиҿнакааит. Иҷыдоу акомиссиа Афонҿыцтәи апарк аҿы иҟоу аӡҭачы аҟьашьра зыхҟьаз еилыркааит ҳәа аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба изеиҭеиҳәеит Акапиталтә ргылараз аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа.Иара иажәақәа рыла, ааигәатәи аԥсшьарҭа ҩнқәа ррыӡцарҭақәа рҟынтәи аӡҭарчы ахимиатә маҭәашьарқәа ахьалало иахҟьоит.Аӡрыцқьарҭақәа дыргылаанӡа аамҭалатәи аӡбара ҳәа ҩ-гәаанагарак ыҟоуп: аӡцарҭақәа Ԥсырӡха аӡиас аладатәи аган ахь риагара, ма аӡхыҽҽагьы абрахь иналаҵаны, егьырҭ ахыҵхырҭақәа рҟынтәи аӡыцқьа аашьҭра.Аусурақәа асезонбжьаратә аамҭазы ихацыркхоит, атуристаамҭа иаԥырхагымхарц. Шәҩык инареиҳаны аԥснытәи аушьҭымҭацәа Аҟәантәи рашәара 27 азы имҩаԥысраны иҟоу Урыстәылазегьтәи абал "Сириус" ахь амҩа иқәлеит ҳәа аанацҳауеит Аҵара аминистрра."Ҳхәыҷқәа аҭакԥхықәра ду рыдуп – урҭ аҳәынҭқарра ахаҿра аадырԥшуеит. Иаԥсоу Аԥсны ашколхәыҷы, атәылауаҩ дзеиԥшразар акәу ддырбароуп", лҳәеит Аҵарадырра аминистрра азеиԥш бжьаратә ҵара аусбарҭа аиҳабы Маиа Цыбулевскаиа.Лара иара убасгьы иазгәалҭеит аԥснытәи ашколхәыҷқәа ас еиԥш амҽхак ду змоу аусмҩаԥгатә раԥхьаӡа акәны рхы шаладырхәуа. Пицунда "Питиунт Дуӡӡа" аҳәырԥсаррахь аекскурсиақәа реиҿкаара азгәаҭаны ирымоуп, ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Русҭам Агрба."Макьаназы, аиҿцәажәарақәа рыҩаӡароуп иҟоу, ҳара ҳгәы иҭоуп уахь атуристцәа радыԥхьалара, урҭ Пицунда аҭоурых, аиишьа, аҿиашьа рзеиҭаҳәаразы. Зҭаара ауа аргыларақәа иреиуоуп адольменқәа, римтәи алегион акомандаҟаҵаҩ ихан, антикатәи аҽыкәабарҭақәа, аҵеиџь, аҩцарақәа, VI ашәышықәсазтәи абазилика, аберҭыԥтә комплекс, абаа аҭӡамцқәа рцәынхақәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/1a/1055573664_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_1932ff45ad3419e4cb74d3d90e71ec48.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио