https://sputnik-abkhazia.info/20250627/1055584256.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
27.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-27T13:01+0300
2025-06-27T13:01+0300
2025-06-27T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/1b/1055584124_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_3dc79b1301189063abe1f01440f895d2.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али диԥылеит. Аминистр ацҳаражәҳәарҭа аусура атәы изеиҭарҳәеит. Барцыц инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Шьамтәылеи реизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи рзы адипломатиатә хаҭарнакра аусура аҵак ду шамоу.
Қырҭтәылеи НАТО-и реизааигәахара Қарҭ Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҿаԥхьа амч ахамырхәараз ахәдықәҵара аднаҵоит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд ашьҭахь. Ахәдықәҵара еиҿкаатәуп азакәантә ҭакԥхықәра шьақәзырӷәӷәо аиқәшаҳаҭра аҳасаб ала. “Абарҭ аусмҩаԥгатәқәа ццакрыла рыдкылара ахәҭаны иҟоуп Қырҭтәыла уаанӡатәи арегионқәа рганахь ала арратә мчқәа ахы иархәаны анапахь раагаразы иҟоу ашәарҭарақәеи иара убасгьы Қырҭтәылеи НАТО-и реизааигәахара иахьацырҵои, уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит Аҩадатлантикатә блок арра-ҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа реиԥш иҟоу ақырҭуа гани алианси ирыбжьоу аимадара" — ҳәа азгәарҭеит Урыстәыла АдәАР аҟны.
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети Москватәи Аҳәынҭқарратә университети рҵарауаа асоциологиатә ҭҵаара "Аԥсны абыжь-џьашьахәык: аҭоурыхтә ҭыԥқәа рреитинг" мҩаԥыргеит. Абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Москватәи Аҳәынҭқарратә университет адоцент, асоциолог Мариа Фил. Аԥсны аҭоурыхи аҭоурых-культуратә ҭынхақәеи рганахь ала ибеиаӡоу тәылоуп ҳәа азгәалҭеит лара. "Азҵаараҭҵаара амҩаԥгараан ҳара идырны еиваҳгеит аҭоурых-культуратә ҭынхақәеи аԥсабаратә ҭынхақәеи.
Гал араион Речхә ақыҭан иҟоу аӡеизакырҭа хада ашәарҭаратә ҭагылазаашьа иахҟьаны, ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәараз ауадаҩрақәа шыҟац иаанхоит ҳәа азгәеиҭеит араион ахада Константин Ԥлиа арадио Sputnik аинтервиу аҭо. Ақалақьи уи ааигәа-сигәа иҟоу ақыҭақәеи ӡыла еиқәзыршәо аӡеизакырҭа ахаҳә алеира иахҟьаны ааха аиуит. Аҟазацәа ари аӡеизакырҭа ҭырҵааит, иамоу аахақәа рзы ашәҟәынҵа еиқәдыршәоит. Ԥлиа иажәақәа рыла ареспублика аиҳабыра аиҭашьақәыргыларазы ацхыраара шыҟарҵо рҳәеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али диԥылеит. Аминистр ацҳаражәҳәарҭа аусура атәы изеиҭарҳәеит. Барцыц инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Шьамтәылеи реизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи рзы адипломатиатә хаҭарнакра аусура аҵак ду шамоу. Қырҭтәылеи НАТО-и реизааигәахара Қарҭ Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҿаԥхьа амч ахамырхәараз ахәдықәҵара аднаҵоит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 64-тәи рраунд ашьҭахь. Ахәдықәҵара еиҿкаатәуп азакәантә ҭакԥхықәра шьақәзырӷәӷәо аиқәшаҳаҭра аҳасаб ала. “Абарҭ аусмҩаԥгатәқәа ццакрыла рыдкылара ахәҭаны иҟоуп Қырҭтәыла уаанӡатәи арегионқәа рганахь ала арратә мчқәа ахы иархәаны анапахь раагаразы иҟоу ашәарҭарақәеи иара убасгьы Қырҭтәылеи НАТО-и реизааигәахара иахьацырҵои, уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит Аҩадатлантикатә блок арра-ҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа реиԥш иҟоу ақырҭуа гани алианси ирыбжьоу аимадара" — ҳәа азгәарҭеит Урыстәыла АдәАР аҟны. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети Москватәи Аҳәынҭқарратә университети рҵарауаа асоциологиатә ҭҵаара "Аԥсны абыжь-џьашьахәык: аҭоурыхтә ҭыԥқәа рреитинг" мҩаԥыргеит. Абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Москватәи Аҳәынҭқарратә университет адоцент, асоциолог Мариа Фил. Аԥсны аҭоурыхи аҭоурых-культуратә ҭынхақәеи рганахь ала ибеиаӡоу тәылоуп ҳәа азгәалҭеит лара. "Азҵаараҭҵаара амҩаԥгараан ҳара идырны еиваҳгеит аҭоурых-культуратә ҭынхақәеи аԥсабаратә ҭынхақәеи. Гал араион Речхә ақыҭан иҟоу аӡеизакырҭа хада ашәарҭаратә ҭагылазаашьа иахҟьаны, ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәараз ауадаҩрақәа шыҟац иаанхоит ҳәа азгәеиҭеит араион ахада Константин Ԥлиа арадио Sputnik аинтервиу аҭо. Ақалақьи уи ааигәа-сигәа иҟоу ақыҭақәеи ӡыла еиқәзыршәо аӡеизакырҭа ахаҳә алеира иахҟьаны ааха аиуит. Аҟазацәа ари аӡеизакырҭа ҭырҵааит, иамоу аахақәа рзы ашәҟәынҵа еиқәдыршәоит. Ԥлиа иажәақәа рыла ареспублика аиҳабыра аиҭашьақәыргыларазы ацхыраара шыҟарҵо рҳәеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/1b/1055584124_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_d02580de2fc10442fc2205d670646e4b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио