https://sputnik-abkhazia.info/20250627/asny-adar-alakhyn-urystyla-aaa-akhysrazy-aaraa-iryzkyz-avideokonferentsia-1055594821.html
Аԥсны АдәАР алахәын Урыстәыла аҳәаа ахысразы аԥҟарақәа ирызкыз авидеоконференциа
Аԥсны АдәАР алахәын Урыстәыла аҳәаа ахысразы аԥҟарақәа ирызкыз авидеоконференциа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахы аланархәит Урыстәыла Ацифратә ҿиара аминистрра имҩаԥнагаз, рашәара 30 инаркны амчра зауо... 27.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-27T17:30+0300
2025-06-27T17:30+0300
2025-06-27T17:30+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0b/09/1042551650_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_fa0add5c255ca47a10f5f491458fb47e.jpg
АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахы аланархәит Урыстәыла Ацифратә ҿиара аминистрра имҩаԥнагаз, рашәара 30 инаркны амчра зауо аҳәаанырцәтәи атәылауаа Урыстәыла аҳәаа рахысразы аԥҟарақәа ирызкыз авидеоконференциа.Урыстәылатәи аусбарҭаҿ иазгәарҭеит, аԥышәара шхатәгәаԥхаралатәиу, насгьы ruID ацҵаҿы ихарҭәаау арзаҳал ахьыҟам аҳәаа ахылаԥшреи Урыстәыла аҭалареи ирныруам ҳәа.ruID ахархәара абзиарақәа хазы иазгәаҭан:Аҳәаанырцәтәи атәылауаҩ данҭаргалак ашьҭахь, арзаҳал амч амоуп 90 мшы. Абрифинг аҿы аԥсуа ган ахьӡала рхы аладырхәит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицура Адепартамент анаԥхгаҩы Џьемал Бганбеи аконсултә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Роман Цымцбеи. Уаанӡа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны атәылауаа Урыстәыла ралара апроцедура ԥсахрада ишаанхо азы адырра ҟанаҵахьан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0b/09/1042551650_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_9e5f52e90b0a2e61d0cc9f9d29ccb2e5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахы аланархәит Урыстәыла Ацифратә ҿиара аминистрра имҩаԥнагаз, рашәара 30 инаркны амчра зауо аҳәаанырцәтәи атәылауаа Урыстәыла аҳәаа рахысразы аԥҟарақәа ирызкыз авидеоконференциа.
Урыстәылатәи аусбарҭаҿ иазгәарҭеит, аԥышәара шхатәгәаԥхаралатәиу, насгьы ruID ацҵаҿы ихарҭәаау арзаҳал ахьыҟам аҳәаа ахылаԥшреи Урыстәыла аҭалареи ирныруам ҳәа.
ruID ахархәара абзиарақәа хазы иазгәаҭан:
Аҳәаанырцәтәи атәылауаҩ ацифратә профиль аԥҵара;
Урыстәыла аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рыцхыраара аиураз административтә ԥынгыла армаҷра;
Аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аиҿкаарақәеи електронтә формала рыҽрымадаразы алшарақәа;
Хыхь иаагоу адыррақәа инарықәыршәаны, СНИЛС автоматла ашәҟәҭагалара;
Урыстәылат алаларазы аԥкрақәа ыҟоу-иҟаму заанаҵ агәаҭара алыршара.
Аҳәаанырцәтәи атәылауаҩ данҭаргалак ашьҭахь, арзаҳал амч амоуп 90 мшы.
Абрифинг аҿы аԥсуа ган ахьӡала рхы аладырхәит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицура Адепартамент анаԥхгаҩы Џьемал Бганбеи аконсултә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Роман Цымцбеи.
Уаанӡа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны атәылауаа Урыстәыла ралара апроцедура ԥсахрада ишаанхо азы адырра ҟанаҵахьан.