https://sputnik-abkhazia.info/20250628/asny-aa-ashkolkhya-adkhalany-adrona-ryla-aazyaaraa-mayrgeit-1055607744.html
Аԥсны АҶА ашколхәыҷқәа адԥхьаланы адронқәа рыла аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит
Аԥсны АҶА ашколхәыҷқәа адԥхьаланы адронқәа рыла аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра ашколхәыҷқәа адԥхьаланы адронқәа рырԥырреи аӡааҟәрылара иаҿу ауаҩы адрон аҟынтәи... 28.06.2025, Sputnik Аҧсны
2025-06-28T18:10+0300
2025-06-28T18:10+0300
2025-06-28T22:14+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/1c/1055605725_0:256:2730:1792_1920x0_80_0_0_8bcaf891776f617b5f8b422fb8f07d90.jpg
АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра ашколхәыҷқәа адԥхьаланы адронқәа рырԥырреи аӡааҟәрылара иаҿу ауаҩы адрон аҟынтәи аԥсеиқәырхага гьежьы изылашьҭреи рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Аусмҩаԥгатәқәа Пицунда имҩаԥысит ҳәа еиҭеиҳәеит аконкурс "Аԥсны акоманда" афиналист, апроект аиҿкааҩ Демид Ҳагба. Ҳагба иажәа иацҵо иҳәеит ари ахырхарҭа ареспубликаҿы дырҿиарц ргәы ишҭоу, ахәыҷқәа рыдагьы, адуцәагьы адронқәа рыҭҵаареи рхархәашьеи ишалархәтәу. Иахьа Гагра араион аҿы иҟоу хә-школк рҿы дронла аԥырра ахьыддырҵо Алагаратә арратә зыҟаҵара (НВП — аред.) аурокқәа мҩаԥысуеит. Амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша №1 аиҳабы Алықьса Бениа иазгәеиҭеит ас еиԥш аҽазыҟаҵара Аԥсны раԥхьаӡа акәны ишымҩаԥысыз.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/06/1c/1055605725_0:0:2730:2048_1920x0_80_0_0_bbf3ef641e8302c6d638d3ae3ace0eda.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны АҶА ашколхәыҷқәа адԥхьаланы адронқәа рыла аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит
18:10 28.06.2025 (ирҿыцуп: 22:14 28.06.2025) АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра ашколхәыҷқәа адԥхьаланы адронқәа рырԥырреи аӡааҟәрылара иаҿу ауаҩы адрон аҟынтәи аԥсеиқәырхага гьежьы изылашьҭреи рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.
Аусмҩаԥгатәқәа Пицунда имҩаԥысит ҳәа еиҭеиҳәеит аконкурс "Аԥсны акоманда" афиналист, апроект аиҿкааҩ Демид Ҳагба.
"Ҳара ахәыҷқәа алаҳархәит аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа реиԥш иҟоу атехнологиақәа аграждантә усхк аҿы рхархәара шалшо рзеиҭаҳҳәарц, идҳарбарц. Ари арратә технологиа мацара акәымкәа, играждантә технологиангьы ишыҟоу, ауаҩы иеиқәырхаразы ахархәара шалшо еилыркаарц азы", — ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Ҳагба иажәа иацҵо иҳәеит ари ахырхарҭа ареспубликаҿы дырҿиарц ргәы ишҭоу, ахәыҷқәа рыдагьы, адуцәагьы адронқәа рыҭҵаареи рхархәашьеи ишалархәтәу. Иахьа Гагра араион аҿы иҟоу хә-школк рҿы дронла аԥырра ахьыддырҵо Алагаратә арратә зыҟаҵара (НВП — аред.) аурокқәа мҩаԥысуеит.
Амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша №1 аиҳабы Алықьса Бениа иазгәеиҭеит ас еиԥш аҽазыҟаҵара Аԥсны раԥхьаӡа акәны ишымҩаԥысыз.