https://sputnik-abkhazia.info/20250701/1055648775.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
01.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-01T13:01+0300
2025-07-01T13:01+0300
2025-07-01T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/01/1055648643_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_fc8c6da5207dd0cec7c5998babf7ad30.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Драндатәи №26 алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Жәлар Реизара адепутатрахь акандидатцәа рышәҟәҭаҩра хыркәшоуп ҳәа аанацҳауеит Алхратә комиссиа хада. Азакәан инақәыршәаны акандидатцәа рышәҟәҭаҩра иалагоит алхрақәа 50 мшы шрыбжьоу, ихыркәшахоит алхрақәа 30 мшы шрыбжьоу. Ауснагӡатәқәа хыркәшан рашәарамза 26 рзы. Акандидатцәа рҭагаларазы иарбаз аамҭа иҭагӡаны ашәҟәы иарбан кандидатк икандидатура ықәзыргылоз хаԥшьгаратә гәыԥк. Абасала, Драндатәи №26 алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Жәлар Реизара адепутатрахь дықәгылоуп — Асҭамыр Џьопуа. Иара алхратә кампаниа амҩаԥгаразы азин имоуп.
Ԥхынгәы 1 инаркны, Урыстәылатәи СИМ-картақәа змоу, аха абиометриа ззамҭаз аҳәаанырцәтәи атәылауаа рмобилтә еимадара аҿыххоит. Хымз инареиҳаны аус зымуаз аномерқәа иаразнак иаанкылахоит. Аус зуа аномерқәа хәҭа-хәҭала иаанкылахоит – аԥхьа жәларбжьаратәи аимадареи ақалақьтәбжьаратәи аимадареи, анаҩс – аинтернет аццакра ладырҟәуеит, 30 мшы рышьҭахь –аномер зынӡа иаҿыххоит.
Жәларбжьаратәи атуристтә журнал "Аԥснытәи аԥсшьарамшқәа" аҭыҵра иалагеит. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ажурнал аредактор хада Риҵа Анқәабԥҳа. "Иԥшӡаны аҳәаанырцә ирыдыркыло, насгьы Аԥсны ргәы иаахәаша аформала еиқәыршәоуп", — лҳәеит лара. Шықәсык иҭыҵраны иҟоу ажурналқәа ртемақәа аплан шьақәыргылоуп, ҩымз рахьтә знык иҭыҵлоит ҳәа азгәалҭеит Анқәабԥҳа.
* VII афестиваль GRAND OPERA GALA мҩаԥгахоит ԥхынгәымза 14-15 рзы Пицунда ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аоператә шәаҳәаҩы Саид Габечиа. Габечиа иажәақәа рыла, GRAND OPERA GALA аҳәаақәа ирҭагӡаны ԥшь-концертк мҩаԥгахоит, урҭ ирылахәхоит Ростовтәи асимфониатә орекест, ахор "Лик", иара убас иааԥхьоу Аԥсни Урыстәылеи рашәаҳәаҩцәа.Пицунда имҩаԥысуа афестиваль агәыҳалалратә ҟазшьа шамоу азгәеиҭеит иара, еидыркыло аԥарақәа амузыкатә школ иарҭоит.
Драндатәи №26 алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Жәлар Реизара адепутатрахь акандидатцәа рышәҟәҭаҩра хыркәшоуп ҳәа аанацҳауеит Алхратә комиссиа хада. Азакәан инақәыршәаны акандидатцәа рышәҟәҭаҩра иалагоит алхрақәа 50 мшы шрыбжьоу, ихыркәшахоит алхрақәа 30 мшы шрыбжьоу. Ауснагӡатәқәа хыркәшан рашәарамза 26 рзы. Акандидатцәа рҭагаларазы иарбаз аамҭа иҭагӡаны ашәҟәы иарбан кандидатк икандидатура ықәзыргылоз хаԥшьгаратә гәыԥк. Абасала, Драндатәи №26 алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы Жәлар Реизара адепутатрахь дықәгылоуп — Асҭамыр Џьопуа. Иара алхратә кампаниа амҩаԥгаразы азин имоуп.Ԥхынгәы 1 инаркны, Урыстәылатәи СИМ-картақәа змоу, аха абиометриа ззамҭаз аҳәаанырцәтәи атәылауаа рмобилтә еимадара аҿыххоит. Хымз инареиҳаны аус зымуаз аномерқәа иаразнак иаанкылахоит. Аус зуа аномерқәа хәҭа-хәҭала иаанкылахоит – аԥхьа жәларбжьаратәи аимадареи ақалақьтәбжьаратәи аимадареи, анаҩс – аинтернет аццакра ладырҟәуеит, 30 мшы рышьҭахь –аномер зынӡа иаҿыххоит. Жәларбжьаратәи атуристтә журнал "Аԥснытәи аԥсшьарамшқәа" аҭыҵра иалагеит. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ажурнал аредактор хада Риҵа Анқәабԥҳа. "Иԥшӡаны аҳәаанырцә ирыдыркыло, насгьы Аԥсны ргәы иаахәаша аформала еиқәыршәоуп", — лҳәеит лара. Шықәсык иҭыҵраны иҟоу ажурналқәа ртемақәа аплан шьақәыргылоуп, ҩымз рахьтә знык иҭыҵлоит ҳәа азгәалҭеит Анқәабԥҳа. * VII афестиваль GRAND OPERA GALA мҩаԥгахоит ԥхынгәымза 14-15 рзы Пицунда ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аоператә шәаҳәаҩы Саид Габечиа. Габечиа иажәақәа рыла, GRAND OPERA GALA аҳәаақәа ирҭагӡаны ԥшь-концертк мҩаԥгахоит, урҭ ирылахәхоит Ростовтәи асимфониатә орекест, ахор "Лик", иара убас иааԥхьоу Аԥсни Урыстәылеи рашәаҳәаҩцәа.Пицунда имҩаԥысуа афестиваль агәыҳалалратә ҟазшьа шамоу азгәеиҭеит иара, еидыркыло аԥарақәа амузыкатә школ иарҭоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/01/1055648643_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_c17b7d858c8eaed15e304f4ce9e2331e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио