https://sputnik-abkhazia.info/20250701/asny-aparlament-akh-26-ti-alkhrat-y-khada-any-alkhraa-alternativadakhoit-1055656546.html
Аԥсны Апарламент ахь 26-тәи алхратә ҭыԥ хада аҟны алхрақәа альтернативдахоит
Аԥсны Апарламент ахь 26-тәи алхратә ҭыԥ хада аҟны алхрақәа альтернативдахоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь 26-тәи алхратә ҭыԥ хада аҟны алхра альтернативада имҩаԥысуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Алхратә... 01.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-01T16:58+0300
2025-07-01T16:58+0300
2025-07-01T18:37+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/01/1053974319_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_42ff3f18a80b2545515caa15b2b1c787.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь 26-тәи алхратә ҭыԥ хада аҟны алхра альтернативада имҩаԥысуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан. Иара иажәақәа рыла, Драндатәи алхратә ҭыԥ хадаҿы алхырҭатә ҭыԥқәа 6 аартхоит, уа акандидат Асҭамыр Џьопуа заҵәык иоуп ашәҟәы иҭагалоу. Алхыҩцәа рсиақәа алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы ицәыргахоит абжьыҭара амҩаԥысра жәамш шагу. Алхрақәа рахь инеиз рхыԥхьаӡара ишьақәыргылоу аҳәаа аасҭа еиҵахар, Алхратә комиссиа хада алхрақәа еиҭамҩаԥнагоит. Урҭ ҩымз рыҩнуҵҟала имҩаԥысроуп.26-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала аиҭалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәымза 26 рзы. Ҿыц иалххо адепутат инапынҵақәа наигӡалоит хәажәкыра 2027 шықәсанӡа — Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара аусура аҿҳәара нҵәаанӡа.Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысит 2022 шықәса хәажәкырамзазы. Ари аҭыԥ аҿы депутатс далхын 50,28% бжьы зауыз Адгәыр Ҳаразиа. Ҳаразиа 2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 19 рзы Апарламент аҿы дхысит ҳәа гәҩарас дрымоуп, усҟан адепутат Вахтанг Гәаланӡиа дҭахеит, адепутат Кан Кәарҷиа ахәра иоуит. Ԥхынҷкәынмза 21 рзы Апарламент адепутатцәа Ҳаразиа адепутат илакьымсра имхразы рыбжьы рҭиит, лаҵарамза 20 рзы – идепутаттә зинмчрақәа заанаҵы раанкыларазы. Рашәара 14 рзы Адгәыр Ҳаразиа дааныркылеит АҩАР-и АШәМ-и русзуҩцәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/01/1053974319_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_aa6e3338a649edb276d65dd7b913225f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь 26-тәи алхратә ҭыԥ хада аҟны алхра альтернативада имҩаԥысуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
Иара иажәақәа рыла, Драндатәи алхратә ҭыԥ хадаҿы алхырҭатә ҭыԥқәа 6 аартхоит, уа акандидат Асҭамыр Џьопуа заҵәык иоуп ашәҟәы иҭагалоу. Алхыҩцәа рсиақәа алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы ицәыргахоит абжьыҭара амҩаԥысра жәамш шагу.
"Алхрақәа мҩаԥгахеит ҳәа иԥхьаӡахарц азы, алхыҩцәа рҟынтәи 25% рхы аладырхәыроуп. Урҭ рҟынтәи бжьеиҳала кандидатк далхтәуп", — иҳәеит Маршьан.
Алхрақәа рахь инеиз рхыԥхьаӡара ишьақәыргылоу аҳәаа аасҭа еиҵахар, Алхратә комиссиа хада алхрақәа еиҭамҩаԥнагоит. Урҭ ҩымз рыҩнуҵҟала имҩаԥысроуп.
26-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадала аиҭалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәымза 26 рзы. Ҿыц иалххо адепутат инапынҵақәа наигӡалоит хәажәкыра 2027 шықәсанӡа — Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара аусура аҿҳәара нҵәаанӡа.
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысит 2022 шықәса хәажәкырамзазы. Ари аҭыԥ аҿы депутатс далхын 50,28% бжьы зауыз Адгәыр Ҳаразиа. Ҳаразиа 2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 19 рзы Апарламент аҿы дхысит ҳәа гәҩарас дрымоуп, усҟан адепутат Вахтанг Гәаланӡиа дҭахеит, адепутат Кан Кәарҷиа ахәра иоуит.
Ԥхынҷкәынмза 21 рзы Апарламент адепутатцәа Ҳаразиа адепутат илакьымсра имхразы рыбжьы рҭиит, лаҵарамза 20 рзы – идепутаттә зинмчрақәа заанаҵы раанкыларазы. Рашәара 14 рзы Адгәыр Ҳаразиа дааныркылеит АҩАР-и АШәМ-и русзуҩцәа.