https://sputnik-abkhazia.info/20250702/1055666861.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
02.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-02T13:01+0300
2025-07-02T13:01+0300
2025-07-02T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/02/1055666729_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_c95d0ec98d509ce9467ad49bfe48cf27.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
32 шықәса раԥхьа, ԥхынгәы 2 1993 шықәсазы аԥсуа десант Очамчыра араион Тамшь ақыҭан иӡхыҵит. Аибашьцәа рҿаԥхьа хықәкыс иқәгылан амҩаду хада аанкылара, ақырҭуа архәҭақәа ацхыраараз Аҟәаҟа раамышьҭра. Убри аан аӷа ааха ирҭар акәын аҩада-мраҭашәаратәи афронт ацәаҳәала. Ииультәи ажәылара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алҵшәа зыӡбаз акәхеит. Акымкәа иманшәаламхаз аоперациақәа рышьҭахь, аԥсуа архәҭақәа даҽазнык ижәылеит ақырҭқәа ирымпыҵархалаз адгьылқәа рхақәиҭтәразы. Ари ажәылараҿы иҭахеит 60-ҩык аԥсуа еибашьцәа.
Тамшьтәи адесант аныӡхыҵыз иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Аԥсны. иАбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит атәыла ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, ахада иусбарҭа ахантәаҩы Беслан Ешба, адепутатцәа, аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, аветеранцәа ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Сынтәа Аԥсны 8-нызқь тонна рҟынӡа акарпыжә аҽаҩра аиура иазыԥшуп. Амшцәгьақәа ирыхҟьаны, аҭыԥантәи акарпыжәқәа абжьааԥны аасҭа ихьшәаны аџьармыкьаҿы ицәырҵит ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аминистрра агроном хада Ҭеваз Ачба. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, ҳазҭоу ашықәс азы ареспубликахь ишааргахьоу 13,5 тонна акарпыжә. Убри аан, аусбарҭа амаҵзурақәа 240 кьыла рҟынӡа аҳәаанырцәынтәи иааргаз акарпыжә ҽеим ҳәа азгәарҭахьеит. Изыхҟьазгьы анитратқәа рыҳаракра ауп.
Ԥхынгәы фба инаркны Аԥсны иахьаҵанакуа ҽынлатәи аҳауа аԥхарра шьҭыҵуеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳауагәаҭаҩ Асида Ахсалԥҳа. Ԥхынгәы 1 инаркны 3 рҟынӡа амшын иахьаԥнуи ашьхарахьи ақәоура азгәаҭоуп, аха ахьҭақәа ҟалаӡом ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара. Ԥхынгәы раԥхьатәи ажәамш рзы, уахынла аҳауа аԥхарра шьҭыҵуа иалагоит, насгьы еиҳа иҭышәынтәалоу аҳауа аԥхарра ҟалоит. Амза аҩбатәи азыбжазы, афырҭынтә ԥшасреи ақәаршҩи ҟалара алшоит.
32 шықәса раԥхьа, ԥхынгәы 2 1993 шықәсазы аԥсуа десант Очамчыра араион Тамшь ақыҭан иӡхыҵит. Аибашьцәа рҿаԥхьа хықәкыс иқәгылан амҩаду хада аанкылара, ақырҭуа архәҭақәа ацхыраараз Аҟәаҟа раамышьҭра. Убри аан аӷа ааха ирҭар акәын аҩада-мраҭашәаратәи афронт ацәаҳәала. Ииультәи ажәылара Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алҵшәа зыӡбаз акәхеит. Акымкәа иманшәаламхаз аоперациақәа рышьҭахь, аԥсуа архәҭақәа даҽазнык ижәылеит ақырҭқәа ирымпыҵархалаз адгьылқәа рхақәиҭтәразы. Ари ажәылараҿы иҭахеит 60-ҩык аԥсуа еибашьцәа. Тамшьтәи адесант аныӡхыҵыз иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Аԥсны. иАбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит атәыла ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, ахада иусбарҭа ахантәаҩы Беслан Ешба, адепутатцәа, аминистрцәа реилазаара алахәылацәа, аветеранцәа ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс". Сынтәа Аԥсны 8-нызқь тонна рҟынӡа акарпыжә аҽаҩра аиура иазыԥшуп. Амшцәгьақәа ирыхҟьаны, аҭыԥантәи акарпыжәқәа абжьааԥны аасҭа ихьшәаны аџьармыкьаҿы ицәырҵит ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аминистрра агроном хада Ҭеваз Ачба. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, ҳазҭоу ашықәс азы ареспубликахь ишааргахьоу 13,5 тонна акарпыжә. Убри аан, аусбарҭа амаҵзурақәа 240 кьыла рҟынӡа аҳәаанырцәынтәи иааргаз акарпыжә ҽеим ҳәа азгәарҭахьеит. Изыхҟьазгьы анитратқәа рыҳаракра ауп. Ԥхынгәы фба инаркны Аԥсны иахьаҵанакуа ҽынлатәи аҳауа аԥхарра шьҭыҵуеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳауагәаҭаҩ Асида Ахсалԥҳа. Ԥхынгәы 1 инаркны 3 рҟынӡа амшын иахьаԥнуи ашьхарахьи ақәоура азгәаҭоуп, аха ахьҭақәа ҟалаӡом ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара. Ԥхынгәы раԥхьатәи ажәамш рзы, уахынла аҳауа аԥхарра шьҭыҵуа иалагоит, насгьы еиҳа иҭышәынтәалоу аҳауа аԥхарра ҟалоит. Амза аҩбатәи азыбжазы, афырҭынтә ԥшасреи ақәаршҩи ҟалара алшоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/02/1055666729_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_11c700df9ec4e83bb885853377c8d086.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио