https://sputnik-abkhazia.info/20250702/1055675251.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
02.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-02T18:01+0300
2025-07-02T18:01+0300
2025-07-02T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/02/1055675119_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_2508953a0c65e858bbfdfa72ffb8c12d.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
2024 шықәсазы Аԥсны Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы аусбарҭаҿ 104 рзаҳал роуит. Ари шықәсык аԥхьатәи аасҭа 39 рзаҳал рыла еиҳауп ҳәа лҳәеит "Аԥсуа телехәаԥшра" аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы ахәыҷқәа рзы аомбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳа. Арзаҳалқәа аауан Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи. Џьынџьалԥҳа илҳәеит урҭ рҟнытә 80% қәҿиарала рҭыԥ ишықәҵаз. "Иҳаҩсызи уажәтәии аҳасабырбақәа рҟны, ҳара иҳазҳәаӡом 100% иҟоу ауадаҩрақәа зегь ҳаӡбеит ҳәа", — ҳәа азгәалҭеит лара. Арзаҳалқәа рҟынтәи 42% ақәымчратә хҭысқәа ирыдҳәалоуп. Ас еиԥш аилагарақәа рхыԥхьаӡара 2023 шықәса иаҿырԥшны иугозар, 3,1% рыла еиҵахеит.
Аԥсны аҭаацәара-уаажәларратә закәанԥҵара арҿыцра хымԥадатәиуп ҳәа азгәалҭеит ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы аппарат азиндырҩы Екатерина Лиаховецкаиа. 2024 ашықәазы ареспублика азакәанԥҵара иагқәоу ҳәа хадаратәла иалкаан — абикәынреи ахылаԥшреи рзы азакәани аҵарадырра иазку азакәани рыҟамзаара, ашьаус-нагӡаратә закәанԥҵара ариашарақәа аҭахны иҟоуп.
Ақалақьтә Еизара аилатәараҿы Аҟәа ақалақь агерб шьақәдырӷәӷәеит. Агерб азы аԥҟарақәа адепутатцәа ирыдыркылеит нанҳәамза 1998 шықәсазы. Уи аԥшьгаҩ, усҟантәи ақалақь ахада Гарри Аиба аилатәараҿы ақалақь агерб аԥҵаразы аицлабра рылеиҳәеит. Акомиссиа аихшьаалақәа рыла иалхын асахьаҭыхҩы Ҭемыр Ҟаитан иусумҭа. Иахьа ирыдыркылаз аԥҟара ҿыц аҿы адепутатцәа асимволқәа рыхҳәаа аҿы ахарҭәаарақәа аларгалеит, ишьақәдыргылеит агерб ахархәара аналшо, иахьалшо атәы.
Аԥснытәи аихамҩақәа" аҿы згәабзиаратә ҭагылазаашьа ԥку ауаа рзы адәыӷба аангыларҭақәа ринфраструктура арҿиара атәы иалацәажәеит. Аиԥылара иалахәын "Аԥсны акоманда" афиналистцәа – Аинклиузивтә туризм ассоциациа ахада Руслана Гьергьедааԥҳаи "Аԥснытәи аихамҩақәа" апассаџьырцәа рмаҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Емир Агрбеи. Дара рылацәажәеит аихамҩатә аангыларҭақәеи авокзалқәеи реиҭашьақәыргыларазы иҟоуи ԥхьаҟатәии апроектқәа аиҭарыхәаԥшра.
2024 шықәсазы Аԥсны Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы аусбарҭаҿ 104 рзаҳал роуит. Ари шықәсык аԥхьатәи аасҭа 39 рзаҳал рыла еиҳауп ҳәа лҳәеит "Аԥсуа телехәаԥшра" аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы ахәыҷқәа рзы аомбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳа. Арзаҳалқәа аауан Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи. Џьынџьалԥҳа илҳәеит урҭ рҟнытә 80% қәҿиарала рҭыԥ ишықәҵаз. "Иҳаҩсызи уажәтәии аҳасабырбақәа рҟны, ҳара иҳазҳәаӡом 100% иҟоу ауадаҩрақәа зегь ҳаӡбеит ҳәа", — ҳәа азгәалҭеит лара. Арзаҳалқәа рҟынтәи 42% ақәымчратә хҭысқәа ирыдҳәалоуп. Ас еиԥш аилагарақәа рхыԥхьаӡара 2023 шықәса иаҿырԥшны иугозар, 3,1% рыла еиҵахеит.Аԥсны аҭаацәара-уаажәларратә закәанԥҵара арҿыцра хымԥадатәиуп ҳәа азгәалҭеит ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы аппарат азиндырҩы Екатерина Лиаховецкаиа. 2024 ашықәазы ареспублика азакәанԥҵара иагқәоу ҳәа хадаратәла иалкаан — абикәынреи ахылаԥшреи рзы азакәани аҵарадырра иазку азакәани рыҟамзаара, ашьаус-нагӡаратә закәанԥҵара ариашарақәа аҭахны иҟоуп. Ақалақьтә Еизара аилатәараҿы Аҟәа ақалақь агерб шьақәдырӷәӷәеит. Агерб азы аԥҟарақәа адепутатцәа ирыдыркылеит нанҳәамза 1998 шықәсазы. Уи аԥшьгаҩ, усҟантәи ақалақь ахада Гарри Аиба аилатәараҿы ақалақь агерб аԥҵаразы аицлабра рылеиҳәеит. Акомиссиа аихшьаалақәа рыла иалхын асахьаҭыхҩы Ҭемыр Ҟаитан иусумҭа. Иахьа ирыдыркылаз аԥҟара ҿыц аҿы адепутатцәа асимволқәа рыхҳәаа аҿы ахарҭәаарақәа аларгалеит, ишьақәдыргылеит агерб ахархәара аналшо, иахьалшо атәы.Аԥснытәи аихамҩақәа" аҿы згәабзиаратә ҭагылазаашьа ԥку ауаа рзы адәыӷба аангыларҭақәа ринфраструктура арҿиара атәы иалацәажәеит. Аиԥылара иалахәын "Аԥсны акоманда" афиналистцәа – Аинклиузивтә туризм ассоциациа ахада Руслана Гьергьедааԥҳаи "Аԥснытәи аихамҩақәа" апассаџьырцәа рмаҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Емир Агрбеи. Дара рылацәажәеит аихамҩатә аангыларҭақәеи авокзалқәеи реиҭашьақәыргыларазы иҟоуи ԥхьаҟатәии апроектқәа аиҭарыхәаԥшра.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/02/1055675119_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_0a71f360e2591bd107e928da2075c4b2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио