https://sputnik-abkhazia.info/20250704/aby-ashkha-adesant-ataraan-iakhaz-afyrkhatsa-rgaladyrsheit-asny-1055736249.html
Ҳабҩықә ашьха адесант атәараан иҭахаз афырхацәа ргәаладыршәеит Аԥсны
Ҳабҩықә ашьха адесант атәараан иҭахаз афырхацәа ргәаладыршәеит Аԥсны
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik. Ҳабҩықә ашьха адесант атәараан иҭахаз афырхацәа ргәаладыршәеит Аԥсны. 04.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-04T19:00+0300
2025-07-04T19:00+0300
2025-07-04T21:18+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/04/1055732740_36:0:816:439_1920x0_80_0_0_795b1240f2253f9ae1a116d16ef7094d.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik. Ҳабҩықә ашьха адесант атәараан иҭахаз афырхацәа ргәаладыршәеит Аԥсны. Ашәҭқәа рышьҭаҵара рхы аладырхәит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгареи арруааи ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа. Абаталион "Горец" аҟынтәи 40-ҩык инареиҳаны аибашьцәа злахәыз адесанттә гәыԥ 1993 шықәса ииуль 4 рзы Ҳабҩықә астратегиатә ҳаракыраҿы итәарц рҽазыршәеит. 25-ҩык аибашьцәа роуп атәара зылшаз. Амчқәа еиҟарамызт, аӷа амца ӷәӷәала ирыжәиҵо далагеит, аха ҳаҷкәынцәа ирылшеит уи дыԥхьацаны иҭыԥ аанкылара. Ари ашьаарҵәыраҟны еиқәхеит 17-ҩык, урҭ рахьтә аӡәырҩы ахәра ӷәӷәақәа роуит. Аҟәа ахақәиҭтәразы Ҳабҩықә ашьха акраҵанакуан. Адесантцәа ара иаадырԥшыз афырхаҵара Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы илахьынҵаӡбагахеит. Иҭахаз рбаҟа аартын 2019 шықәсазы, уи аԥҵаразы усҟан икаҳаз авертолиот аԥҽыхақәа ахархәара рыҭан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/04/1055732740_133:0:718:439_1920x0_80_0_0_32d93f7e1fabae06c3e6dcf0da7816c5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Ҳабҩықә ашьха адесант атәараан иҭахаз афырхацәа ргәаладыршәеит Аԥсны
19:00 04.07.2025 (ирҿыцуп: 21:18 04.07.2025) АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik. Ҳабҩықә ашьха адесант атәараан иҭахаз афырхацәа ргәаладыршәеит Аԥсны.
Ашәҭқәа рышьҭаҵара рхы аладырхәит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра анапхгареи арруааи ҳәа
аанацҳауеит аусбарҭа.
Абаталион "Горец" аҟынтәи 40-ҩык инареиҳаны аибашьцәа злахәыз адесанттә гәыԥ 1993 шықәса ииуль 4 рзы Ҳабҩықә астратегиатә ҳаракыраҿы итәарц рҽазыршәеит.
25-ҩык аибашьцәа роуп атәара зылшаз. Амчқәа еиҟарамызт, аӷа амца ӷәӷәала ирыжәиҵо далагеит, аха ҳаҷкәынцәа ирылшеит уи дыԥхьацаны иҭыԥ аанкылара. Ари ашьаарҵәыраҟны еиқәхеит 17-ҩык, урҭ рахьтә аӡәырҩы ахәра ӷәӷәақәа роуит.
Аҟәа ахақәиҭтәразы Ҳабҩықә ашьха акраҵанакуан. Адесантцәа ара иаадырԥшыз афырхаҵара Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы илахьынҵаӡбагахеит. Иҭахаз рбаҟа аартын 2019 шықәсазы, уи аԥҵаразы усҟан икаҳаз авертолиот аԥҽыхақәа ахархәара рыҭан.