Ақалақьқәа Аҟәеи Самареи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
10:54 05.07.2025 (ирҿыцуп: 12:46 05.07.2025)
© Sputnik / Томас ТхайцукСухум и Самара подписали соглашение об осуществлении международных и внешнеэкономических связей

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
2016 шықәса раахыс Аҟәа ақалақь амш есышықәса иазгәарҭоит ԥхынгәымза раԥхьатәи асабшаз.
АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Аҟәеи Самареи жәларбжьаратәии адәныҟатәии аекономикатә еизыҟазаашьақәа рынагӡаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Анапы аҵарҩит ақалақьқәа рхадацәа Ҭемыр Агрбеи Иван Носкови.
Агрба иазгәеиҭеит, анапаҵыҩра аусеицуреи, аиҩызареи, аилибакаареи рзы иӷәӷәоу цҳаны ишыҟало.
Иван Носков Аҟәа ақалақь анапхгареи ақалақь ауааԥсыреи Ақалақь амш рыдиныҳәалеит.
"Шәара шәахь саацыԥхьаӡа избоит аԥсҭазаара аҽшаԥсахуа, ақалақь шаҟа аҽаԥсахуа, ишҿио. Уи гәахәарыла сахәаԥшуеит, избан акәзар, аԥшӡареи абзиабареи рыла иҭәу аԥсҭазаара, адгьыл, аҿиара, ашьақәгылара салахәзар сҭахуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аганқәа агәаларшәаратә ҳамҭақәа еимырдеит.