https://sputnik-abkhazia.info/20250707/1055798247.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
07.07.2025, Sputnik Аҧсны
2025-07-07T18:01+0300
2025-07-07T18:01+0300
2025-07-07T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/07/1055798115_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_58e205eee19b6810c29edbd55230bcce.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аенергетика аминистр Баҭал Мышәба Урыстәыла аенергетика Аминистрра аҿы имҩаԥгаз аусуратә еилатәара ихы алаирхәит.Аганқәа аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» ахаҭарнакцәагьы.
Фазиль Искандер имҩаҿы акаҭран ашьҭаҵара иалагеит ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ахадара апресс-маҵзура. Иҷыдоу амаҵзурақәа 320 метра зоура ыҟоу амҩа актәи ахҟьа шьҭарҵеит. "Ауааԥсыра аҳәарақәа рацәаны иҟарҵахьан. Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба ажәа риҭеит иаарласӡаны аусурақәа шынагӡахо азы", —иҳәеит аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.Иара иажәақәа рыла, аусурақәа жәамш ирылагӡаны ихыркәшахарц азԥхьагәаҭоуп, анаҩс ашьаҟауаа рымҩа шьҭарҵоит, алашарбагатә шьаҟақәа рыԥсахуеит, аҵлақәа еиҭарҳауеит.Аҳҭнықалақь абиуџьет аҟынтәи ари амҩа ашьҭаҵаразы 16 миллион мааҭ инареиҳаны иазоужьуп.
Цандрыԥшьтәи ашкол-интернат аҿы Жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" аатит иҳәеит Аҵара аминистрра аматериал-техникатә ҟәша аиҳабы Радам Кәырт-оӷлы."Аҭыԥантәи арҵаҩцәеи урыстәылатәи рколлегацәеи дареи рԥышәа еимырдоит, аҟазара-классқәа мҩаԥыргоит, рзанааҭтә дыррақәа рыҩаӡара еиздырҳауеит. Иааидкыланы 250-ҩык инареиҳаны алахәылацәа ыҟоуп, урҭ рҟынтәи 200-ҩык ашколтә қәра иҭагылоу ахәыҷқәа роуп, егьырҭ арҵаҩцәеи ажәахәҟаҵаҩцәеи роуп", — ҳәа иазгәеиҭеит иара.Аԥхынтәи ашкол мҩаԥысуеит ԥхынгәымза 20 рҟынӡа. Уи рхы аладырхәуеит Урыстәыла арегионқәа 49 рҟынтәи ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи.
Урыстәыла уаанӡатәи атранспорт аминистр Роман Старовоит иҽишьит Подмосковие иатәу Одинцово ақалақь аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.Старовоит иԥсыбаҩ рыԥшааит иара ихатәы машьынаҿы.Старовоит 2024 шықәса лаҵарамза инаркны Урыстәыла атранспорт аминистрс дыҟан. Ашәахьа ашьыжь ахада иусԥҟала иара имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәын.
Очамчыра ақалақь амш сынтәа иазгәарҭоит асабша, ԥхынгәымза 13 рзы. Аныҳәа шеиҿкаахо атәы арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит араион акультура аҟәша аиҳабы Амра Булисқьериаԥҳа.Лара лажәақәа рыла, аусмҩаԥгатәқәа ирылагоит асааҭ 11:30 рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Асааҭ 12:00 инаркны амшын аԥшаҳәа еиуеиԥшым ахәҭақәа рҿы ақыҭанхамҩатә аалыҵи анапкымҭақәеи рцәыргақәҵа, Очамчыратәи аҟазаратә школ аушьҭымҭацәа рцәыргақәҵа, асахьаҭыхразы аҟазара-классқәа, амузыка иахьазыӡырҩыша акәакьқәа ҟалоит лҳәеит .Аныҳәатә программа хнаркәшоит аконцерт асааҭ 20:00 рзы.
Аԥсны аенергетика аминистр Баҭал Мышәба Урыстәыла аенергетика Аминистрра аҿы имҩаԥгаз аусуратә еилатәара ихы алаирхәит.Аганқәа аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» ахаҭарнакцәагьы. Фазиль Искандер имҩаҿы акаҭран ашьҭаҵара иалагеит ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ахадара апресс-маҵзура. Иҷыдоу амаҵзурақәа 320 метра зоура ыҟоу амҩа актәи ахҟьа шьҭарҵеит. "Ауааԥсыра аҳәарақәа рацәаны иҟарҵахьан. Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба ажәа риҭеит иаарласӡаны аусурақәа шынагӡахо азы", —иҳәеит аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.Иара иажәақәа рыла, аусурақәа жәамш ирылагӡаны ихыркәшахарц азԥхьагәаҭоуп, анаҩс ашьаҟауаа рымҩа шьҭарҵоит, алашарбагатә шьаҟақәа рыԥсахуеит, аҵлақәа еиҭарҳауеит.Аҳҭнықалақь абиуџьет аҟынтәи ари амҩа ашьҭаҵаразы 16 миллион мааҭ инареиҳаны иазоужьуп. Цандрыԥшьтәи ашкол-интернат аҿы Жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" аатит иҳәеит Аҵара аминистрра аматериал-техникатә ҟәша аиҳабы Радам Кәырт-оӷлы."Аҭыԥантәи арҵаҩцәеи урыстәылатәи рколлегацәеи дареи рԥышәа еимырдоит, аҟазара-классқәа мҩаԥыргоит, рзанааҭтә дыррақәа рыҩаӡара еиздырҳауеит. Иааидкыланы 250-ҩык инареиҳаны алахәылацәа ыҟоуп, урҭ рҟынтәи 200-ҩык ашколтә қәра иҭагылоу ахәыҷқәа роуп, егьырҭ арҵаҩцәеи ажәахәҟаҵаҩцәеи роуп", — ҳәа иазгәеиҭеит иара.Аԥхынтәи ашкол мҩаԥысуеит ԥхынгәымза 20 рҟынӡа. Уи рхы аладырхәуеит Урыстәыла арегионқәа 49 рҟынтәи ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи. Урыстәыла уаанӡатәи атранспорт аминистр Роман Старовоит иҽишьит Подмосковие иатәу Одинцово ақалақь аҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.Старовоит иԥсыбаҩ рыԥшааит иара ихатәы машьынаҿы.Старовоит 2024 шықәса лаҵарамза инаркны Урыстәыла атранспорт аминистрс дыҟан. Ашәахьа ашьыжь ахада иусԥҟала иара имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәын. Очамчыра ақалақь амш сынтәа иазгәарҭоит асабша, ԥхынгәымза 13 рзы. Аныҳәа шеиҿкаахо атәы арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит араион акультура аҟәша аиҳабы Амра Булисқьериаԥҳа.Лара лажәақәа рыла, аусмҩаԥгатәқәа ирылагоит асааҭ 11:30 рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Асааҭ 12:00 инаркны амшын аԥшаҳәа еиуеиԥшым ахәҭақәа рҿы ақыҭанхамҩатә аалыҵи анапкымҭақәеи рцәыргақәҵа, Очамчыратәи аҟазаратә школ аушьҭымҭацәа рцәыргақәҵа, асахьаҭыхразы аҟазара-классқәа, амузыка иахьазыӡырҩыша акәакьқәа ҟалоит лҳәеит .Аныҳәатә программа хнаркәшоит аконцерт асааҭ 20:00 рзы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/07/07/1055798115_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_08441b67f9657de734c8afadaea68ed8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио